Быжьҩык акурсантцәа акоронавирус рцәа ишалоу ааԥшит Аԥсны

© Sputnik / Илья Наймушин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТест-системы для диагностики нового коронавируса
Тест-системы для диагностики нового коронавируса  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла акоронавирустә инфекциа амазааразы агәаҭара иахысит 57-ҩык.

АҞӘА, рашәара 3 - Sputnik. Акоронавирус чымазара ҿкы рцәа ишалоу шьақәырӷәӷәахеит иацы Москвантә иааз быжьҩык акурсантцәа ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Ичмазаҩу акурсантцәа зегьы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадахьы инагахоит ахәышәтәра иахысырц.

Аҟәатәи апансионат "Аиҭар" аҟынтә иахьа рыҩныҟа иоушьҭан 13-ҩык АҶА ахырхарҭала аҵара зҵо акурсантцәа, 14-мшы инаӡоз ихымԥадатәу ркарантин анынҵәа аамышьҭахь.

Аԥсны иахьазы иааидкыланы акоронавирус рыдырбалахьеит 35-ҩык ауааԥсыра. Урҭ рахьтә 27-ҩык ргәы бзиахеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0