Здание репатриации - Sputnik Аҧсны
Арепатриациа
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аинформациала 11 нызқьҩык рҟынӡа ҳџьынџьуаа Аԥсны атәылауаҩра рымоуп. Рыԥсадгьыл ахь ихынҳәит хә-нызқьҩык рҟынӡа.

Дальаль Ҵәыџьба: cҵаҩцәа иахьагьы среиԥхыӡуеит, аҿар аԥеиԥш бзиа рымазарц сҭахуп

© Foto / от Сырма АшубаДальаль Цвижба
Дальаль Цвижба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шьамтәылантәи зҭоурыхтә ԥсадгьыл аҿы инхо Дальаль Ҵәыџьԥҳа лҭоурых ажурналист Сырма Ашәԥҳа ланҵамҭаҿы.

Cырма Ашәԥҳа, Sputnik

Аԥсуа ԥҳәыс лхаҭара ҳдоуҳатә беиарақәа еихазҳауа хаҿсахьоуп. Хаҭала сырҭаахьеит, избахьеит аҳәаанырцә инхо аԥсуа ҳәсақәа рхымҩаԥгара, аԥсуара аԥҟарақәа ирыднаҵо аҭакԥхықәра ишақәныҟәо, аиҳаби-аиҵби реихаҵгылара шазгәарҭо, ахәышҭаарамца ҿмырцәаакәа еизҳауа абиԥарақәа реиҵааӡара рнапы шалаку. Аԥсуа ан лныҳәара, аԥсуа ԥҳәыс бырг лылаԥш ҳәаа анаӡара, урҭ ирхылҵуа аԥхарра есииуа ирыциуеит.

Муҳаммед-Иасер Чқәуа иҭаацәеи иареи - Sputnik Аҧсны
Муҳаммед-Иасер Чқәуа: насыԥуп сыхшара рыԥсадгьыл аҿы аԥсуа бызшәа ахьраҳауа

Абарҭ сыззааҭгылаз аҟазшьа аҷыдарақәа иҵегьы инеихаҳаны илылоуп, гәыблыла сыздызкылаз, зхаҿсахьа игәыкыз ччаԥшьла иҭәыз, зыуаҩыбжара инҭысхьоу, шықәсқәак раахыс Шьамтәылантәи зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь нхара ҳәа ихынҳәыз Дальаль Ҵәыџьба-Маан.

Дальаль Ҵыџьԥҳа Аԥсныҟа данаауаз Шьамтәылантәи еицааз ҳџьынџьуаа рацәаҩын, урҭ рхыԥхьаӡара ҩышәҩык инареиҳан. Иахьа, иҟоуп урҭ рахь Аԥсны инхақәо, имаҷҩызаргьы иҟоуп шьҭахьҟа ихынҳәқәазгьы, аха реиҳараҩык рџьынџь дгьыл аҿы иаанхеит. Аҽаршьцылареи абызшәеи ирыдҳәалаз уадаҩрақәак рыԥгылазаргьы, арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны урҭ риааира рылдыршеит, избанзар ибзианы еилыркаауеит ҭоурыхтә ԥсадгьылс ирымоу Аԥсны шакәу, иахьиз иахьааӡаз атәылагьы аҩбатәи ԥсадгьылны ишырыԥхьаӡоугьы.

Зыӡбахә сымоу аԥҳәыси сареи ҳаибадырит Агәыӡера аҳаблаҿы, еиҳараҩык Шьамтәылантәи Аԥсныҟа иааз аԥсуаа ахьынхо анхарҭа ҭыԥ аҿы. Аԥсуа ишиҟазшьа ҷыдоу еиԥш, иаразнак аҩныҟа саалыԥхьеит, уи ҭабуп ҳәа ахҳәаауа даҽазны сышнеиуаз наласҳәеит, исҭаххеит амра ашәахәақәа ҳақәыԥхо адәаҿы игылаз атәарҭаҿы ҳааидтәаланы ҳаицәажәарц, ирынхашьоу-ирынҵышьоу еилыскаарц. Исҳәаз дақәшаҳаҭхан, ҳааидтәалеит.

Џьулетта Сабуаԥҳаи Омер Кәаӡбеи рҭаацәа - Sputnik Аҧсны
Џьулетта Сабуаԥҳа Омер Кәаӡба изы: иаб иуасиаҭ анагӡаразы Аԥсныҟа дааит

"Сыӡӷаб, аԥсуа ахаан ихы дахашшаауам. Сара арахь санаауаз сыҷкәыни сыԥшәмеи ҳаицааит. Сыԥшәмеи сареи уажәшьҭа ҳашықәс ыҟоуп, тәанчара ҳцахьеит. Ҳхы ҳдыруа ҳаҟоижьҭеи Шьамтәылатәи Ареспублика амаҵ азаҳуан. Ҳара занааҭла ҳарҵаҩцәоуп, сара аиҵбыратәи аклассқәа рҟны ахәыҷқәа аҵара дсырҵон, сыԥшәма аспорт аганахь ала дырҵаҩын. Абасала, иҳалшоз ала аҿар реиҵааӡара аус аџьабаа адаҳбалон. Аха, усҟан Шьамтәыла излагаз аибашьра акыр ҳаԥсҭазаара ианыԥшит, шьаҭанкыла иаԥсахит", - дҳацәажәон Дальаль Ҵәыџьԥҳа.

