Имлашьуа анапынҵақәа реизгара иалагеит ООН Аконвенциа 20-тәи ахәҭаҷ адкыларазы

© Sputnik / Бадрак Авидзба Голодовку объявили сторонники антикоррупционного законодательства
Голодовку объявили сторонники антикоррупционного законодательства - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акоррупциа иаҿагыло азакәан апроект адгылаҩцәа хәажәкыра 2 рзы Аҟәа Ахақәиҭра ашҭаҿы ҿҳәарадатәи амлакра хацдыркит. Урҭ иахьа рыдҵаҟаҵара иныҭкааны иалацәажәеит.

АҞӘА, хәажәкыра 5 – Sputnik. Имлашьуа анапынҵақәа реизгара иалагеит ООН Аконвенциа 20-тәи ахәҭаҷ адкыларазы ҳәа Sputnik Аԥсны иазеиҭеиҳәеит акциа алахәылацәа ируаӡәку Џьансыхә Адлеиба.

Акоррупциа иаҿагыло азакәан апроект адгылаҩцәа ҿҳәарадатәи амлакра хацдыркит - Sputnik Аҧсны
Акоррупциа иаҿагыло азакәан апроект адгылаҩцәа ҿҳәарадатәи амлакра хацдыркит

Џьансыхә Адлеиба иажәақәа рыла уажәазы еизгоуп 180 напынҵамҭа. Анапаҵаҩра хыркәшахар аусшәҟә Апарламент ахь инарышьҭуеит.

"Ҳара адҵа ҟаҳҵоит 20-тәи ахәҭаҷ рыдыркыларц. Ирыдыркылаз азакәан– акоррупциа иаҿагыло Аԥсны аҵаӷьычра иаҿагыло азакәан ҳадаҳкылеит ҳәа иҳарҳәаз, мчыс иамоу изакәанымкәа иӷьыҷыр зылшо ачынуаа рмазара рхәыҷқәа рахь иҭарҩыр рылшоит, уи хжьароуп. Ари азакәан рыдыркылахьеит акыр аҳәынҭқаррақәа. Азакәан шәыдышәкыл ҳәа раҳҳәеит, иаразнак аус аурцаз, аха ҳабжьы рмаҳаит, аҿҳәара шықәсык инахоуп. Ҳара ҳус аанаҳкылаӡом, азакәан аԥсахрақәа аларгалаанӡа", - иҳәеит иара.

Адлеиба иҳәеит рымлашьра ишаҟәымҵуа азакәан рыдыркылаанӡа. Активист иара убасгьы иҳәеит иахьа аҳақьымцәа шрызнеиз, ргәабзиаратә ҭагылазаашьа ишашьклаԥшуа.

"Ҳара - Иван Ачба, Асида Кортуаԥҳа, Џьансыхә Адлеиба – ирылаҳҳәоит ачгара ҳшалагаз. Ари зыхҟьаз азакәанԥҵаратә усбарҭа азакәан аҵакы зырӡуа ариашарақәа алагаланы иахьрыдыркылаз ауп", - иҳәеит Адлеиба.

Акоррупциа иаҿагыло азакәан адкыларазы ақәԥаҩцәа жәабран 4 рзы Апарламент аԥхьа еизеит. Еизаз адҵа ҟарҵеит акоррупциа иаҿагыло азакәан хымԥада ирыдыркыларц.

Жәабран 6 рзы Аԥсны Апарламент адепутатцәа рыбжьы рҭиит "Амаҵзурауааи адепутатцәеи рхашәалақәеи, рныхрақәеи, рмазареи, амазаратә ҟазшьа змоу рхыдҵақәеи ашәҟәы рҭагаларазы" азакәан апроект азы, аха иара амчра аиура аҿҳәара инахоуп "Аҳәынҭқарратә маҵзуразы" азакәан рыдыркылаанӡа. Ишазыԥхьагәаҭоу ала азакәан амчра аиураны иҟоуп 2020 шықәса ԥхынҷкәын 31 рзы. Адепатутцәа ражәақәа рыла, "Аҳәынҭқарратә маҵуразы" азакәангьы ԥхынҷкәын 31-нӡа ирыдыркылоит.

Акциа алахәылацәа ари иақәшаҳаҭым, адҵагьы ҟарҵоит хәажәкыра 22, алхрақәа рымш аҟынӡа азакәан амчра аиурц.

Дара иара убасгьы аҿагылара арҭоит ачынуаа зықәра наӡахьоу рыхшара рмазара ашәҟәҭагалара аҭахны иахьыҟамлаз.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0