Лабра ахада инапынҵақәа назыгӡо ипҟара аганахь ала аусҭҵаара нкылазарц аҳәара ҟаиҵеит

© Sputnik / Владимир Астапкович / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРассмотрение апелляции на арест А. Кокорина и П. Мамаева
Рассмотрение апелляции на арест А. Кокорина и П. Мамаева - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Арутиун Мелкониан Лабра ақыҭа ахада инапынҵақәа назыгӡо ҳәа даҭан рашәара 12 рзы, адырҩаҽны иара иқәланы дрыпҟеит ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны ААР.

АҞӘА, рашәара 16 - Sputnik. Лабра ахада инапынҵақәа назыгӡо Арутиун Мелкониан Очамчыра араион аҩныҵҟатәи аусқәа рыҟәшахьы аҳәара ҟаиҵеит уаанӡа инеишьҭыз арзаҳал аганахь ала аусҭҵаара аанкылазарц. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР асаит.

Арзаҳал аҿы иара иаирбеит Лабра ақыҭа хәҩык ауааԥсыра рганахь ала иарбанызаалак ҽыԥныҳәак шимам. Дара аанкылан рашәара 13 рзы Мелкониан дрыпҟеит ҳәа.

Очамчира  - Sputnik Аҧсны
Лабра ахада инапынҵақәа назыгӡо ипҟара иалахәыз аанкылоуп

Аԥсны ААР апресс-маҵзура адыррақәа рыла, рашәара 13 рзы Мелкониан аҭел изасит аиқәшәаразы. Ааха зауз аҩны дахьнеиз ибеит игәашә аԥхьа гәыԥҩык ауаа шгылаз. Урҭ иарбанызаалак ак иамҳәакәа ипҟара иалагеит. Арутиун Мелкониан, ииулак дрымпыҵыҵны аҩны иҵәахыз, ашәҟәы иҭагалоу иавтомат "Калашников" ала аҳауахь дхысит.

Рашәара 14 рзы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа руаажәларратә еиҿкаара "Аруаа" абри ахҭыс аганахь ала аҳәамҭа ҟарҵеит, иазгәарҭеит ақыҭа ауааԥсыра агәынамӡара шаадырԥшуа зрепутациа цқьам ауаҩы ақыҭа ахадас дахьықәдыргылаз азы.

"Мелкониан ахара идырҵоит анаркотикқәа, хаҭала амарихуана иҭиуан ҳәа. Ҭаацәала ааигәанӡа амарихуана аҭира рнапы алакын", - аҳәоит аҳәамҭаҿы.

Ефрем Кесиан, Гарик Сариан, Левон Кесиан, Аршак Кереселиан, Размик Сефериан рганахь ала Очамчыра араион аҩныҵҟатәи аусқәа рыҟәша аусҭҵаара аанкылоуп.

Ахҭыс ази абарҭ ауаа рганахь ала аматериал еизганы, аусҭҵаарахь инашьҭын.

Ажәабжьқәа зегьы
0