Иара аԥсҭазаара агәра игон, ма ииҳәарыз Таиф Аџьба иахьа дҳалагылазар

© Foto / из личного архива семьи АджбаПоэт Таиф Аджба на сухумском причале
Поэт Таиф Аджба на сухумском причале - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҳааигәара дыҟазҭгьы сынтәа 81 шықәса ихыҵуан Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра аамҭазы хабарда ибжьаӡыз апоет Таиф Аџьба. Ааԥын ааира агәы аԥхарра ишазнарҳаугьы, ааԥын раԥхьатәи ахәҭа иалиааз апоет илахьынҵа алахьеиқәра ааҳацнарсуеит.

Схәыцуеит еснагь, ииҳәарыз Таиф Аџьба иахьа дҳалагылазар? Аибашьра ҟалаанӡа Аԥсны ахьыԥшымра зыԥхыӡ иалаз апоет, ҳазҭагыло аамҭа агәахәа инамҭарызшәа сыҟоуп. Дызҿызаалакгьы иаԥсуара иҟазшьа ианыԥшуан "сара саԥсуара сзахымԥеит, уи сахыԥартә илаҟәымхеит" зҳәоз апоет. Хымԥада иахьатәи аамҭа дшахьымӡаз еиҳа иҳақзар ҟалап, иара дзызхәыцуази, ҳазлагыло аполитикатә ҟыбаӡыбеи еиҿыбааны ҳахәаԥшуазар.

Поэт Таиф Аджба  - Sputnik Аҧсны
Ихнымҳәыз апоет: Таиф Аџьба игәаларшәаразы

Апоет Таиф Аџьба аҵыхәтәантәи иажәеинраалақәа иҩит 1992 шықәсазы нанҳәамза 1-5 рыбжьара. Абар апоет дзызхәыцуаз аибашьра алагамҭазы:

"Сара аԥсҭазаара агәра згон,

Иҵегь еиӷьхашашәа збон,

Ашәа сҳәон, исҳәон, исҳәон,

Агәы шьҭысхырц исырҽхәон…"

Иахьанӡагьы злахьынҵа еилкаам апоет, илирикатә жәеинраалақәа реиԥш, ҳлитература иазынижьит аиҭагамҭа ҟаимаҭқәа. Аурыс классика акыр иазҿлымҳаз апоет, аԥсшәахь еиҭеигон еиҳа игәы иақәшәоз Александр Пушкин, Михаил Светлов, Михаил Лермонтов, Николаи Некрасов, Римма Казакова, Белла Ахмадулина уҳәа илыԥшаахыз ражәеинраалақәа. Апоезиа захьӡу ианеиҭоуго ибжьаӡыз ауп шырҳәогьы, аӡәырҩы ишазгәарҭахьо еиԥш, аурыс классика аԥсшәахь ҟаимаҭла еиҭоугар ауеит. Уи шьақәнарӷәӷәоит Таиф иеиҭагамҭақәа уанрыԥхьо. Абар, еицырдыруа Лермонтов иажәеинраала "Воздушный корабль" (Аԥраӷба) апоет ԥсышәала иширцәажәаз:

Амшын еиужь ду ацәқәырҧараҿ,

Аеҵә анкыдло жәҩангәы,

Ӷбак неиуеит убысҟан ахала,

Аҧрақәа еиҵых иццакны.

Иҵысуам амызгәыҭ иахагылоу,

Шьҭыбжьыкгьы мыргакәа иласуеит.

Ихьшәашәаӡа аҭыџь бзарбзанқәа

Ахышәқәа рыҽкылак иҧшуеит.

Акыр иқәҿиароуп ҳҳәар ауеит аԥсшәахь ишиаигаз Светлов и-Гренада.

О, сқәацә хәыҷ ааныжьны,

Уахь сцоит еибашьра,

Адгьылқәа рзысшарц

Нхаҩыжәлар убра.

Шәынсыжьуеит, нас, сашьцәа!

Шәымшәан сара сзы!

Гренада, Гренада,

Гренада сыԥсы".

Араҟа иубоит автор иритм иҽҭагӡаны, ажәеинраала иаҵо ипатриоттәу ахәыцрақәа реиқәырхара иҽшазишәо аиҭагаҩ.

Таиф иеиҭагамҭақәа рҿы иуԥылоит Аԥсны иаахьаз, аԥсуаа здыруаз аурыс шәҟәыҩҩцәа ражәеинраалақәа. Абар апоет шьахә Римма Казакова Аԥсны Жәлар рпоет Мушьни Лашәриа ихьӡнылҩылаз ԥсышәала ишеиҭагоу:

Кәтол ақыҭа жәытә агәҭа,

Абар Мушьни иҩнаҭа,

Аԥацха аҿаԥхьа астол ду гылоуп.

