200-ҩык рҟынӡа акоррупциа иаҿагыло акциа иалахәуп

© Sputnik / Томас ТхайцукГолодовка
Голодовка  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахақәиҭра ашҭаҿы амитинг имҩаԥысуа аӡәгьы еиҿимкааит, ихатә гәаԥхаралатәуп.

АҞӘА, хәажәкыра 11 - Sputnik, Бадри Есиава. Аҟәа, Ахақәиҭра ашҭаҿы аҽеизгара иалагеит ООН Аконвенциа 20-тәи ахәҭаҷ иадгыло атәылауаа. Уажәы 200-ҩык рҟынӡа ауаа еизахьеит, ауаа ааира иаҿуп ҳәа аҭыԥ аҟынтәи иааицҳауеит Sputnik акорреспондент.

Голодовку объявили сторонники антикоррупционного законодательства - Sputnik Аҧсны
Имлашьуа анапынҵақәа реизгара иалагеит ООН Аконвенциа 20-тәи ахәҭаҷ адкыларазы

Акциа алахәылацәа ишырҳәо ала хәажәкыра 2 рзы амлашьра иалагаз рхы цәгьамкәаны ирбоит. ООН Аконвенциа 20-тәи ахәҭаҷ иадгыло атәылауаа рнапынҵамҭақәа хәажәкыра 10 рзы аа-нызқь рҟынӡа ыҟан.

Хәажәкыра 2 рзы хҩык ҳтәылауаа амлашьра иалагеит. Хәажәкыра 9 рзы урҭ ирыцлеит даҽа хҩык. Иахьазы имлашьуеит: Џьансыхә Адлеиба, Асида Кортуаԥҳа, Иван Ачба, Марина Агрԥҳа, Алина Ачԥҳа, Бота Ажьиба.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа гәыԥҩык аҳәамҭа ҟарҵеит азеиԥшмилаҭтә еизара амҩаԥгаразы ааԥхьара шыҟарҵо Апарламент адепутатцәа "Амаҵзурауааи адепутатцәеи рхашәалақәеи, рныхрақәеи, рмазареи, амазаратә ҟазшьа змоу рхыдҵақәеи ашәҟәы рҭагаларазы" азакәан ахь хара имгакәа ариашарақәа аларгаларц.

ЕАР Аконвенциа 20-тәи ахәҭаҷ адкылара адгылаҩцәа ражәақәа рыла, хәажәкыра 9 рзы 5000 напынҵамҭа еизыргахьан, даҽа 2000 напынҵамҭа атәыла егьырҭ ақалақьқәеи араионқәеи рҟны еизгоуп. Аԥсныҟа иара убас иааргеит Шәачатәи ҳдиаспораҟынтәи анапынҵамҭақәа шәкы. Иара убас Ҭырқәтәылатәи ҳдиаспорагьы ари аус рҽаладырхәуеит рҳәеит. Анапаҵаҩра хыркәшахар, урҭ зегьы Апарламент ахь инарышьҭуеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0