Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Коӷониа Таиф Аџьба ихьӡ зху апремиа ианашьаразы: лымкаала пату сзақәуп

© SputnikВалентин Когония
Валентин Когония - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афольклорист, апоет, алитературатә критик Валентин Коӷониа ахәыҷтәы драматуругиа ажанр ала Таиф Аџьба ипремиа даԥсахеит. Арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы иҳәеит ажәабжь гәахәара дула ишидикылаз.
Коӷониа Таиф Аџьба ихьӡ зху апремиа ианашьаразы: лымкаала пату сзақәуп

Апоет Валентин Коӷониа ипиеса "Сыкәты шәкәакәа" Таиф Аџьба ихьӡ зху апремиа иаԥсахеит. 

"Схаҭа гәахәарыла исыдыскылеит ари ажәабжь. Арҿиара аус знапы алаку ауаҩы, иҵабыргыҵәҟьаны, иџьабаа ахә ҳаракны ианыршьо еснагь пату изақәуп, гәырӷьароуп. Сара сзы ари апремиа, Таиф Аџьба ихьӡ ахьаху лымкаала пату сзақәуп, избанзар иара иаҳирбеит аԥсышәала ахәыҷқәа ирызку аҩымҭақәа шаԥҵатәу, ҟазара дула, ҟазара ҳаракыла. Сара изаҟаразаалакгьы ахәыҷкәа зыргәырӷьаша цәаҳәақәак сызҩызар, гәахәас иҟасҵоит. Апиеса иахьӡуп "Сыкәты шкәакәа", ари аҩымҭа зызку ахәыҷқәа роуп. Ибзианы иаадыруеит ахәыҷтәы литературазы аиҵахара шыҟоу адраматургиа ажанр аҿы. Хышықәса ирылагӡаны ари ажанр аганахьала акгьы ҭымҵит, ибзиан, аицлабра ҟалазҭгьы, иаҳагьы иԥшӡахон, аха уи ҳнапы иакымызт", - азгәеиҭеит Коӷониаԥҳа.            

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0