Sputnik амчыбжь: Тҟәарчалтәи аҿагылара, аныхаԥааҩ иаҭара, Аԥсуа каппела ақәгылара

© Sputnik / Томас ТхайцукЕлыр-ныха аныхаԥааҩ Анцза димҵаныҳәоит
Елыр-ныха аныхаԥааҩ Анцза димҵаныҳәоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит ареспубликаҿы иҳаҩсыз амчыбжь азы иҟалаз ахҭыс хадақәа рыхҳәаа.

Ииасыз амчыбжь азы Тҟәарчал араион ахада Аида Чачхалиаԥҳа лусура нлыжьроуп ҳәа акциа мҩаԥысит, Апарламент адемографиатә политиказы азакәан апроект аус аднаулеит, Аҵәахырҭатә банк акредиттә программа аусура иацнаҵеит, Аԥсуа капелла Шәача иқәгылеит.

Сариа Кәарцхьиаԥҳа, Sputnik

Аԥҳәыс илҿагылоу ақәгылара

Ахәаша, жәабран 21 рзы Тҟәарчал ақалақь ахадара аҿаԥхьа еизеит гәыԥҩык атәылауаа. Дара ахыбра аҩналарҭа ашә ршәаҳаит, араион ахада Аида Чачхалиаԥҳа дықәҵроуп ҳәа иқәгылеит. Активистцәа уи дықәҵразы ирымоу амзызқәа рҳәеит:

  • Лара илымоу административтә ресур лхы иархәаны алхрақәа анырра рылҭар лылшоит хазы игоу кандидатк изы лгәы злаҭоу ала.
  • Лара ақалақь арҿиаразы акгьы ҟалымҵеит.
  • Лара дыԥҳәысуп.

Чачхалиаԥҳа лажәақәа рыла, уажәтәи аҿагыларатә акциа мҩаԥызго аамҭақәак раԥхьа "Амцахара" ахьӡала иааины илықәмақаруаз роуп ҳәа. Уажәы дара ирывагылоуп аиҳабацәагьы. Аслан Бжьаниа иакәзар, арҭ аҿагыларатә акциақәа ртәы акгьы шизымдруа, иҳәеит Тҟәарчалҟа аӡәгьы амҩа дшықәимҵаз, асеиԥш иҟоу аметодқәагьы дышрыдгылаҩым.

© Foto / предоставлено очевидцем Тҟәарчал имҩаԥысуаз аҿагыларатә акциа
Sputnik амчыбжь: Тҟәарчалтәи аҿагылара, аныхаԥааҩ иаҭара, Аԥсуа каппела ақәгылара - Sputnik Аҧсны
Тҟәарчал имҩаԥысуаз аҿагыларатә акциа

Араион ахадара ахыбрахь инеит Аида Чачхалиаԥҳа илыдгылогьы. Зынӡа шәҩык инарзынаԥшуа ауаа еизеит. Ахада лыдгылаҩцәеи иааизи рыбжьара аидысларақәа ҟалеит. Ԥыҭрак ашьҭахь азинхьчаратә усбарҭақәа аҭагылазаашьа рнапахьы иааргеит.

Аида Чачхалиаԥҳа зыхә рымшәо аԥсшьарамшқәа лымазарц атәыла ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба аусԥҟа инапы аҵаиҩит. Тҟәарчал араион ахада инапынҵақәа наигӡалоит ахада ихаҭыԥуаҩ Витали Кәыҵниа.

Ахьышьҭрахь ахынҳәра

Аҵыхәтәантәи аубых ҭауад Ҳаџьы Берзеқь Кьарантыхә ихылҵшьҭроу Руслан Берзеқь Быҭха-ныха ныхаԥааҩыс далырхит жәабран 20 рзы. Иара иахьатәи Шәача иахьаҵанакуа иҟоу абыжьбатәи аԥсуа ԥшьаҭыԥ Быҭха амаҵ азиулараны дыҟоуп.

Руслан Берзеқь 12 шықәса ирықәуп иабшьҭра адагьы аубых жәлар рбызшәа, ркультура, рдин аиҭашьақәыргылара аус азиуеижьҭеи.

