Аԥсны Аҵәахырҭатә банк ауааԥсыра акредит рыҭара апрограмма хацнаркуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукСбербанк
Сбербанк  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҵәахырҭатә банк ауааԥсыра акредит рыҭара апрограмма ааннакылеит 2019 шықәса ԥхынгәы 1 азы аԥаратә дефицит иахҟьаны.

АҞӘА, жәабран 18 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны Аҵәахырҭатә банк ауааԥсыра акредит рыҭара апрограмма хацнаркуеит жәабран 24 инаркны Аҟәа ақалақь аҿы, хәажәкыра 2 инаркны ареспублика араионқәа рҿы. Абри атәы иҳәеит Аԥсны Амилаҭтә банк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа.

Аԥсны аҵәахырҭатә банк акредиттә аалыҵ Ахархәаратә аиушьа - Sputnik Аҧсны
Аԥсны аҵәахырҭатә банк акредиттә аалыҵ "Ахархәаратә" аиушьа

"Ишыжәдыруа еиԥш Аԥсны Аҵәахырҭатә банк ауааԥсыра акредит рыҭара апрограмма ааннакылеит 2019 шықәса ԥхынгәы 1 азы аԥаратә дефицит иахҟьаны. Уи зыхҟьаз Аҵәахырҭатә банк 500 миллион мааҭ акредит ахьоунажьыз ауп 2019 шықәса актәи азыбжазы. 2019 шықәса анҵәамҭеи 2020 шықәса алагамҭеи рзы абанк аҭагылазаашьа еиӷьнатәит, акредитзоужьразгьы алшара аиуит", - иҳәеит Бараҭелиа.

Бараҭелиа иара убасгьы иазгәеиҭеит апрограмма аԥсахрақәа шалагалоу – иаԥыхуп 48% иҟаз акредит рццакқәа. Асеиԥш аӡбра рыдкылан ауааԥсыра ирымаз агәынамӡара ихырҟьаны.

"Жәабран-хәажәкыра амзақәа рзы "атәанчахәытәи", "аулафахәытәи" кредит ҟаҵара ҳалагоит. Изҭаху акредит игар ҟалоит 24% ҳәа ииго аԥара 6 тәанчахәык еиҳамзар, 36% - 10 тәанчахәык", - иҳәеит иара.

Аԥсны Аҵәахырҭатә банк ауааԥсыра акредит рыҭара апрограмма "Ахархәаратәгьы" рыҭара азыԥхьагәанаҭоит. Апрограмма анхацыркхо макьаназ ишьақәыргылам.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0