АҶА иатәу даҽа жәаҩык акурсантцәа Аԥсныҟа ихынҳәит

© Sputnik / Акоп Кущян Граница Псоу
Граница Псоу  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра адыррақәа рыла, иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рзы Ԥсоу аҳәаа иахысит 128-ҩык ауааԥсыра.

АҞӘА, лаҵара 24 – Sputnik, Бадри Есиава. Москватәи иреиҳау аҵараиурҭақәа ирҭоу Аԥсны АҶА акурсантцәа жәаҩык рыԥсадгьыл ахь лаҵара 23 рзы ихынҳәит, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит аминистр Лев Кәыҵниа.

"Ҩынтәуп ҳкурсантәцәа еицны иаауеижьҭеи. Зынӡа Аԥсныҟа ихынҳәхьеит 23-ҩык акурсантцәа. Аҳәаа ианахысыз ашьҭахь дара аҽыԥхьакразы асасааирҭа "Аиҭар" ахь иҳашьҭит, акоронавирус азы анализгьы рымырхит. Анцәа иџьшьаны, акгьы рыдрымбалеит. Аҩбатәи агәыԥгьы "Аиҭар" ахь ирышьҭит, урҭгьы атестқәа рзыҟарҵараны иҟоуп, уаха ахәылбыҽха аҭак ҳаураны ҳаҟоуп", - иҳәеит Кәыҵниа.

Аминистр иазгәеиҭеит Москва макьана Аԥсны АҶА акурсантцәа аанханы ишыҟоу, урҭ "аграждантә хьчара" ахырхарҭала аҵара рҵоит иҳәеит. Дара рҽазыҟаҵарақәа макьана инымҵәаӡацт азы АҶА урҭ Аԥсныҟа уажәазы иазаагом.

Лаҵара 24, асааҭ 9:00 рызтәи адыррақәа рыла, агәаҭара-аужьратә ҭыԥ "Ԥсоу" иахысны Аԥсныҟа иалалеит 58-ҩык аграждантә хаҿқәа, аурыс аррамаҵурауаа ааҩык, аидарамҩангаҩцәа 46-ҩык, зхатәы автотранспорт ала ииасуаз Аԥсны атәылауаа фҩык, акурсантцәа жәаҩык.

Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирустә инфекциа рыхьхьеит 28-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә жәиԥшьҩык ргәабзиара шьақәгылахьеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0