© Sputnik / Томас ТхайцукРуслан Берзеқь Быҭха-ныха аныхаԥааҩс иҟаҵаразы данырныҳәоз
Sputnik амчыбжь: Тҟәарчалтәи аҿагылара, аныхаԥааҩ иаҭара, Аԥсуа каппела ақәгылара - Sputnik Аҧсны
Руслан Берзеқь Быҭха-ныха аныхаԥааҩс иҟаҵаразы данырныҳәоз

 

Аԥсуа жәытә-натә аахыс рыдгьыл аныхахәқәа быжьба: Дыдрыԥшь-ныха, Лашькьындар-ныха, Лӡаа-ныха, Лых-ныха, Елыр-ныха, Инал-Ҟәыба, Быҭҳа ирыхьчоны иршьон. Иахьатәи аамҭазы ф-ныхак рымаҵ руеит.

Быҭа, ма Аублаа рныха – аубых жәлар, 1864 шықәсанӡа Шәача иахьаҵанакуа инхоз, Кавказтәи аибашьра иахырҟьаны зыԥсадгьыл ахыҵра зықәшәаз. ирыԥшьаныхоуп. 2012 шықәса рзы иҟаҵан раԥхьатәи ашьаҿа аԥсуа жәлар ртрадициатә дин азакәанеиҿкаара аҭаразы. Иаԥҵан "Аныхаԥааҩцәа рхеилак".

Аԥеиԥш азы

Аҵыхәтәантәи жәашықәса рзы адемографиатә ҭагылазаашьа акыр ибааԥсхеит, аира акоеффициент ҩынтә еиҵахеит. Убри инамаданы Аԥсны Апарламент аҿы аус адулоуп адемографиатә политиказы азакәан апроект. Ахықәкытә программа апрограмма маҷқәа рыла еихыршарц рыӡбеит: ахәҭак аҭаацәара қәыԥшқәа нхарҭала реиқәыршәара иазырхоуп, егьи – усурҭаҭыԥла, ахԥатәи – амедицинатә цхыраара. 

Сбербанк  - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Аҵәахырҭатә банк ауааԥсыра акредит рыҭара апрограмма хацнаркуеит

Ауалҳәара азҵаара

Аԥсны Аҵәахырҭатә банк ауааԥсыра акредит рыҭара апрограмма хацнаркуеит жәабран 24 инаркны Аҟәа ақалақь аҿы, хәажәкыра 2 инаркны ареспублика араионқәа рҿы. Апрограмма аԥсахрақәа алагалоуп – иаԥыхуп 48% иҟаз акредит рццакқәа. Асеиԥш аӡбара рыдкылан ауааԥсыра ирымаз агәынамӡара ихырҟьаны.

Абанк аклиентцәа шықәсабжак ҳәа акредит ргар рылшоит 24% рыла, уи акредит ашәагаа ф-пенсиак ма ф-уалафахәык ираҟаразар, 10-мз ҳәа иргозар - 36% рыла, 10 пенсиак ма 10 уалафахәык ираҟараны. Ҽнак ала атәыла зегьы аҿы 25 кредит рырҭалоит.

Благотворительный концерт Сила музыки - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа капелла Шәачатәи афестиваль аҟны иқәгылеит

Шәача адунеитә премиера Аԥснытәи акапеллаҟынтәи

Аԥснытәи акапелла ахортә опера "Бориси Глеби рзы ажәабжь ду" иаланы Иури Башмет напхгара ззиуа XIII Аӡынтәи жәларбжьаратәи аҟазара афестиваль аҿы иқәгылеит жәабран 17 рзы, ауарӷантәи акамертәи музыка аконцерттә зал аҟны. Уи адунеитә премиера акәын.

Ахортә опера "Бориси Глеби рзы ажәабжь ду" иара убасгьы иалахәын: Москватәи аконсерваториа акамертә хор, Тулатәи аҳәынҭқарратә хор, Нижни Новгород Амуниципалтә камертә хор, жәлартә хор.

Александр Чаиковски ирҿиамҭа "Бориси Глеби рзы ажәабжь ду" – ҭоурыхтә рҿиамҭоуп, Урыстәыла XI ашәышықәсазтәи ахҭысқәа рыӡбахә аҳәоит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0