Ашьажә баауам, иԥсуам: Инна Бенделиании Еџье Џьаԥреи шеиуацәоу шеилкаахаз

© Фото : Тенгиз ТарбаГоры Абхазии
Горы Абхазии  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Мышқәак раԥхьа Sputnik аҟны Сырма Ашәԥҳа Ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуаҩ Еџье Џьаԥра лыӡбахә лҳәеит, иара убри аҽны ауаажәларратә усзуҩ Инна Бенделиани лабду ԥсуаҵас аиашьара шныҟәигоз иазкны Саида Жьиԥҳа ланҵамҭа кьыԥхьын. Арҭ аҩҭоурыхк шеиқәҿырҭыз атәы иахьатәи ҳҭыжьымҭаҿы.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Инна Бенделиани лабду Леуант Қәинаӡе шьҭрала Далтәиин. Уи иабиԥара амҳаџьырра зхыганы Аԥсныҟа ихынҳәқәаз ракәын. Аамҭала ирхыз аԥсуажәлагьы еиуеиԥшым амзызқәа ирхырҟьаны иԥсахын азы, иахьанӡа еиқәханы имааит. Абарҭқәеи, Леуант Қәинаӡеи Спирдон Адлеибеи ԥсуаҵас аиашьара шрыбжьарҵази ирыхҳәааз аҭоурых Sputnik асаит аҟны Инна Бенделиани илҳәамҭаны икьыԥхьын.

Ари ажәабжь даԥхьеит убри аҽны зҭоурых ажурналист Сырма Ашәԥҳа Sputnik ианылҵаз, Ҭықәтәыла инхо ҳџьынџьуаҩ Еџье Џьаԥра. Хара имгакәа, иахьа Ҭырқәтәыла иҟоу, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз Мгәыӡырхәа ашкол исыцҭаз Мануела Хәырхәмалԥҳа интернетла лыҽсымалдеит.

"Саида, Еџье Џьаԥра сара дысҩызоуп. Лаби лареи Аԥсныҟа ианнеи, рыжәлантәқәа ирышьҭан, аха ирымбеит. Шықәсқәак раԥхьа здунеи зыԥсахыз Лев Аҩӡба Еџье лыжәла аҭоурых иазкны илеиҳәахьан Аԥсны инхоз Џьаԥраа анкьа хҭысқәак ирхырҟьаны Қәинаӡе ҳәа ишырԥсахыз. Уажәы банҵамҭа данаԥхьа, уеизгьы есыҽны лыжәлазы илаҳарызеи ҳәа дышгәаҟуаз, лгәы хыҭхыҭуа дааҟанаҵеит", - ҳәа салҳәеит.

Мануела иацылҵеит лыблала ишылбахьоу амҳаџьырраан Дал иқәҵқәаз рсиаҿы ишыҟоу ажәла Џьаԥра. Еиқәҿызҭуаз афактқәа саргьы сдырхәыцит.

Инна Бенделиани - Sputnik Аҧсны
Инна Бенделиани: сабду Леуант Қәинаӡеи Спирдон Адлеибеи аиашьара шрыбжьарҵаз

Хымԥада, Мануелеи сареи ҳаицәажәара Инна лҟынӡа иназгеит. Ҭелла шакәызгьы, убри аамҭазтәи лцәаныррақәа снырын, схәы-сжьы еилагылеит.

Ажурналистцәа ҳанҵамҭақәа ирхылҿиааз ахҭыс атәы Сырма Ашәԥҳа ианылзеиҭасҳәа иџьалшьеит, сара сеиԥш лгәы арԥшааит. Анаҩс исзаалышьҭаз Еџье лҭел аномер Инна илысҭан, еицәажәеит.

"Саида, авидеоеимадарала ҳаицәажәеит. Сан лыблақәа лхыскааит. 36 шықәса лхыҵуеит, аԥҳа хәыҷы длымоуп, Гәында лыхьӡуп. Аԥсныҟа даар, мамзар сара Ҭырқәтәылаҟа сызцар, ҳаибабароуп. Сгәы исанаҳәоит Лев Аҩӡба илзеиҭеиҳәаз аҭоурых ҵабыргуп ҳәа. Иҭабуп даараӡа агәаԥхара боуны сабду иҭоурых ахьӡырыбгаз, иахылҿиааз ашана усгьы иббоит", - лыбжьы ҵысҵысуа аҭынха ҿыц дышлырҳаз атәы сзеиҭалҳәеит ҭелла лыҽсымаданы.

Иннеи Еџьеи мчыбжьык аахыс есыҽны еицәажәоит, реиҳабацәа рҭоурыхқәа ҭырҵаауеит. Убас аинтерес зҵоу даҽа факткгьы ахы цәырнагеит.

Еџье Џьаԥра, Агрба Аныл, Агрԥҳа Гәында - Sputnik Аҧсны
Еџье Џьаԥра: сара саԥсыуоуп, уи азы Ҳазшаз ҭабуп ҳәа иасҳәоит

"Еџье илдырарц лҭаххеит, избан Џьаԥра Қәинаӡе ҳәа изырԥсахыз. Уи саргьы сархәыцуан азы, сан лганахьала аиҳабацәа зегьы сразҵааит. Аиҳараҩык ирдыруаз - хҭысқәак ирхырҟьаны ақырҭуа жәла шьҭырхит ҳәа ауп. Аха иҟоуп аҵабырг иазааигоу даҽа гәаанагарак. Амҳаџьырраан мчыла рыԥсадгьыл ианахырцоз, иқәны ицазаап ҳшыхынҳәуа ҳәа. Рыԥсадгьыл ахь ианыгьежь, ажәа ақәра шьаҭас измаз ажәла Қәинаӡе шьҭырхит", - иҿыцны илаҳаз афакт дазгәыдууны еиҭалҳәеит Инна Бенделиани.

Сырмеи сареи ҳакәзар, агәахәара дуӡӡа ҳамоуп ҳажәабжьқәа ирыбзоураны аиуара ҿыц ахы ахьцәырнагаз. Уи шьақәырӷәӷәамзаргьы, дара ишрыдыркылаз баны "ашьажә баауам, иԥсуам" ҳәа ааибаҳҳәеит...

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0