Аҳазалхратә еилакы аԥхьатәи ашықәсбжазы аҳасабырба ҟанаҵеит

© Sputnik / Томас ТхайцукГосударственный таможенный комитет
Государственный таможенный комитет - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы 2020 шықәса аԥхьатәи азбжазы ареспублика адәныҟаекономикатә усура адыррақәа акьыԥхьит.

АҞӘА, ԥхынгәы 8 - Sputnik. 2020 шықәса аԥхьатәи азбжазы ареспублика атауареикәыршара 11 миллиарди 691 нызқьи мааҭ шьақәнаргылеит ҳәа аҳәоит Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аҳасабырба.

Банкноты номиналом 1000, 2000 и 5000 рублей. - Sputnik Аҧсны
Ажьырныҳәа-лаҵара рзтәи аҳазалхратә шәарақәа 2019 шықәсазтәи арбагақәа иреиҳауп

2019 шықәса абри аамҭазы атауареикәыршара иартәеит 11 миллиарди 698 миллиони мааҭ.

2020 шықәсазы рацәак идумзаргьы аимпорт 2019 шықәсазтәи арбага еиҳахеит - 8 миллиардки 702 миллиони мааҭ рыла ( 2019 шықәсазы – 8 миллиардки 509 миллионки мааҭ рыла).

Аекспорт акәзар еиҳа илаҟәит: 2020 шықәсазы – 2 миллиардк мааҭ (2019 шықәсазы – 3 миллиардки 189 миллиони мааҭ).

Аиҳарак аекспорт ахь ицо тауаруп арыжәтәаалыҵ – 52%. Аԥсыӡаалыҵ аҩбатәи аҭыԥ ннакылоит – 31%. 6-процентк – аҵиаалыҵ, 2-процентк – аметаллқәа, процентк – амҿи амҿлыхи.

2020 шықәса аԥхьатәи ашықәсбжаан ареспублика аиҳарак аимпорт ҳәа иҟаз афатәаалыҵ ауп  (31%).

Егьырҭ апозициақәа рыла аимпорт аилазаара:

  • амашьынақәа, атранспорттә хархәагақәа - 23%
  • аминерал аалыҵқәа- 16%
  • ахимиатә ааглыхра аалыҵ- 11%
  • егьырҭ атауарқәа - 6%
  • аҭаҭын аалыҵ, амҿлыхи ақьаадлыхи, аметаллқәеи урҭ раалыҵқәеи - 4%
  • аба, абалых, ашьапымаҭәа - 1%.

Аилак иара убасгьы иӡырнагоит аимпорт ахьынтәаагоу атәылақәа:

  • Урыстәыла – 67 %
  • Иапониа – 11 %
  • Молдова – 6 %
  • Ҭырқәтәыла – 4 %
  • Италиа – 2 %
  • Ермантәыла – 1 %
  • Китаи – 1 %.

Аекспорт аганахь алагьы Урыстәыла аԥхьа игылоуп (67%), анаҩс – Ҭырқәтәыла – 32%, егьырҭ атәылақәа – 1 %.
Убри аан 64% атауареикәыршара мҩаԥган автомобилтә транспорт ала, 25% - еихамҩала, амшын транспорт ала – 11%.

2020 шықәса аԥхьатәи ашықәсбжаан 11 913 ҳазалхратә декларациа еиҿкаан (2019 шықәса рзы – 13 407 декларациа).

Аилак адыррала, абиуџьет иалагалаз реиҳара ахәԥсацҵаз ашәахтә акәын – 370 миллион мааҭ, нас ашәахтәқәа – 217 миллион мааҭ, аизгақәа – 121 миллион мааҭ. Акцизтә шәахтәқәа ишьақәдыртәеит 90 миллион мааҭ.  Егьырҭ ашәарақәа – 17 миллион мааҭ.

Ажәабжьқәа зегьы
0