Авирус аҿагылара хықәкыс иҟаҵаны Аԥсны амалуаа афонд аԥырҵоит

© Depositphotos.com / DepositedharРукопожатие деловых людей
Рукопожатие деловых людей - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афонд аҿы еизырго аԥара амедицинатә хархәагақәа, ахәшәқәа, еиуеиԥшым амедицинатә программақәа рыхә ашәара иазырхахоит.

АҞӘА, хәажәкыра 27 – Sputnik, Бадри Есиава. Авирус аҿагылара хықәкыс иҟаҵаны Аԥсны анаплакцәа-амалуаа афонд аԥырҵоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәоит афонд ашьаҭаркыҩцәа ируаӡәку Николаи Ачба.

"Аԥсны анаплакыҩцәа гәыԥҩык иазырыԥхьаӡеит акоронавирус аҿагыларазы афонд аԥҵатәуп ҳәа. Ҳәарада аханатәалагалақәа ҟазҵо дара анаплакыҩцәа роуп, аха дарбанызаалак азин имоуп ихәҭалагала ҟаиҵарц. Коронавирус шәарҭам ҳәа зҳәо ҳрықәшаҳаҭым. Ҳара уи шәарҭаны ҳахәаԥшуеит" - иҳәеит Ачба.

Иара иазгәеиҭеит аҳәынҭқарра иалшо зегь шыҟанаҵо, аха уи алшарақәа шырацәам. Еизго аԥарақәа амедицинатә хархәагақәа, ахәшәқәа, еиуеиԥшым амедицинатә программақәа рыхә ашәара иазырхахоит.

Маски  - Sputnik Аҧсны
"Мода-Текс" аҿы аҿаршәқәа рыӡахразы хаҭалатәи аҿаҵақәа рыдыркылоит

Анаплакыҩцәа реиԥылареи официалла афонд шаԥҵахои рылаҳәахоит хәажәкыра 27 асааҭ 12:00 рзы аофистә центр "Ривьера" аконференц-зал аҿы.

Хәажәкыра 26 рзы анаплакыҩцәа Валери Бганба иԥылеит, иалацәажәеит Аԥсны акоронавирустә инфекциа COVID-2019 аҿагылара азҵаарақәа.

Аиԥылара алахәылацәа азааит русураҿ Агәабзиарахьчара аминистрреи дареи еинырраны ишыҟоу.

Аԥсны аҳатә операторцәа ирҳәеит афонд ахь аԥараиагаразы алшарақәа шазыӡбахо.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0