Аԥсны иазԥхьагәарҭоит ConIFA-2020 аверсиала атурнирқәа рымҩаԥгара

© Foto / Con ChronisМяч на поле во время чемпионата по футболу ConIFA
Мяч на поле во время чемпионата по футболу ConIFA - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра анҵәамҭазы ицәырҵит аинформациа ашьапылампыл азы адунеи ачемпионат ConIFA-2020 акоронавирус иахырҟьаны иҟалом ҳәа.

АҞӘА, рашәара 17 – Sputnik. Аԥсны иалшо зегь ҟанаҵоит даҽазныкгьы ареспубликаҿы адунеи ма Европа ачемпионат ConIFA аверсиала имҩаԥгахарц ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҿари аспорти рзы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Џьамал Гәбаз.

"Уи азы аилацәажәарақәа мҩаԥысуеит. Ҳақәгәыӷуеит алҵшәақәа ҟалап ҳәа. ConIFA аҿы аԥсахрақәа рацәоуп, даҽа џьоукы ахагылоуп. Уажәы аиҿҟәажәарақәа мҩаԥаагоит, Аԥсныҟа иааҳаԥхьеит, иаар, иҟоу рбар, иргәаԥхар, даара ибзиахон", - иҳәеит иара.

Хәажәкыра анҵәамҭазы ицәырҵит аинформациа ашьапылампыл азы адунеи ачемпионат ConIFA-2020 акоронавирус иахырҟьаны иҟалом ҳәа.

Футбол. Абхазия-Пенджаб - Sputnik Аҧсны
Ашьапылампыл асразы адунеитә чемпионат ConIFA-2020 мҩаԥысуам акоронавирус амшала

Атурнир мҩаԥысраны иҟан Аҩадатәи Македониа лаҵара 30 - рашәара 7 рзы.

Уаанӡатәи адыррақәа рыла, арҭ ахәмаррақәа Аԥснытәи акоманда ада имҩаԥысыр акәын.

ConIFA ахада ихаҭыԥуаҩ Дмитри Паӷәаа иҳәеит Аԥсны залахәхомызт ареитингтә таблицаҿы аквалификациатә очкоқәа ахьмаҷызи аквалификациатә хәмаррақәа рхыԥхьаӡара ахьазымхози рзы ҳәа.

Изаамҭанытәиу Аԥсны 27-тәи ачемпионати Атәыла ахраҿеи рзы 2019 шықәса рзы иҟалараны иҟаз ачемпионат афинанстә проблемақәа ирыхҟьаны 2020 шықәсахьы ииаган.

Зыҿҳәара ахыгаз ахәмаррақәа мҩаԥгахоит нанҳәамза алагамҭазы ҳәа рашәара 16 рзы адырра ҟаиҵеит Аԥсны Афедерациа ахада Џьума Кәарцхьиа.

27-тәи ачемпионати Атәыла ахраҿеи рзы ахәмаррақәа ирылахәхоит быжь-командак: "Риҵа", "Афон", "Ерцахә", "Самырзаҟан", "Динамо", "Нарҭ", "Гагра".

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0