Апарламент анаркотикқәа рыларҵәаразы ашьразы азакәан арԥсыҽрақәа аланагалеит

© Sputnik / Максим Богодвид / Амедиаҵәахырҭахь аиасраархив
архив - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Анаркотикқәа рыларҵәаразы ахьырхәра ӷәӷәа - хьырхәра ҳасабла ашьра ма ԥсраҽнынӡа ҭакрала ахгара азԥхьагәазҭо анормақәа амчра роуит хәажәкыра 1 инаркны.

АҞӘА, хәажәкыра 12 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Апарламент адепутатцәа хәажәкыра 12 рзы аҩбатәи, аҵыхәтәантәи аԥхьарала Аԥсны Ашьауӷатә закәанеидкыла ариашарақәа аднакылеит анаркотикқәа рыларҵәаразы ахьырхәра.

Ирыдыркылаз ариашарақәа инарықәыршәаны аҳәса ма ахацәа 60 шықәса зхыҵхьоу, аусҭҵаара ацхыраара азҭо ахаҿқәа ашьра ма ԥсраҽнынӡа аҭакра ацынхәрас 15 шықәса рхақәиҭра иалхәыдатәхоит. Анаркотикқәа алазырҵәо зықәра намӡац рзы ԥсраҽнынӡатәи аҭакра ԥсаххоит быжьшықәса рхақәиҭра рымхрала.

Изакәанымкәа анаркотикқәа аазрыхуа, аус адызуло, иаазхәо, изҵәахуа, имҩанызго, 14 шықәса зхымҵыц рганахь ала 12-15 шықәса ҭакра рыхгара азыԥхьагәаҭоуп.

Весы Фемиды, наручники и судейский молоток - Sputnik Аҧсны
Анаркотикқәа рыларҵәаразы шьрала ахьырхәразы азакәан Аԥсны амч аиуит

Иара убасгьы усеиԥш ҟазҵо азин рымхуп хышықәса рыҩныҵҟа амаҵзураҭыԥқәа раанкылара. Уи ԥсахзар алшоит ахараԥса 600 нызқь инаркны миллионки 200 нызқь мааҭ рҟынӡа ашәарала. Уаанӡа ахараԥса 150 000 - 200 000 мааҭ ҳәа ишьан.

Изыршшо аҭагылазаашьақәа ыҟамзар ахараԥса рыԥсахуеит ԥсраҽнынӡатәи аҭакра ма ашьра рыла.

Анаркотикқәа рыларҵәаразы ахьырхәра ӷәӷәа - хьырхәра ҳасабла ашьра ма ԥсраҽнынӡа ҭакрала ахгара азԥхьагәазҭо анормақәа амчра роуит хәажәкыра 1 инаркны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0