Шәааи анырҳәа, зегь еицны,

Аԥсуаҵас инеибарԥшны,

Инеишьҭалт еиҳаб-еиҵбыла.

Аурыс поезиа апоет иԥсҭазаараҿ аҭыԥ ду аман, уи ихатәы библиотека ҭәын иреиӷьу аурыс шәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәа рыла.

Таиф Аџьба ирҿиара ахырхарҭақәа рацәан, апоезиа, апроза, аиҭагақәа, астатиақәа уҳәа, амуза инаҭоз зегь рҿы иҽԥишәон. Поетк иаҳасабала Таиф акыр дҭышәынтәаланы даныҟала ашьҭахь, иҽазишәо далагеит ажәабжь кьаҿқәа рыҩра. Урҭ ажәабжьқәа еиҳарак лаф ажәабжьқәан. Иахьеиԥш исгәалашәоит аҩны данаҳзаԥхьоз. Иара ишиҳәоз ала, инапы злеикыз ажәабжь кьаҿқәа данхәыҷыз иаҳаз, иибаз ирхылҿиааит. Дара рхыԥхьаӡарагьы рацәам, иааидкыланы ҩажәаҟа жәабжь роуп иҟоу.

"Макьана ҳәагьы уаҩы ихьӡыртәуоу, аха иара Макьана ҳәа иарҳәон. Уи ауаҩ ҳқыҭа даналанагала раԥхьаӡа ҳара ҳаҩныҟа дымҩахыҵит",- абас дналагоит апоет иажәабжь кьаҿ "Макьана" ихәыҷра ашықәсқәа рзы иибахьаз асахьақәа ҭыхуа.

Таиф Аджба - Sputnik Аҧсны
Згәыхәтәы иахьырмыгӡаз апоет

Таиф алафҳәара дазҟазан, убри аҟынтә, иажәабжь кьаҿқәа рҿы илаф еиҳа еиужьны ахархәара амоуп иажәеинраалақәа рҿы аасҭа. "Агыртә" захьӡу иажәабжьгьы, агыруа хартәас дызмаз аԥҳәыс илызкуп: "Сыҷкәын Самажә ирымшраны иршаз дҭаҳәахаа дыцәоуп ҳәа сшыҟаз, ҳашьҭыбыжьқәа иаҳаны дҿыхазаап, ҳагьеидибалазаап схартәажәи сареи, абарҵа дааҵагылан акәыкәыҳәа аҿыҭра далагеит Алҵыкә иахь: -Ара уҩеи ирласӡаны ушзахәо, Парҭен мама дишьуеит абааԥс, дышьҭагәаны лыхәаҽра даҿуп".

Таиф ари ажәабжь данаҳӡаԥхьоз акалашәа игәарԥханы дыччон, ажәабжь иара ишидырҵәҟьоз ашәҟәы ишизанымҵогьы аацәыригон.

Хымԥада, Таиф инапы злакызаалак, зегь реиҳа ихадоу уи ипоезиа ауп. Иҟамзар ҟалон уи иеиҭагақәа, иажәабжьқәа, истатиакәа, аха Таиф Аџьба илымкаа аԥсуа поезиа акыр иӷархарын. Иахьа иара даныҟамгьы еиҳагьы иаҿыгәҳәааны ирыԥхьоит иҩымҭақәа, ила иабозар иааџьеишьаратәы.

Таиф Аџьба иҩымҭақәа реизга актәи атом ҭыҵит

Абар рацәак агым иҭыҵуеит апоет Таиф Аџьба иҩымҭақәа реизга аҩбатәи атом. Ари аҭыжьымҭа еиднакылоит апоет иааиҩхьо зегьы. Ҩ-шәҟәыкны иҟоу аизга иагәылоуп ажәеинраалақәеи апоемақәеи реиԥш, апоет исалам шәҟәқәа, иеиҭагамҭақәа , иара изку астатиақәа уҳәа апоет ихьӡ иадҳәало аҩырақәа зегьы. Таиф Аџьба ирҿиараҿы иуԥылоит ауаажәларратә, афилософиатә лирика, аха ихадоу цәаҳәаны иалсуеит абзиабаратә лирика. Иаџьал ааидгылан дшыҟазгьы, аҵыхәанӡа ихылҵыз цәаҳәақәоуп:

Са срыхӡыӡоит шәҭы быбышқәак,

Аеҵә- хьыбла ҭыџьџьақәак,

Шәыта знымгьы ԥҳәызба ҵәрышкәак,

Ҵарақәакгьы-ԥшӡаӡақәак…

Арҭ ацәаҳәақәа рнаҩсан, апоет инапы злакыз "Бзиала иаҳзырша!..." захьӡу аибашьра аамҭазы иҩуаз имшынҵқәа заҵәык роуп. Апоет уаҳа апоезиа ахьысразы алшара имоуит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0