Аԥсҭазаара иаӡрыжәыз, аҭоурых акыр агәаҟра иҭанаргылаз аҳәаанырцә инхоз ҳхылҵшьҭрақәа рлахьынҵа угәаҵанӡа имнеирц залшом. Ахҵәара, аиҭахҵәара, анхара, аиҭанхара, инымҵәаӡоз аибашьрақәа, атәылақәа жәпакы иԥсаҟьаны ирылазыԥсаз. Саԥхьа дтәан аԥҳәыс бырг, аԥҳәыс ҟәыш, шаҟа иҵаулааз лыблақәа ирхыубаалоз ахәыцрақәа, шаҟа игәкыз илхылҵуаз аԥхарра. Убасҟан еилыскааҵәҟьеит ауаҩытәыҩса шаҟа агәаҟра ихиго аҟара дшыӷәӷәахо, доуҳала еиҳагьы дшыҳаракхо.

"Сара сықәра ыҟоуп уажәшьҭа, сеиҳабацәа сырхаануп. Сан Льамаан Шора Ҟабарда ҭыԥҳан. Саб иан Ҳааным лыхьӡын, Зыхәԥҳан, аԥсуаа зегьы уаҟа Абазақәа ҳәа ирышьҭан. Сан лбызшәала аҷҷаҳәа ҳцәажәон аҩнаҭаҿы, аԥсшәагьы маҷ-саҷк сҳәоит, аха ишысҭахәу еиԥшҵәҟьа сызцәажәом. Аԥсны сааижьҭеи зегь сызҿыцхеит, сандуцәа, сабдуцәа рыԥсы сыцушәа збоит, зегьынџьара снаԥшааԥшуеит, абна инхозма, абра игылазма рыҩны ҳәа схы сазҵаауеит, уи аҭоурых иузанымхуа ианылаз акоуп", - лыгәҭыхақәа ҳацеиҩылшон ҳзыҿцәажәоз аԥҳәыс бырг.

Дальаль Ҵәыџьԥҳаи сареи уи аҽны еицаҳхаҳгаз аамҭа маҷ шықәсык инаӡазшәаҵәҟьа исзааит. Шаҟа исҭахыз лцәажәара сазыӡырҩларц, еиҭалҳәоз ажәабжьқәа рҵыхәтәа еиқәылымҳәаларц, ҿымҭкәа дхәыцуа данаатәалак снапқәа аашьҭыхны иаалгәыдлыҳәҳәалон, лыбла гәыҭбаақәа рыла сааимылдон, нас лцәажәара хрыжь-хрыжь инацылҵон.

"Схәыҷы, ҳарҭ ихҵәахыԥсааз иаҳзымдыруа рацәоуп. Ҳаиҳабацәа Аԥсны аӡбахә рҳәауа егьҳгәалашәом, издыруадаз усҟан изҭагылаз аамҭа, алацәажәара ргәаӷьыуацәазар акәхарын. Сара сан лганахь ала санду шәышықәса еиҳаны илхыҵуан лдунеи анылыԥсах. Ҳара раԥхьа Џьолан ҳәа иахьашьҭаз аҭыԥ аҿы ҳанхон, нас Дамаскҟа ҳаиасит. Ҳауа-ҳҭахыра адунеи атәылақәа ирылаԥсоуп, ҳаидкылара уадаҩхеит, уажәтәи аибашьра хлымӡаахк иаҳзаҩызахеит. Зны-зынла Аԥсны ҳанхаҵәҟьоума ҳәа саназхәыцуа ыҟоуп, аԥсҭазаара акыр ҳкыднаҟьагәышьеит, аха ҳҽаҳамҭароуп", - дҳацажәон хәыцрашәкы еимаркуаз ҳџьынџьуаҩ Дальаль Ҵәыџьԥҳа.

Дальаль Ҵәыџьԥҳа гәахәарас илымоу акоуп, аҿар аԥеиԥш бзиа рымазарц, адунеи аҿы ахаан еибашьра ҟамларц, аԥсуаа ҿиарц, рыхьӡ-рыԥша еицырдыруа иҟаларц.

Афра Чатау - Sputnik Аҧсны
Шьамтәылатәи ҳџьынџьуаҩ Афра Чаҭау: Аԥсны ҳаԥшәыманы ҳхы аабоит

"Сара анык лаҳасаб ала срызнеиуан сҵаҩцәа зегьы, уажәгьы санреиԥхыӡуа ыҟоуп. Ашкол ахь ицо ахәыҷқәа анызбалак сгәы еизҳауеит. Ҳара Аԥсныҟа ҳанаауаз иҳацааз ахәыҷқәа быжьшықәса ирылагӡаны еизҳаит, иҟоуп абжьаратә школқәа рахь иныҟәо, иреиҳау аҵараиурҭақәа ирҭалаз, иара убас зыԥсадгьыл аҿы ииқәаз. Урҭ зегьы сара сзы ԥсҭазаарак иаҩсуеит, сгәы схадыршҭуеит. Сара хҩык ахшара срануп, анацәа зегьы рыхшара рыла ргәы еизҳалааит, аҿар рыхдырра ҳаракхааит", - абас лныҳәаԥхьыӡ ҵыхәаԥҵәара амамызт аԥшӡареи аҟәыӷареи згымыз аԥҳәыс бырг Дальаль Ҵәыџьԥҳа.

Аԥсшәа еибыҳәаны ҳанеиԥырҵуаз аамҭазы, ҩаԥхьа сналгәыдлыҳәҳәалеит. Лыла ацәаара сабонаҵы дгыланы сышьҭа дыԥшуан. Уажәы-уажәы исгәалашәон исалҳәаз ажәақәа : "Ҳаабырҿыхеит, сыӡӷаб, беиҭаҳзаа!.."

Хымԥада, сан лыԥхарра аҩыза зхызкааз аԥҳәыс бырг лажәа ҩбастәуам, сеиҭалызцап.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0