Акциа алахәылацәа аиҳабыреи араионқәа рхадацәеи рнапынҵақәа шьҭарҵароуп рҳәоит

© SputnikСобравшиеся у Кабмина вошли внутрь здания
Собравшиеся у Кабмина вошли внутрь здания - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хышәҩык инарзынаԥшуа Аслан Бжьаниа идгылаҩцәа хәажәкыра 3 рзы Аминистрцәа реилазаара ахыбрахь инеиит. Бжьаниа идгылаҩцәа Валери Бганба инапынҵақәа шьҭеиҵарц, алхрақәа ҟалаанӡа апарламенттә напхгара ҟаларц адҵа ҟарҵоит.

АҞӘА, хәажәкыра 3 – Sputnik. Аминистрцәа реилазаара аҿаԥхьа еизаз акциа алахәылацәа аиҳабыреи араионқәа рхадацәеи АКХи рнапынҵақәа шьҭарҵароуп рҳәоит. Абри атәы ааицҳауеит Sputnik акорреспондент.

Еизаз рыхәҭак Аминистрцәа реилазаара ахыбра аҩныҵҟа иҩналеит, ахԥатәи аихагылаҿы Валери Бганбеи дара рхаҭарнакцәеи ахьеилацәажәо ахь ихалеит.

Акциа алахәылацәа Аԥсны аиҳабыреи араионқәа рхадацәеи АКХи рнапынҵақәа шьҭарҵароуп рҳәоит.

Убри аан ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа иштаб аҿагыларатә акциа аус алам ҳәа Sputnik акорреспондент иеиҳәеит аштаб анапхгаҩы Александр Анқәаб.

Хәажәкыра 2 рзы Аԥсны ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа Шәачантәи Аԥсныҟа амҩа дшықәыз игәы бааԥсхан, Шәачатәи ахәышәтәырҭа дҭашәеит. Аамҭақәак рышьҭахь асанитартә авиациа авертолиот ала Бжьаниа Краснодартәи ахәышәтәырҭақәа руак ахь диагахеит.

Аԥсны ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа Краснодарҟа дшиарго азы аҳәамҭа ҟаиҵеит акандидат иштаб аиҳабы Александр Анқәаб.

Иахьа, хәажәкыра 3 рзы Аԥсны ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа акома далҵит, ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит ихаҭарнак Ренат Қарчаа.

Аслан Бжания - Sputnik Аҧсны
Аслан Бжьаниа акома далҵит

"Адинамика бзиа убартә иҟоуп. Акома ԥсабаратәны акәымкәа хәшәыркыла далагалан. Уажәы уи далгоуп. Аслан Бжьаниа иԥсҭазаара шәарҭара иҭагылам", - иҳәеит иара.

Аԥсны агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рминистр Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашкои Краснодартәи атәылаҿацә агәабзиарахьчара аминистр Евгени Филиппови рахь аҳәара ҟаиҵеит Аслан Бжьаниа излалшо ала ацхыраара ирҭарц азы.

Хәажәкыра 2 рзы Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа изаамҭанытәим аилатәара мҩаԥыргеит ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа игәамбзиара инадҳәаланы, ирылацәажәан акомиссиа ҷыда аԥҵареи алхрақәеи рызҵаара.

Уаанӡа Валери Бганба Ашәарҭадаратә хеилак ахаҭарнакцәа алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит. Апрокурор хада инапы ианҵоуп аҭагылазаашьа аҭҵаара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0