Апарламент ахь алхрақәа раан акоронавирус ацәыхьчаратә усмҩаԥгатәқәа ҟалоит

CC0 / / Дезинфекция рук
Дезинфекция рук  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарра Апарламент аҟны амандатқәа ахьҭацәыз рахь алхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп алхратә ҭыԥ хадақәа ԥшьба рҟны ԥхынгәы 12 рзы.

АҞӘА, ԥхынгәы 11 - Sputnik. Акоронавирустә инфекциа аҽацәыхьчаразы аусмҩаԥгатәқәа зегьы ирықәныҟәоит Аԥсны Апарламент ахь алхрақәа рымҩаԥысраан ҳәа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа.

"Акоронавирус иахҟьаны аԥкрақәа макьана иҟоуп. Агәабзиарахьчара аминистрреи Асанепидемстанциеи ари азҵаара аӡбараҟны ацхыраара ҟарҵеит, иҳарҭеит асабрадақәа, арзҩыдагақәа, урҭ зегьы алхратә ҭыԥқәа рахь инаҳгоит", - иҳәеит Гогьиа.

Иара убас иара иазгәеиҭеит АКХ алхратә ҭыԥқәа зегьы рҟны акомиссиақәа асабша, ԥхынгәы 11 рызтәи аҭагылазаашьала 98% рыла ишыхиоу. Иаанхаз аматериалқәа аҭыԥ ахь рнагароуп.

Алхратә ҭыԥқәа аус руеит асааҭ 8:00 инаркны 20:00 рҟынӡа. Алхрақәа шьақәгыларц азы ауаа рааишьа иартәароуп алхратә ҭыԥцыԥхьаӡа рҟны инхо атәылауаа рзеиԥш хыԥхьаӡараҟынтә 25%. Уи аҟара ауаа ахьымааиз алхратә ҭыԥ ҟалар, АКХ ҩымчыбжьа ирылагӡаны алхрақәа аныҟало даҽа рыцхәк шьақәдыргылароуп. Азакәан ишаҳәо ала, алхра ҿыцқәа мҩаԥысроуп абжьыҭара амш инаркны ҩымз ирхымгакәа.

Иҭацәыз аҭыԥқәа рахь: Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа - Sputnik Аҧсны
Иҭацәыз аҭыԥқәа рахь: Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа

Гогьиа даҽазныкгьы иҳәеит абиуллетенқәа рҟны ишыҟам "зегьы сырҿагылоуп" аграфа, иара убас ажәлақәа зегьы ахьыҵәаӷәоу абиуллетен ԥхасҭоуп ҳәа ишыԥхьаӡахо.

Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысуеит ԥхынгәы 12 рзы иҭацәыз амандатқәа ԥшьба рахь - атәыла ахада Аслан Бжьаниа, аԥыза-министр Александр Анқәаб, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар, Гагра араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Иури Хагәышь рҭыԥқәа.

Кындыӷтәи алхратә ҭыԥ хада №31 аҟнытә Жәлар Реизара адепутатрахь кандидатцәас иқәгылоуп: Аидар Кәыҵниа, Гарри Кокаиа, Џьансыхә Адлеиба; Гәдоуҭатәи алхратә ҭыԥ хада №18 ала - Асҭамыр Ахбеи Алхас Ҳагбеи; Бзыԥтәи алхратә ҭыԥ хада № 10 ала – Ҭамаз Леибеи, Ҭемыр Беиеи; Оҭҳаратәи алхратә ҭыԥ хада №14 аҟнытә Жәлар Реизара адепутатрахь кандидатцәас иқәгылоуп Робесҭан Габлиеи Алмасхан Барцыци.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0