Аслан Бжьаниа дызҭаз авертолиот Краснодар итәеит

© Sputnik / Евгений Епанчинцев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВертолет санавиации
Вертолет санавиации - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аслан Бжьаниа Краснодарҟа асанитартә авиациа иатәу авертолиот ала днагоуп шәачатәи ахәышәтәырҭаҟынтәи.

АҞӘА, хәажәкыра 2 – Sputnik. Аслан Бжьаниа дызҭаз авертолиот Краснодар итәеит ҳәа аарыцҳауеит акандидат иштаб аҟынтәи.

Аԥсны агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашкои Краснодартәи атәылаҿацә агәабзиарахьчара аминистр Евгени Филиппови рахь аҳәара ҟаиҵеит Аслан Бжьаниа излалшо ала ацхыраара ирҭарц азы. Абри атәы Sputnik иазеиҭарҳәеит аминистрра апресс-маҵзураҿы.

Аԥсны ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа Краснодарҟа дшиарго азы аҳәамҭа ҟаиҵахьан акандидат иштаб аиҳабы Александр Анқәаб. Иара убасгьы адырра ыҟоуп аштабқәа рагитациатә усурақәа шаанкылахо азы.

Леонид Лакербаиа - Sputnik Аҧсны
Леонид Лакербаиа Бжьаниа иштаб апозициазы: ҳара ҳада алхрақәа ҟалом

Хәажәкыра 2 рзы Аԥсны ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа Шәачантәи Аԥсныҟа амҩа дшықәыз игәы бааԥсхан, Шәачатәи ахәышәтәырҭа дҭашәеит. Аамҭақәак рышьҭахь асанитартә авиациа авертолиот ала Бжьаниа Краснодартәи ахәышәтәырҭақәа руак ахь диагахеит.

Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Раули Смыр иажәақәа рыла Бжьаниа иҭагылазаашьа хьанҭоуп.

Ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба Ашәарҭадаратә хеилак алахәылацәа алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит, апрокурор хада инапы ианиҵеит ахҭыс аҭҵаара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0