Ауаҩи аԥсабареи анеимадоу: амаҭқәа знапы иазыршьцылоз Ӡаби Сымсымԥҳа лҭоурых

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаӠаби Сымсымԥҳа дызхыз аҩны, шәышықәса ахыҵуеит
Ӡаби Сымсымԥҳа дызхыз аҩны, шәышықәса ахыҵуеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шәышықәсаҟа раԥхьа инхоз, ҷыдала аԥсабара иадҳәалаз Ӡаби Сымсымԥҳа хаҭала дыздыруаз лҟынтә аҭоурыхқәа ҳзанылҵеит Sputnik аколумнист Саида Жьиԥҳа.

Ауаҩи аԥсабареи шеимадоу ахәыҷгьы идыруеит. Абна абызшәа шыҟоугьы, уи ахархәара шамоугьы жәабжь ҿыцым. Иахьа ишәыдызгалоит амаҭқәа знапы иазыршьцылоз, Калдахәара инхоз Ӡаби Сымсымԥҳа лҭоурых.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Бзыԥҭа аиҩхаала, аӡиас уанырлак, ишиашоу ицо амҩахәасҭа унанагон Калдахәара ақыҭахь, еихагылакны иҟаз ашәаԥыџьаԥ иалубаауаз Ӡаби Сымсымԥҳа лхаҳә ҩнахьы. Лара лхатә ԥсҭазаара аншьақәҟьа, џьоукгьы изларҳәо ала, лхәыҷызаҵәгьы данлыԥха, лгәы лхашҭырц акәу, мамзаргьы ус илцәаҩазу аԥсабара лҽамалдо далагеит. Аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи драцәажәон.

Ашәарыцара - Sputnik Аҧсны
Ашәарыцаратә бызшәа амаӡақәа

"Сара схәыҷын, аха сгәалашәараҿы инхеит Ӡаби, Быџьгәал ҳәа илымаз ала ҷыдала афатәқәа шазыҟалҵоз. Уимоу, лааигәа иҟаз ԥстәык, ԥсаатәк хьаак азаалымгацызт. Ус дшыҟаз, ауаа илыдырбало иалагеит амаҭқәа. Урҭ лыҩны иҩналон, лиараҿгьы илыцшьҭалон", - даныхәыҷыз илбаз, илаҳаз еиҭалҳәоит Ӡаби лгәыла, иахьа 70 шықәса ирықәу Марина Дбарԥҳа.

Ӡаби амаҭқәа ицқьоу ҳәазақәоуп ҳәа илԥхьаӡозаарын. Зны ашылазы гәылаԥҳәыск данлызнеи, "ашылаҭраҿы бнеины ига" ҳәа ҿаалҭит уи аамҭазы ауҭра иҭаз Ӡаби. Егьи ашылаҭра данҭаԥшы дыҳәҳәазаап. Иҟалаз еилызкааз аԥшәма, "бымшәан, урҭ раҟара ицқьоу абаҟоу" лҳәазаап. Марина Дбарԥҳа иахьынӡалгәалашәо, уи агәыла илҳәон Ӡаби илкыз алабала, ашьац аҿы алакь (зигзаг) алдо амаҭ ишцаша амҩа алырбеит ҳәа.

"Иаанаго сыздыруамызт, аха лассы-лассы лажәа иалалҵон "ӡыгәыршьи, ӡыгәырҟани" ҳәа. Уи дызларацәажәоз абызшәа иалаз ажәақәа ракәзаргьы ҟаларын, избанзар слымҳа зышьцылаз ауаҩытәыҩсатә цәажәара дацәхьаҵуан, маҭык анылбоз", - ажәабжь иацылҵоит агәылаԥҳәыс Марина.

Ӡаби ауаа рзгьы дразын. Аиҳарак ахәыҷқәа бзиа илбон, есыҽны гәылахәыҷык дылзымнеикәа иҟамлацызт. Хымԥада ааигәа-сигәа инхоз ирдыруан аԥсабери лареи реимадара ҷыда. Аха шәарҭак лыхҟьоит ҳәа рхахгьы иааргомызт.

Кәтол ақыҭа Жәабран аныҳәа азгәаҭара - Sputnik Аҧсны
Жәабран: Аиҭар инцәахә ду – арахә ирхылаԥшу изку аныҳәара

"Агәылацәа хәыҷқәа Ӡаби аиарҭаҿы амаҭқәа лыцшьҭоуп, лшьапы иакәыршаны иаҳбеит ҳәа анырҳәагьы, абжьааԥны ауаа аншәалак, насгьы ас еиԥш амистикатә ҟазшьа змоу ашьцыларақәа анидырбалалак "дыџьнышуп" шырҳәо еиԥш, уи аҩыза рыхгьы иҭамшәеит. Избанзар дыҟамзар ҟалап ԥсыуак "аҵыс бызшәа", "ашәарацара абызшәа" шыҟоу ззымдыруа. Ӡаби лакәзаргьы, аԥсабара илнардырыз амаҭқәа арацәажәашьа ауаа изларԥырхагази. Сара уажәшьҭа сажәит, аха схәыҷаахыс Ӡаби илыхҟьаны аӡәы маҭык ицҳаит ҳәа смаҳацызт, иара ашьха ашьапаҿы ҳшынхогьы, есааԥынра ҳамхқәеи, ҳуҭрақәеи рҿы ишаҳбогьы, аӡәызаҵәык ԥырхагак инамҭацт", - лҳәоит Марина Дбарԥҳа.

Ас еиԥш ҳлымҳа зышьцылам, иҵабыргу ажәабжьқәа егьа хкы ыҟоуп. Уи иҳанаҳәоит шаҟа иҵаулоу жәлар рҭоурых.

Ӡаби Сымсымԥҳа лыхҭыс "ажәабжь, ажәабжь арҿиауеит" шырҳәо еиԥш ауп ишцәырҵыз.

Уажәааигәа, Sputnik асаит ахь исышьҭыз, алаф иазкыз аколонкаҿы иасырбеит сзыҿцәажәоз аӡәы, бааԥсаразы "акәты бзысшьуеит" ҳәаны ишылхашҭыз. Уи иаԥхьаз сҩыза Ванда Хагәышьԥҳа изныкымкәа аҩныҟа ааԥхьара сылҭахьан, аха еиуеиԥшым амзызқәа ирхырҟьаны снеиртә иҟамлацызт азы, "Саида, быстатиа санаԥхьа, сара сзы ибҩызшәа иҟалеит, абри амш азы сыбзыԥшуп, уаҳа ҿыҵга смаҳароуп" анылҳәа, сасра сахьнеиз, илырхиаз ачеиџьыка хазына ҳшадтәалаз, ани-ари, уҳәан-сҳәанс иҟаз зегьы ҳшалацәажәоз Ӡаби лҭоурых аҟынӡагьы ҳнаӡеит. Ажәакала, аҩызцәа, шәрызҿлымҳаз амассатә-информациатә хархәагақәа. Ижәдыруеи, жәабжьк даҽа жәабжь ҿыцк адац ыҵнахыргьы…

Уажәы шәара астатиа шәаԥхьала, сара Хагәшьаа аҩныҟа санаауаз исырҭаз абырҷман ахҩареи, аџьыка фҩы хааи схы иархәаны ачаԥа ҟасҵап. Рҩы шкәакәагьы хыртны рааԥсара сахныҳәап.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0