00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
30 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Актуальный комментарий
14:34
6 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
Такие обстоятельства
Роль и полномочия районных собраний депутатов
18:49
2 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ихадоу атемақәа

Ихадоу атемақәа
Анапаҵаҩра
Бадра Гәынба Москва аопера "Анна Болеин" аԥхьарбара даҭааит. Аԥсни Урыстәылеи Жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмааԥҳа лааԥхьарала атәыла ахада иԥшәмаԥҳәыси иареи Москватәи Станиславскии Немирович-Данченкои рыхьӡ зху атеатр иаҭааит ҳәа аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада ипресс-маҵзура.
Санкт-Петербургтәи аиҳабыра амҩадуқәа рыԥссага машьына ҳамҭас Аҟәа ахадара иарҭеит.Амашьына аҳҭнықалақь ахь иааргахьеит, аҟазацәа иаарласны уи ахархәара иалагоит ҳәа аанацҳауеит Аҟәа ақалақь ахадара."Ҳара иахьазы амҩадуқәа злаҳаӡәӡәо ҳамоуп, аха ас еиԥш иҟоу атехника ҳамамызт. Жәаҳәарада, ари амашьына ҳусура акырӡа иармариоит", — ҳәа азгәеиҭеит "Аиқәыршәара" аҟәша аиҳабы Саид Кур-иԥа.
Ашықәс нҵәаанӡа Смецкои ипарк агаҿа иаԥну арҽеиратә усурақәа ралагара азгәаҭоуп ҳәа адырра ҟаиҵеит Гәылрыԥшь араион ахада ихаҭыԥуаҩ Нури Ҭарба."Ааигәа иауз ақәаршҩы ӷәӷәақәа рышьҭахь, апарк аҭагылазаашьа еицәахеит. Аԥша ажәытә ҵлақәа хнажәжәеит, ҩнқәак рхыбқәа хнашәеит. «Ҳмаҵзурақәа зегь раԥхьаӡа ахыбқәа рыԥсахра нап адаркит, анаҩс апарк арҽеира ҳалагарц ҳгәы иҭоуп", — иҳәеит иара.Ҭарба иажәақәа рыла, аекологцәа рақәшаҳаҭрала жьҭаарамза азбжаз, ма цәыббрамза алагамҭаз иҩаз аҵлақәа ықәган аҿыцқәа еиҭарҳауит.Агәыӡера аҳабла агәаны иҟоу, ҩ-гектарк рҟынӡа зҵазкуа апарк аҟны акипарисқәа еиҭарҳауеит, ашьаҟамҩа алардоит, аҟәардәқәа дыргылоит.
Аҟәа аԥшаҳәаҿы аканализациамҩангага ԥжәеит. Ақалақь ахадара агәҽанҵара ҟанаҵеит ацрыӡқәа амшын алаларазы ашәарҭара шыҟоу азы. Убри аҟнытә аҳҭнықалақь ауааԥсыреи асасцәеи иааиуа амшқәа рзы амшынҭалара рҽацәырыхьчарц аҳәара ҟарҵоит.Аҭыԥаҟны аҟазацәа аус руеит аиҭашьақәыргыларазы, аԥжәара зыхҟьаз еилыркаауеит.
Гагра араион ахәҭак лашарада иҟазаауеит цәыббрамза иахьеи , уаҵәи, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аенергетика аминистрраҟны.Иахьа асааҭ 12:00 инаркны 14:00 рҟынӡа ирцәахоит астанциаеиҵа "Баӷрыԥсҭа".Уаҵәгьы абри аамҭазы иаҿыххоит астанциаеиҵақәа "Гьачрыԥшьи", "Цандрыԥшь-ахага". Алашара ҟалаӡом ацәаҳәа ррыцқьара иахҟьаны.
Лыхны ақыҭан 70 амаининг хархәагақәа ԥшаауп.Амаининг-ферма ыҟан аус зымуаз ахьча дызмоу афабрика аҵакыраҿы. Иааизакны амаруга амчхара 195 кВт⋅сааҭ иҟан ҳәа аанацҳауеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра.Нателла Лакәиа илтәыз амаругақәа ықәганы Аҳәынҭстандарт ашьҭаҵарҭахь инагоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0