Акоронавирус иахырҟьаны Аԥсны иалагалоу аԥкырақәа рԥсыҽхоит

© Sputnik / Томас ТхайцукЗаседание Координационного штаба по защите населения от коронавируса
Заседание Координационного штаба по защите населения от коронавируса - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы акоординациатә штаб аилатәара мҩаԥысит рашәара 11 рзы.

АҞӘА, рашәара 11 – Sputnik. Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы акоординациатә штаб рашәара 11 рзы аилатәараан ирылацәажәан атәылаҿ иалагалоу аԥкырақәа рырԥсыҽра алшара.

Агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа иазгәеиҭеит ареспуликаҿ иҟоу аԥкырақәа дырԥсыҽыр алшоит ашәарҭадара ақәныҟәарала ҳәа. Абри ашьҭахь аштаб алахәылацәа ҷыда-ҷыдала арҭ азҵаарақәа ирылацәажәеит.

Аԥкырақәа рсиа актәи апункт ала аштаб алахәылацәа еиқәышаҳаҭхеит. Ирыдыркылаз аӡбра инақәыршәаны рашәара 15 инаркны Аҟәеи араионқәеи рҿы аџьармыкьақәа уажәеиԥш мчыбжьык ахь хынтә акәымкәа есыҽны аусура иалагоит асанитартә нормақәа ирықәыршәаны.

КПП Псоу  - Sputnik Аҧсны
Александр Анқәаб: Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа макьана иаркызароуп

Аштаб иара убасгьы иалацәажәеит атеатрқәа русура алагара. Аҟәа ақалақь асанитар ҳақьым хада Алла Белиаева иазгәалҭеит уа арзҩыдара шыуадаҩу аҭыԥ татақәа рырацәаразы. Агәаанагарақәа рҽыршеит. Аԥсны ААР аминистр Дмитри Дбари ахада иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанбеи атеатрқәа аарттәуп рҳәеит ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба зегь шәатәуп, икапантәуп иҳәеит.

Уи адагьы аоперштаб алахәылацәа ахәыҷбаҳчақәа ирылацәажәеит. Аҵара аминистр Адгәыр Какоба аҳәара ҟаиҵеит урҭ аусура иалагарц. Араҟагьы аҳәоуеиқәымшәара аҭыԥ аман.

Аԥыза-министр Александр Анқәаб иҳәеит аԥкырақәа рзы аконсультациақәа рашәара 12 рызгьы ишрыцҵахо. Акызаҵәык зегь зықәшаҳаҭу –аҳәаа шыҟоу ааныжьроуп.

Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы акоординациатә штаб ажәалагалақәа амчра роуеит атәыла ахада Аслан Бжьаниа урҭ данрықәшаҳаҭхалак ашьҭахь.

Лаҵара 29 рзы Аслан Бжьаниа аусдҵа инапы аҵаиҩит аԥкырақәа рашәара 15 рҟынӡа иныжьзарц.

Аԥсны зынӡа авирус здырбалахьоу рхыԥхьаӡара 36-ҩык ыҟоуп. Урҭ рҟынтәи ааҩык Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы ишьҭоуп, 27-ҩык ргәабзиара шьақәгылеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0