Здание репатриации - Sputnik Аҧсны
Арепатриациа
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аинформациала 11 нызқьҩык рҟынӡа ҳџьынџьуаа Аԥсны атәылауаҩра рымоуп. Рыԥсадгьыл ахь ихынҳәит хә-нызқьҩык рҟынӡа.

Муҳаммед Доӷəыз: аԥсуаа еизҳароуп, рымч-рылша ӷəӷəахароуп

© Foto / Предоставлено Сырмой АшубаМуҳаммед Доӷəыз иҭаацәа
Муҳаммед Доӷəыз иҭаацәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шьамтəылатəи ҳџьынџьуаҩ Муҳаммед Доӷəыз Аԥсны иԥсҭазаара шышьақəиргылази, аԥхьаҟатəи игəҭахəыцрақəеи ртəы Сырма Ашəԥҳа лматериал аҟны.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Шьамтəылантəи шықəсқəак раԥхьа Аԥсныҟа нхара иааз аԥсуа ҭаацəарақəа ируауп Муҳаммед Доӷəыз иҭаацəа. Муҳаммед Доӷəыз Шьамтəыла аибашьра ҟалаанӡа шықəсқəак раԥхьа аҭаацəара далалеит, инасыԥ ицеиҩызшазгьы дараб ҭыԥҳауп. Аҭаацəара зегьы рҳəоу еиқəшəаны ишынхоз ауп изқəымгəыӷуаз ишақəшəаз, излагаз аибашьра урҭ еиҟəнашеит хəҭа-хəҭала.

Бырзадж Маршан - Sputnik Аҧсны
Бырзаџь Маршьан: сзызгəышьуаз сыԥсадгьыл аҿы анхара насыԥуп

"Сара сан Фатима Мамқьыӷь хылҵшьҭрала дадыгоуп, лара Дамаск даанхеит, сашьцəа ҩыџьа Фираси Нарҭи Ҭырқəтəылаҟа иагеит, уаҟа аус руеит. Саб иангьы дадыган, Адиба Маҭықә, сан лан Осфиа лыхьӡын Карафԥҳан, ларгьы дадыга хылҵшьҭран. Шьамтəыла инхо Кавказ ажəларқəа ҭоурыхлагьы, шьала-далагьы ҳаиларсуп. Сан лбызшəа цəгьамкəа исҳəоит. Уажəы Аԥсны сахьааиз сбызшəа сҵап ҳəа сгəыӷуеит", - иҳəеит Муҳаммед, ҳаиҿцəажəараҟны игəҭахəыцрақəа азгəаҭауа.

Муҳаммед излаиҳəо ала, Аԥсны Аџьынџьтəылатə еибашьра ианалага, рмилаҭтə хдырра еиҳа ишьҭыҵуа иалагеит. Шьамтəыла аԥсышəала ицəажəоз аԥсуаа рхыԥхьаӡара маҷын, иҟан хымԥада Аԥсныҟа иаахьаз, ицахьаз, аха уи азхомызт, аимадарақəа акыр икəадан.

"Кавказ иадҳəалаз аҭоурых еснагь ҳазҿлымҳан, иҟан уи ҭызҵаауаз аҵарауаа, ҳарҭгьы ахеидкылақəа рахь ҳныҟəон. Аха, ула иабои, улымҳа иаҳауеи, хымԥада аиԥшымзаара рымоуп. Шьамтəыла аибашьра ҟамлакəа Аԥсныҟа саара алшахазҭгьы еиҳагьы ибзиан, аха аҳəынҭқар имч узаиааиуам", - дҳацəажəон Муҳаммед Доӷəыз.

© Foto / Предоставлено Сырмой АшубаМуҳаммед Доӷəыз
Муҳаммед Доӷəыз: аԥсуаа еизҳароуп, рымч-рылша ӷəӷəахароуп - Sputnik Аҧсны
Муҳаммед Доӷəыз

Муҳаммед иԥшəмаԥҳəыс Маха Альбани иареи ҩыџьа ахшара рааӡоит. Иазгəаҭатəуп, рыӡӷабцəа аҩыџьагьы Шьами Шьифи Аԥсны ишиз. Шьам ԥшьышықəса лхыҵуеит, ахəыҷбаҳчахь дныҟəоит, аиҵбы ҩышықəса дырҭоуп.

Афра Чатау - Sputnik Аҧсны
Шьамтәылатәи ҳџьынџьуаҩ Афра Чаҭау: Аԥсны ҳаԥшәыманы ҳхы аабоит

"Хымԥада, абызшəа азҵаара проблемас иҳамоуп, уи ахныҟəгаразы акырӡа аҵанакуеит. Акырӡа аҵанакуеит иара убас аусурҭа азҵаарагьы. Сара занааҭла смеханикуп, Аԥсны иарбан усзаалак акгьы ҟəнысшьаӡом, изласылшо ала сҭаацəа ныҟəызгоит", - ҳəа азгəеиҭоит Муҳаммед Доӷəыз.

