Ауаажәларратә палата Апарламент ахь аҳәара ҟанаҵоит имлашьуа ирызхьаԥшырц

© Sputnik / Томас ТхайцукАуаажәларратә палата Апарламент ахь аҳәара ҟанаҵоит имлашьуа ирызхьаԥшырц
Ауаажәларратә палата Апарламент ахь аҳәара ҟанаҵоит имлашьуа ирызхьаԥшырц - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ауаажәларратә палата алахәылацәа агәҭынчымра рымоуп имлашьуа рҭагылазаашьазы, адепутатцәа рахьгьы аҳәара ҟарҵоит имлашьуа ирызхьаԥшырц.

Ауаажәларратә палата аилатәара иалахәын Аԥсны ахадарахьы акандидатцәа рхаҭыԥуаа Бадра Гәынба, Арда Ашәба, Леонид Ӡаԥшьба иштаб аиҳабы Мирон Бениа.

Sputnik

Ауаажәларратә палата аилатәара ааиртит ахантәаҩы лхаҭыԥуаҩ Витали Смыр. Иара иҳәеит имлашьуа Ахақәиҭра ашҭаҟынтә Ауаажәларратә палата ахыбрахь ииасырц шрыдигалаз, аха мап шацәыркыз.

Исполняющий обязанности Президента, Премьер-министр Валерий Бганба - Sputnik Аҧсны
Акоррупциа аҿагыларазы ЕАР Аконвенциа адларазы ААР азакәан апроект азнархиоит

Иҟоу аҭагылазаашьаан ихадароу акциа алахәылацәа ргәабзиароуп, убри азы иалшо зегь ҟаҵатәуп амлашьра аанкылазарц иҳәеит Витали Смыр.

"Ҳара ҳтәылауаа зегьы аблаҷыц аиԥш иҳахьчалароуп. Амлашьра акәзар, иззырхоу уаҵәтәи аԥеиԥш бзиоуп. Ачынуаа рмал азы адекларациа алагалара аҳәынҭқарразы хра алоуп. Ус анакәха, иҳадаҳкылароуп", - иҳәеит иара.

Аԥсны ахадарахьы акандидат ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба иазгәеиҭеит имлашьуа ргәабзиара хылаԥшра шаҭатәу.

"Агәыӷра ҳамоуп Жәлар Реизара адепутатцәа аҳәынҭқарра аинтересқәа ирықәшәо аӡбара рыдыркылап ҳәа. Ауаа иҟарҵо ззыҟарҵо феидак алаагап ҳәа акәӡам", - иҳәеит иара.

Аԥсны аветеранцәа ЕАР Аконвенциа 20-тәи ахәҭаҷ рыдыркыларазы адҵа ҟарҵоит - Sputnik Аҧсны
Аԥсны аветеранцәа ЕАР Аконвенциа 20-тәи ахәҭаҷ рыдыркыларазы адҵа ҟарҵоит

Гәынба иҳәеит азакәан ахьынӡахиоу ахархәараҿы иаҳнарбоит ҳәа.

"Азакәан аԥсахра адагьы ԥхьаҟа аусушьа иашьклаԥшлатәуп", - иҳәеит иара.

Иара иҳәеит ишизеилымкаауа "Амаҵзурауааи адепутатцәеи рхашәалақәеи, рныхрақәеи, рмазареи, амазаратә ҟазшьа змоу рхыдҵақәеи ашәҟәы рҭагаларазы" азакәан амч аиура ԥхынҷкәын 30, 2020 шықәса рҟынӡа изнахаз.

Аҳәынҭқарра ахада ихаҭыԥуаҩрахь егьи акандидат Арда Ашәбагьы иазиԥхьаӡоит иҟоу аҭагылазаашьаан раԥхьа иргыланы ауаа ргәабзиара ишазхәыцлатәу.

"Ҳара имлашьуа адгылара раҳҭоит. Урҭ ҳрыдҵаалахьеит Адгәыр Амиран-иԥеи сареи. Акырҵуеит ауаа ачаӷьа рыдрымкылоижьҭеи. Уи ԥырхага рынамҭар залшом. Убри азы ауаа иҟарҵо адҵа иахәаԥшроуп ҳәа ҳгәы иаанагоит. Сара сгәанала ауаҩы имал ахьынтәааигаз изеиҭамҳәозар – уи ӷьычуп ауп иаанаго", - иҳәеит Ашәба.

Ауаажәларратә палата алахәыла Сократ Џьынџьалгьы аҿагыларатә акциазы игәаанагара иҳәеит.

"Иахьа ара еизаз ари азҵаара ҳзыӡбаӡом, уи знапы иану Апарламент ауп. Ак заҵәык иҳалшо, даҽазныкгьы адепутатцәа рҿаԥхьа ари азҵаара ақәыргылароуп", - иҳәеит Џьынџьал.

Иара игәаанагарала, ари акциа хыҵхырҭас иаиуит амчра рнапы иану аусқәа ишахәҭоу иахьынармыгӡо ауп.

Леонид Ӡаԥшьба иштаб аиҳабы Мирон Бениа агәраганы дыҟоуп азакәан ишахәҭоу еиԥш адкыларазы аӡбара хара анаскьагара аҭахым ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0