Адепутатцәа Бжьаниа, Анқәаб, Дбар, Хагәышь рнапынҵақәа шьҭарҵеит

© Sputnik / Томас ТхайцукПарламент
Парламент  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апарламент адепутатцәа рнапынҵақәа рышьҭаҵаразы аӡбамҭа рыдыркылеит Аԥсны Жәлар реизара асессиаҿы маӡалатәи абжьыҭирала.

АҞӘА, лаҵара 4– Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, аԥыза-министр Александр Анқәаб, Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар, Гагра араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Иури Хагәышь рдепутаттә маҵзурақәа шьҭарҵеит ҳәа аанацҳауеит Апарламент асаит.

Апарламент адепутатцәа рнапынҵақәа рышьҭаҵаразы аӡбамҭа рыдыркылеит Аԥсны Жәлар реизара асессиаҿы маӡалатәи абжьыҭирала.

Еидырҵаз, еиҭаркыз: Аԥсны аиҳабыра реилазаашьа ҿыц - Sputnik Аҧсны
Еидырҵаз, еиҭаркыз: Аԥсны аиҳабыра реилазаашьа ҿыц

Аслан Бжьаниа атәыла ахадас дҟалеит мшаԥы 23 рзы.

Мшаԥы 24 рзы Александр Анқәаб аԥыза-министрс дҟалеит. Мшаԥы 30 рзы Дмитри Дбар Аԥсны ААР дахагылеит. Иара убри амш азы Аслан Бжьаниа аусԥҟа инапы аҵаиҩит Гагра араион ахада инапынҵақәа Иури Хагәышь инаигӡаларц.

Аԥсны азакәанԥҵара инақәыршәаны, адепутаттә ҭыԥқәа анҭацәлак ашьҭахь аԥсны АКХ Апарламент ахь алхрацҵақәа ррыцхә шьақәнарӷәӷәароуп.

Аԥсны Апарламент адепутатс дҟалар илшоит дарбанызаалак 25 шықәса ирҭысхьоу атәылауаҩ, алхратә зин змоу. Депутатс иҟалар ҟалом зус рыӡбахьоу, аҩыжәреи, арыҩшьыгақәеи зыҽрыдызцало ҳәа ишьоу, аԥсихикатә шьақәҟьара змоу. Абжьыҭара азин ырмоуп 18 шықәса ирҭысхьоу атәылауаа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0