Sputnik хәажәкыра: "аполитикатә ԥшатлакә", ахада ҿыц, апандемиа

© Foto / МЧС Абхазии Сотрудники МЧС Абхазии провели дезинфекцию хлорсодержащим составом КПП "Псоу"
Сотрудники МЧС Абхазии провели дезинфекцию хлорсодержащим составом КПП Псоу - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит есымзатәи иналукааша ахҭысқәа реизак. Хәажәкыра 1-31 рзы Аԥсны имҩаԥысыз ахҭысқәа - ҳматериал аҿы.

Раԥхьатәи ааԥынтә мза Аԥсны акыр еилаҩеиласра аанагеит. Алхрақәа мчыбжьқәак шрыгыз ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа урыстәылатәи ахәышәтәырҭахь днаргеит, атәылаҿ аполитикатә кризис агага еиҭацәырҵит.

Иҭышәынтәаламыз аполитикатә ҭагылазаашьа иацлаз акоронавирустә шәарҭарагьы агәхьаа мкыкәа имҩаԥган ахада ҿыц иалхрақәа.

Sputnik

Аполитикатә ҭышәнымтәалара

Аслан Бжьаниа иалхратә кампаниа аанкылан хәажәкыра 2 рзы уи иаалырҟьаны игәабзиара анышьақәҟьа ашьҭахь, Шәачатәи ахәышәтәшырҭақәа руак данҭашәа. Уи амедикаментозтә кома далагаланы Краснодарҟа диаган асанитартә авиациа иатәу авертолиот ала. Уа диагнозс изықәдыргылеит ҩ-ганктәи аполисегментартә гәаҵәкра.

Аԥсны ахадарахьы акандидатцәа Леонид Ӡаԥшьбеи Адгәыр Арӡынбеи ирҳәеит алхратә компаниа шааныркыло Аслан Бжьаниа игәабзиара шьақәгылаанӡа.

Первая краевая Краснодара - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа иофициалтә диагноз шьақәыргылоуп

Уаанӡа, хышәҩык инарзынаԥшуа Аслан Бжьаниа идгылаҩцәа хәажәкыра 3 рзы Аминистрцәа реилазаара ахыбра аҿаԥхьа еизеит. Бжьаниа идгылаҩцәа Валери Бганба инапынҵақәа шьҭеиҵарц, алхрақәа ҟалаанӡа апарламенттә напхгара ҟаларц адҵа ҟарҵеит.

Ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа иштаб аҿагыларатә акциа аус алам ҳәа Sputnik акорреспондент иеиҳәеит аштаб анапхгаҩы Александр Анқәаб.

Еизаз рыхәҭак Аминистрцәа реилазаара ахыбра аҩныҵҟа иҩналеит, ахԥатәи аихагылаҿы Валери Бганбеи дара рхаҭарнакцәеи ахьеилацәажәо ахь ихалеит.

Акциа алахәылацәа Аԥсны аиҳабыреи араионқәа рхадацәеи АКХи рнапынҵақәа шьҭарҵароуп ҳәагьы рҳәеит.

Аслан Бжьанииа иштаб аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Леонид Лакербаиа иҳәеит Бжьаниа алхрақәа дызрылахәымхар, алхрақәа рыҿҳәара анахара азҵаара иалацәажәатәхоит ҳәа.

Адгәыр Арӡынба идгылаҩцәа ракәзаргьы Апарламент ахь инеиит Аслан Бжьаниа идгылаҩцәа Аминистрцәа реилазаара аԥхьа аизара ианалага ашьҭахь.

Валери Бганбеи ахадарахьы акандидатцәеи Аслан Бжьаниа ихаҭыԥуаҩрахь акандидати еиԥыланы аҭагылазаашьа ианалацәажәа иазгәарҭеит алхрақәа рыҿҳәара анахаразы Бжьаниа ихаҭа иажәа ишазыԥшуа. Наҟ-ааҟгьы еизаны игылаз абри ашьҭахь еимыҵит.

Аслан Бжьаниа Аԥсныҟа дхынҳәит хәажәкыра 14 рзы.

Алхра хада

Аԥсны ахада абыжьбатәи иалхрақәа мҩаԥысит амҽыша, хәажәкыра 22 рзы. Ахадарахьы кандидатцәас иқәгылан - аоппозициаа рыблок аиҳабы Аслан Бжьаниа, апартиа "Акзаара" ахантәаҩы Леонид Ӡаԥшьба, Аԥсны аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба.

Зынӡа атәылаҟны абжьыҭара мҩаԥысуан алхырҭатә ҭыԥқәа 152 рҿы, иара убас Москвеи Черқьесски Аԥсны атәылауаа рыбжьы арҭар рылшон. Зынӡа абжьыҭаразы азин рыман 127 нызқьи 232-ҩык алхыҩцәа.

