Аԥсны АКХ аҿы адепутатрахь акандидатцәа рефиртә аамҭа шьақәдыргылеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны АКХ аҿы адепутатрахь акандидатцәа рефиртә аамҭа шьақәдыргылеит
Аԥсны АКХ аҿы адепутатрахь акандидатцәа рефиртә аамҭа шьақәдыргылеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апарламент ахь адепутатразы акандидатцәа зегьы еиҟароу аефиртә аамҭа рзыԥҵәоуп Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телехәаԥшраҿы.

АҞӘА, рашәара 24 - Sputnik. Аԥсны Ацентртә алхратә комиссиа аҵәҭаԥсара мҩаԥнагеит Апарламент ахь депутатс зкандидатура ықәгылоу Аԥсуа телехәаԥшраҿы аамҭа роуразы. Абри атәы аанацҳауеит АКХ асаит.

Бзыԥтәи алхратә ҭыԥ хада № 10 аҿы иҭаҩу акандидатцәа Ҭамаз Леибеи Ҭемыр Беиеи ԥхынгәы 6 рзы аефир рыҭахоит.

Выборы президента Абхазии. ЦИК - Sputnik Аҧсны
Аԥсны АКХ аҿы жәҩык адепутатрахь акандидатцәа ҭарҩит

Гәдоуҭатәи алхратә ҭыԥ хада №18 ала ашәҟәы иҭагалоу Асҭамыр Ахбеи Алхас Ҳагбеи – ԥхынгәы 7 рзы.

Оҭҳаратәи алхратә ҭыԥ хада №14 аҟнытә Жәлар Реизара адепутатрахь кандидатс иқәгылоу Робесҭан Габлиеи Алмасхан Барцыци – ԥхынгәы 8 рзы.

Кындыӷтәи алхратә ҭыԥ хада №31 аҟнытә Жәлар Реизара адепутатрахь кандидатс иқәгылоу Аидар Кәыҵниа, Гарри Кокаиа, Џьансыхә Адлеиба – ԥхынгәы 9 рзы.

АКХ иара убасгьы ишьақәнарӷәӷәеит алхратә биуллетенқәа рформеи ртекстқәеи.

Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент ахь алхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп ԥхынгәы 12 рзы рзы.

Азакәанԥҵаратә мчраҿы амандатқәа ԥшьба ҭацәуп - атәыла ахада Аслан Бжьаниа, аԥыза-министр Александр Анқәаб, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар, Гагра араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Иури Хагәышь рҭыԥқәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0