Аԥшьашаҽны Аҟәа ахәҭак ӡыда иаанхоит

© Sputnik / Евгений Одиноков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКран в ванной комнате
Кран в ванной комнате  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Аӡыканал" Лечкоԥ иҟоу аӡеизакырҭа №5 аҿы, нас Дбар имҩеи Гәлиа имҩеи реихысырҭаҿы аӡыҭгага №2 аҿгьы аусурақәа мҩаԥнагоит.

АҞӘА, рашәара 3 - Sputnik. Аҟәа ақалақь араионқәак ӡыда иаанхоит рашәара ԥшьба асааҭ 00:00 инаркны 22:00 сааҭ рҟынӡа ҳәа аанацҳауеит АУН "Аӡыканал".

Аӡнеира аанкылахоит абарҭ араионқәа рҟны: Ажәытә ҳабла, Колос, Адыгаа рымҩа, ВИЕМ, Иашҭхәа, ақалақь агәы, аџьармыкьеи Алашарбагеи араионқәа.

Уаанӡа  Sputnik ишазеиҭарҳәахьоу ала, аӡы лассы-лассы аанкылара азҵаара ӡбахоит комплексла аӡымҩангагақәа рыԥсахрала. Арахь иаҵанакуеит аӡыҭгагақәа, аӡеизакырҭақәа, аӡеихшарҭақәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0