Ҳагба: алхрақәа ирышьҭанеиуа амш ҳазхәыцроуп
"Абри асистема (алхратә - аред.) ҳара акгьы ҳазнауам жәларык раҳасабала. Ҳажәлар рыҩнуҵҟа аԥсхәра, ачара убри аҟара аҭакԥхықәра, аибабара ацуп… Сахьахәаԥшуа уажәтәи алхрақәа шцо, иаҳа иҿыцу, узықәгәыӷша апатуеиқәҵара ахьыҟоу, аԥхашьара, аҭакԥхықәра хәыҷык ацушәа збоит. Анаҩс ианалгалак, еиҭах еиламлар, џьара ҳкылсып. Иаҳхамшҭлароуп адунеи аҟны ишҳахәаԥшуа. Иазхәыцтәуп ари абжьыҭарагьы шцо, уаҵәтәи амш ааиуеит. Акызаҵәык изызхәыцтәу, ҳхәыҷқәа ари адгьыл аҟны иаԥсыуааны, иуааны, еиндаҭлозаргьы, еибамфаратәы, еибамшьратәы уаҩышәала ҳхы мҩаԥаагар, ҳаҽнаҳкылар, азакәан ҳацныҟәар, зегь бзиахоит ҳаԥсҭазаараҟны", - иҳәеит Ҳагба.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: