Урыстәылатәи аԥшыхәцәа "аӷа" итыл иалалеит

© Foto / пресс-служба ЮВОУрыстәылатәи аԥшыхәцәа "аӷа" итыл иалалеит
Урыстәылатәи аԥшыхәцәа аӷа итыл иалалеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атактика-ҷыдатә ҽазыҟаҵарақәа ирылахәын 60 рҟынӡа арратә техника, акәылӡы зқәу аԥшыхәратә машьынақәа "Дозоргьы" абрахь иналаҵаны.

АҞӘА, мшаԥы 7 - Sputnik. Аԥсны иҟоу урыстәылатәи арратә база аԥшыхәратә ҟәша аруаа "аӷа" итыл аҿы атактика-ҷыдатә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит. Абри атәы аанацҳауеит арратә округ апресс-маҵзура.

Аполигонқәа Ҵабали Нагвалоуи рҟны аԥшыхәцәа шьапылеи техникалеи 10 - 50 километра "аӷа" итыл иҭалеит. Аԥшыхәцәа аусура мҩаԥыргон ҩба-хԥа мшы.

"Аҽазыҟаҵараан ахархәара рыҭан ҳаамҭазтәи алазертә шәагақәа ЛПР-3, уахынла абара бзианы иалзыршо "Ратник". Иара убасгьы ахархәара рыҭан аимадара анапхгараҭагатщ комплекс "Стрелец", аԥырҩы дызҭам аԥрыга хархәагақәа", - ҳәа аанацҳауеит апресс-маҵзура.

Аԥшыхәыҩцәа ирҿагылан амотохысцәа, анџьныр-сапиортә гәыԥқәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0