Аепидемиологцәа алацәажәеит алхрақәа раан авирус аҽацәыхьчара шалыршатәу

© Sputnik / Михаил Воскресенский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВторой тур президентских выборов в Абхазии
Второй тур президентских выборов в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада иалхрақәа, акандидатцәа Адгәыр Арӡынба, Аслан Бжьаниа, Леонид Ӡаԥшьба алархәны имҩаԥысраны иҟоуп хәажәкыра 22 рзы.

АҞӘА, хәажәкыра 19 – Sputnik. Аԥсны аҩныҵҟа азыԥхьагәаҭаратә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара анапы иануп Агәабзиарахьчара аминистрра. Абри атәы лҳәеит асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик.

"Алхырҭатә ҭыԥқәа зегьы рыҟны абжьыҭира аламҭалазы адезинфекциатә рыцқьарақәа мҩаԥгахоит. Акомиссиақәа рлахәылацәа ирзоужьхоит акасыш иалху аҿаршәқәа", - лҳәоит лара.

Лиудмила Скорик иазгәалҭеит ауаа рнапқәа еимырымхлар, игәыдеибамкылалар шеиӷьу.

"Иара убасгьы гәыԥ-гәыԥла акәымкәа аӡәаӡәала абжьыҭирҭа уада иҩналалар еиӷьуп. Сара еилыскаауеит зегь шеибадыруа, ишеиуацәоу, аха аҭгылазаашьагьы имариам акәны иҟоуп", - еиҭалҳәоит аҳақьым.

Выборы  - Sputnik Аҧсны
Аԥсны асанепидемстанциа алхрақәа раан ахымҩаԥгашьазы абжьагарақәа ҟанаҵоит

Ауаа реидгәыԥларагьы шәарҭаны илыԥхьаӡоит Скорик.

"Шәаамҭа шәазхәыц. Ауаа рыжәпара шәаламлан. Ишауала ауаа анмаҷу абжьыҭира мҩаԥыжәга", - лҳәоит лара.

Лиудмила Скорик иара убасгьы илҳәеит акыр ишыманшәалоу зыбжьы зҭиуа рхатә ҩыга рымазар.

АКХ ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа уаанӡа иҳәеит Аԥсны Алхратә комиссиа хада Асанитартә-епидемиологатә маҵзура рышәҟәы азынанашьҭит акоронавирус иаҿагыланы ақәԥаразы иаԥҵоу Аусбарҭабжьаратә штаб ҳәа.

Ареспублика асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик Алхратә комиссиа хадахьы ашәҟәы лҩит ауааԥсыра рыбжьара авирустә инфекциа алаҵәара ареиҵаразы ауснагӡатәқәа рыдыркыларц.

акасыш - Sputnik Аҧсны
Аԥсны акоронавирус аҽацәыхьчаразы Акоординациатә штаб аԥҵоуп

Ашәҟәаҿы иарбоуп алхырҭатә ҭыԥқәа рзы аҳауа арыцқьагақәа, алхыҩцәа рзы акака ҩыга, урҭ адезинфекциа рзызуа афизрастворқәа уҳәа аахәатәуп ҳәа.

Аԥсны АКХ Аԥсны асанитар-епидемиологатә маҵзура анапхгара рышәҟәы иаҳәо иақәшаҳаҭуп, аха асеиԥш иҟоу имҽхакыҭбаау аусурақәа АКХ уажәазы рымҩаԥгара алшом ҳәа иҳәеит Ҭамаз Гогьиа.

"Ҳара ари ауснагӡатә азы иахәҭаны иарбоу зегьы раахәара ҳалшом. Адезинфекциа акәзар, иара мҩаԥызгаша амаҵзура ҷыда ыҟоуп. Насгьы уи азы ихымԥадатәиу амаҭәашьар абантәааҳгар акәу?" - ҳәа дҵаауеит иара.

Гогьиа иара убасгьы иҳәеит иаарту акабинақәа абжьыҭаразы азакәан амаӡара иаҿагылоит ҳәа.

Хәажәкыра 4 раахыс Аԥсны аус ауеит акоронавирус аҿагыларазы Аусбарҭабжьаратә штаб.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0