Муҳаммед Доӷəыз иԥшəмаԥҳəыс лакəзар, Аԥсны лыҟазаара мап ацəылкуам, лҭаацəа зегьы Шьамтəыла ишыҟоугьы. Лара излалҳəо ала, аимадара рыбжьоуп, мышкгьы мцац ҭелла имеицəажəакəа.

"Сара сзы уадаҩра ҳəа акгьы цəырнамгаӡеит ари адгьыл аҿы сахьынхо. Зегьы ирыцкуп сҭаацəеи сареи ҳəоуеиқəшəала ҳахьынхо. Маҷ-маҷ аԥсуа ҵасқəа реилкаара саҿуп. Шьамтəыла аԥсуа ҭаацəара срыланагалеит, аха ақьабзқəа зегьы збаанӡа аибашьра ҳаиҟəнашеит. Схəыҷқəа рыԥсадгьыл аҿы ирызҳауеит, уи азы сара ԥырхага рысҭом, изласылшо ала адгылара рысҭоит. Насгьы сгəы ӷəӷəоуп саҳəшьеиҳаб лҭаацəеи лареи Аԥсны иахьынхо, уигьы лыԥшəма даԥсыуоуп, Шьамтəылантəи арахь нхара иааит шықəсқəак раԥхьа", - ҳəа азгəалҭеит Маха Альбани.

Фадель Лушба - Sputnik Аҧсны
Фадель Лышəба: насыԥуп ҳахшара рыԥсадгьыл аҿы иахьеизҳауа

"Ҳара Аԥсны аӡбахə ажəала иҳаҳауазҭгьы атəым тəылаҿы ҳанынхоз, уажəы иаҳбарҭоуп шаҟа иԥшӡоу аԥсабара, ауаа. Ҳгəы еизҳауеит Аԥсны аибашьра аамҭа иалҵны аҭынч ԥсҭазаара иахьану, ҳарҭгьы ҳаӡəыкны ҳауаажəлар ҳахьрылагылоу. Ҳара ҳзы аханатə анхара уадаҩра хəыҷык ацзаргьы, агəра ҳгоит ҳахшара уи аҩыза шырԥеиԥшымхо, избанзар араҟа иит, аратəи аԥсҭазаара агьама ркышт, насгьы абызшəазы рхы иахашшаауа иҟаларым", - ҳəа азгəеиҭеит Муҳаммеди сареи ҳаиҿцəажəараҟны.

Муҳаммед Доӷəыз иахьа дынхоит Аҟəа ақалақь, инхарҭатə ҩны ақьыра ахахьы иагеит Аԥсадгьыл ахь архынҳəреи адемографиеи рзы аминистрра. Иаарласны дара иртəу ауадақəа роураны иҟоуп аҳəынҭқарра абзоурала.

Муҳаммед Доӷəыз иҭаацəа акыр уреигəырӷьаратəы иҟоуп, иубарҭоуп ииашаҵəҟьаны ҳəоуеиқəшəала ишынхо. Иара ҟазшьала ахӡыргара илам, убас еиԥш мыцхəгьы ацəажəара. Ари аԥсҭазаараҿы зегьы лахьынҵак-лахьынҵак рымоуп. Ус анакəха, Доӷəызаа рҭаацəа рыԥсадгьыл аҿы рыхшара рира дара рзы зегьы иреиҳау насыԥны иахəаԥшуеит.

"Аԥсуаа еизҳароуп, рымч-рылша ӷəӷəахароуп, аҿар рҵарадырра аизырҳара зегь раԥхьа игылазароуп. Аԥсуаа еснагь хьӡи-ԥшеи рыгмызт, аҭоурых изҭанаргылаз рацəоуп, аха алҵшьа рҽақəдыршəон, аринахысгьы ҳажəлар аԥеиԥш бзиа шрымоу агəра згоит. Ҳҭаацəа рызбжа ҳəынҭқаррак аҿы иҟоуп, урҭ ҳрызхьаауеит, иаҳбарц ҳҭахуп, аха аҭагылазаашьа ус ҳақəнаршəеит, зегьы агəабзиара рзеиӷьасшьоит, ҳарҭгьы ҳхы ҳахашшаауам, ҳашьцəа рыгəҭаны ҳанхоит", - иҳəеит Муҳаммед Доӷəыз.

Акыр агəахəара ҳнаҭеит Доӷəызаа рҭаацəара ҳахьырҭааз. Шьами Шьифеи ракəзар, иҳадгьежьылон, рыла гəыҭбаақəа рыла ҳаимырдон, иаҳҳəоз рыбжьы мыргакəа иазыӡырҩуан, рыхəмарга хəыҷқəа ааганы инаҳдыркуан, ҳрыцыхəмарырц рҭахын. Ҳарҭгьы ҳаиԥырҵымҭазы иаҳҭаххеит гəаларшəагас афотосахьақəак еицҭаҳхырц, уигьы мышкы зны аҭоурых иаҿахəҳəаганы иаанхарц.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0