Выборы президента Абхазии - Sputnik Аҧсны
Аилагарақәа ыҟам: анаԥшыҩцәа Аԥсны ахада иалхрақәа ахәшьара арҭеит

Алхратә комиссиа хада адыррақәа рыла, асааҭ 12:00 рзы Аԥсны ахы-аҵыхәа рыбжьы арҭахьан 23,78% алхыҩцәа, асааҭ 15:00 рзы ауаа рааишьа иартәеит 43,29%, 18:00 рзы – 58,85%. Алхрақәа шьақәгылеит ҳәа рылаҳәан.

Ачымазара ҿкы акоронавирус аҽацәыхьчаразы алхрақәа рымм аҽны алхырҭатә ҭыԥкәа рҟны асаниатарҭә ҳақьым хада лабжьгарақәа ирықәныҟәон. Анаԥшцәа ражәақәа рыла еилагар ыҟамкәа ихыркәшахеит алхратә мшы.

Аштабқәа рҟынтәи заанаҵтәи адыррақәа еилкаахеит хәажәкыра 22 ауха. Урҭ инарықәыршәаны Аслан Бжьаниа 57,22% бжьы иоуит, Адгәыр Арӡынба – 35,73%, Леонид Ӡаԥшьба - 2,01%.

Алхра алкаақәа шыҟарҵаҵәҟьаз Адгәыр Арӡынба Аслан Бжьаниа дидныҳәалеит.

Хәажәкыра 24 рзы Аԥсны АКХ аофициалтә лкаақәа рыланаҳәеит:

  • Аслан Бжьаниа - 56,5%
  • Адгәыр Арӡынба - 35,42%
  • Леонид Ӡаԥшьба - 2,22%
  • Зегьы ирҿагылеит - 1666 –ҩык, 1,75%.

АКХ: Аслан Бжьаниа Аԥсны ахадас далхуп

Аиааира ахыԥхьаӡарақәа: Аԥсны ахада иалхрақәа рзы адыррақәа

Акоррупциа иаҿагыланы ақәгылара

2020 шықәса, хәажәкыра 2 рзы хҩык ҳтәылауаа амлашьра иалагеит. Хәажәкыра 9 рзы урҭ ирыцлеит даҽа хҩык. Зынӡа имлашьуан хәҩык: Џьансыхә Адлеиба, Асида Кортуаԥҳа, Иван Ачба, Марина Агрԥҳа, Алина Ачԥҳа, Бота Ажьиба.

Асида Кортуа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Амлашьра иалахәыз Кортуаԥҳа: агәыӷра ҳамоуп азҵаара ишахәҭоу иӡбахап ҳәа

Дара дҵаны иқәдыргылон Апарламент адепутатцәа "Амаҵзурауааи адепутатцәеи рхашәалақәеи, рныхрақәеи, рмазареи, амазаратә ҟазшьа змоу рхыдҵақәеи ашәҟәы рҭагаларазы" азакәан ахь хара имгакәа ариашарақәа аларгаларц.

ЕАР Аконвенциа 20-тәи ахәҭаҷ адкылара адгылаҩцәа ражәақәа рыла, хәажәкыра 9 рзы 5000 напынҵамҭа еизыргахьан, даҽа 2000 напынҵамҭа атәыла егьырҭ ақалақьқәеи араионқәеи рҟны еизгоуп.

Аԥсныҟа иара убас иааргеит Шәачатәи ҳдиаспораҟынтәи анапынҵамҭақәа шәкы.

Хәажәкыра 11 рзы Аҟәа, Ахақәиҭра ашҭаҿы амлашьратә акциа мҩаԥызгоз рахь инеит Апарламент адепутатцәа гәыԥҩык.

Адепутатцәа Рауль Лолуа, Лаша Ашәба, Асҭамур Аршба, Гиви Кәарҷиа аҿагыларатә акциа алахәылацәа рахь аҳәара ҟарҵеит амлашьра иаҟәыҵырц, ажәа рырҭеит "Амаҵзурауааи адепутатцәеи рхашәалақәеи, рныхрақәеи, рмазареи, амазаратә ҟазшьа змоу рхыдҵақәеи ашәҟәы рҭагаларазы" азакәан ахь ариашарақәа шаларгало азы.

Народное собрание Республики Абхазия - Sputnik Аҧсны
Жәлар реизара адепутатцәа акоррупциа иаҿагыло азакәан ариашарақәа аларгалеит

Активистцәа урҭ ражәа иацныҟәаны рымлашьра ааныркылеит.

Апарламент адепутатцәа "Амаҵзурауааи адепутатцәеи рхашәалақәеи, рныхрақәеи, рмазареи, амазаратә ҟазшьа змоу рхыдҵақәеи ашәҟәы рҭагаларазы" азакәан ахь ариашарақәа аларгалеит хәажәкыра 12 рзы.

Апарламентарицәа рыӡбарала ачынуаа рхаҭақәа рыдагьы урҭ рыҳәса/рхацәа, зықәра намӡац/ зықәра наӡахьоу рыхшара, рашьцәа/раҳәшьцәа рхашәалақәа ашәҟәы иҭаргалалароуп.

