Аԥсны ахада иабжьгаҩи ицхырааҩи аҭоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАдминистрация президента
Администрация президента  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада иабжьгаҩи ицхырааҩи раҭаразы аусдҵа напы аҵаҩуп рашәара 12 рзы.

АҞӘА, рашәара 12 - Sputnik. Аслан Бжьаниа ицхырааҩыс ихьӡ иҳәеит Валери Папба, иабжьгаҩыс – Григори Ԥлиа.

Абри азы адокументқәа ӡыргоуп ахада исаит аҿы. Аусдҵа инақәыршәаны, Папба адәныҟаекономикатә усқәа рзы цхырааҩыс дҟаҵоуп.

Абри аԥхьа Аслан Бжьаниа ицхырааҩыс дҟаҵан Ахрик Аҩӡба.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • Донецк иеибашьуаз Ахрик Аҩӡба Аԥсны ахада ицхырааҩыс дҟаҵоуп
Ажәабжьқәа зегьы
0