АҞӘА, хәажәкыра 20 – Sputnik. Аԥсны ахада иалхрақәа хылаԥшра рырҭалоит Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа ахаҭарнакцәа ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны АКХ ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа.
"Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа ацҳаражәҳәаҩи сареи аицәажәара ҳаман. Иара иҳәеит Урыстәыла ахада иусбарҭеи аиҳабыреи рхаҭарнакс ишықәгыло Ацҳаражәҳәарҭа ахаҭарнакцәа", - иҳәеит иара.
Ари ахархәара змоу практикоуп иҳәеит Гогьиа.
Уаанӡа аинформациа ыҟан Урыстәыла Афедерациа Ахеилак аҟынтәи анаԥшыҩцәа аауам ҳәа, ачынуаа акоронавирус иахырҟьаны атәыла алҵра азин ахьрымам азы ҳәа.
АКХ ахантәаҩы иҳәеит апресс-центр шеиҿкаау уаанӡеиԥш арепатриациеи адемографиеи рзы Аминистрра ахыбраҿы.
Аԥсны АКХ аӡбарала Аԥсны ахада иалхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп хәажәкыра 22 рзы. Иаартхоит 152 алхырҭатә ҭыԥ атәыла аҩнуҵҟа, иара убас даҽа ҩба Москвеи Черкесски.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Ҳагба: алхрақәа ирышьҭанеиуа амш ҳазхәыцроуп
-
Аепидемиологцәа алацәажәеит алхрақәа раан авирус аҽацәыхьчара шалыршатәу
-
Кәакәасқьыр атәыла ахада иалхрақәа рзы: жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа рымаара ҳусура ианыԥшуам