Ишәарҭоу апандемиа

Акоронавирустә инфекциа ахы акит Китаи 2019 шықәса ԥхынҷкәынмзазы. Уи иаразнакы адунеи атәылақәа амҽханакит.

Хәажәкыра 11 рзы Агәабзиарахьчараз адунеизегьтәи аиҿкаара иазханаҵеит акоронавирус адунеиаҿ алаҵәара пандемиа аҟазшьа шьҭнахит ҳәа.

Граница  - Sputnik Аҧсны
Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳәаа узахымсуа иаркхар ҟалоит

Пандемиа ҳәа иашьҭоуп тәылак ма атәылақәа жәпакы зымҽхазкыз аепидемиа.

Аԥсны аҩныҵҟа авирус иаҿагыланы ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара хацдыркит хәажәкыра 5 инаркны.

Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра акоронавирус иаҿагыланы ақәԥаразы жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа Агәабзиарахьчаразы адунеизегьтәи аиҿкаара, Еиду амилаҭқәа реиҿкаара, Евроеидгыла рахь ацхыраара иаҳәеит.

Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрреи Роспотребнадзори Аԥсны аҳәаа иахьаԥну асанитар-карантинтә ҭыԥқәа рырӷәӷәаразы ишацхраауа аҳәеит.

Урыстәылеи Аԥсни рҳәааҿы иара убасгьы иаԥҵахеит асанитар-карантинтә ҭыԥ. Егры аҳәаала аус зуа аҳақьымцәа рыбригада аусурагьы рыӷәӷәахеит.

Ареспубликаҿы иаԥҵахоит авирус здырбалаз рзы акарантин ахьеиҿкаахо амедицинатә усҳәарҭақәа ҳәа аӡбра рыдыркылеит.

Хәажәкыра 11 рзы Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба адҵа ҟаиҵеит Аԥсныи Қырҭтәылеи рҳәаа 2020 шықәс ахәажәкыра 14 инаркны иаркызарц.

Иара убасгьы Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба аамҭала ареспублика аҩныҵҟа аспорттә, акультуратә уснагӡатәқәеи аҳәаанырцә аусуратә ныҟәарақәеи рымҩаԥгара 2020 шықәса мшаԥы 7 рҟынӡа иаанкылахарц азы аусдҵа инапы аҵеиҩит.

Акоронавирус иадҳәалоу аҵыхәтәантәи ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Аҭагылазаашьа ҷыда

Хәажәкыра 28 инаркны мшаԥы 20 рҟынӡа Аԥсны аҩнуҵҟа аҭагылазаашьа ҷыда алагалоуп акоронавирус аламырҵәара хықәкыс иҟаҵаны. Иара убас, иаркуп аҳәаақәа, аиасра азин рымам атәыл тәылауаа реиԥш, Аԥсны атәылауаҩра змам ахаҽқәагьы. Аԥсны иалагалан иӷәӷәоу ахыхьчагатә уснагӡатәқәа.

Раԥхьатәи "агәыргьын"

 

Аԥсуа телехәаԥшра аефир аҿы Акоронавирустә инфекциа аламырҵәаразы Акоординациатә штаб алахәыла, адепутат Алхас Џьынџьал иҳәеит ачымазаҩ адиагноз "акоронавирус" шылзықәдыргылаз, Жәыргьыҭтәи ахәышәтәырҭаҿы дшышьҭоу.

Аухаҵәҟьа, атәыла ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба адҵа ҟаиҵеит Гали Очамчыреи араионқәа рыбжьара амҩа адыркырц. Хәажәкыра 31 рзы Гал 20:00 инаркны 07:00 сааҭынӡа акомендантә сааҭ аларгалеит.

Хәажәкыра 31 агәабзиарахьчара аминистрра алаҳәара ҟарҵеит Хецуриани лыкәша-мыкәша иҟаз ауаа шышьақәыргылоу, атестқәа иахрыжьуеит, уи ашьҭахь акарантин ахь ишырышьҭуа.

Работы в лаборатории  - Sputnik Аҧсны
Бганба адҵа ҟаиҵеит аҳәаанырцәынтә иаауа акарантин ахьырхыргаша аҭыԥқәа рхиазарц

Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба аусдҵа инапы аҵаиҩит аҳәаанырцәынтә иаауа акарантин рзеиҿкаараз аҭыԥ ҷыдақәа еиҿкаахарц. Акарантинтә ҭыԥқәа еиҿкаахоит: Гагра араион аҿы – аԥсшьарҭа ҩны "Ԥсоу", Гәдоуҭа араион аҿы – апансионат "Черноморец", Аҟәа – атуристтә сасааирҭа "Аиҭар", Очамчыра араион аҿы – аспортшкол "Абырлаш", Гал араион аҿы – Акультура аҩны.

Мшаԥымза 1 азы еилкаахеит Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳәаа узахымсуа иаркхар ҟалоит ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0