Аԥсны анапхгара акурсантцәа рҵараиурҭақәа рахь рыхынҳәраҿ ирыцхраауеит

© Sputnik / Томас ТхайцукЗаседание штаба
Заседание штаба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы Акоординациатә штаб аилатәара мҩаԥысит лаҵара 28 рзы Аминистрцәа реилазаараҿы.

АҞӘА, лаҵара 28 – Sputnik. Аԥсны анапхгара акурсантцәа рҵараиурҭақәа рахь рыхынҳәраҿ ирыцхраауеит иҳәеит аԥыза-министр Александр Анқәаб ауааԥсыра fкоронавирус рацәыхьчаразы Акоординациатә штаб аилатәараҿы.

Глава МЧС Лев Квициния - Sputnik Аҧсны
Арадио
Кәыҵниа: Аԥсныҟа иаауа акурсантцәа ргәырҽанҵоуп, ахыԥхьакырҭаҿы аԥҟара еиларгар, ишыҭцахо

Аԥыза-министр иазгәеиҭеит аҭаацәа абилеҭқәа раахәараҿы ауадаҩрақәа роур алшоит ҳәа.

"Владимир Валери-иԥа (Делба, Афинансқәа рминистр – аред.) иарбан цхыраароу иҟаҳҵар ҳалшо. Зынӡа ишәцәыуадаҩхар, абизнесуаа еизыргаз аҟынтәи инхаз иахаҳхып ма даҽаџьара аҳәара ҟаҳҵап, аҭаацәа ауадаҩра иақәаҳмыршәарц", - иҳәеит иара.

Атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҵәыџьба иҳәеит акурсантцәа Аԥсны рыҟазаара аҿҳәара рашәара 5-10 рзы ишынҵәо.

Аха дара Урыстәыла ҩымз аҽыԥхьакратә режим иахьахысызи Аԥсны акарантин иахьахысызи Атәылахьчара аминистрра Урыстәыла Атәылахьчара аминистррахь аҳәаратә шәҟәы архиоит урҭ маҷк ихьшәаны аҵараиурҭақәа рахь инеирц, иаҳҳәозар, рашәарамза анҵәамҭазы.

"Аҭаацәарақәагьы абилеҭқәа рыхәԥса ршәартә аҭагылазаашьа ыҟам. Убри азы рашәара 1 азы ашәҟәы ҳашьҭуеит. Иахьазы акурсантцәа 268-ҩык ыҟоуп", - иҳәеит иара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0