Аԥсны АКХ аҟны ирҳәеит Апарламент ахь алхыҩцәа рааишьа шыҟоу

© Sputnik / Михаил Мокрушин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥсны АКХ аҟны ирҳәеит Апарламент ахь алхыҩцәа рааишьа шыҟоу
Аԥсны АКХ аҟны ирҳәеит Апарламент ахь алхыҩцәа рааишьа шыҟоу - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апарламент аҟны иҭацәыз аҭыԥқәа рахь адепутатцәа ралхразы абжьыҭара иалагеит амҽыша, ԥхынгәы 12, асааҭ 8:00 инаркны.

АҞӘА, ԥхынгәы 12 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны АКХ асааҭ 11:30 рызтәи адыррақәа рыла, Апарламент ахь алхратә ҭыԥ хыдақәа ԥшьба рҟны алхрақәа раан абжьыҭара активла иаҿуп, абри атәы  Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа. 

"Абжьыҭара уаҳа аҭахымкәа имҩаԥысуеит, асҵәҟьа ауаа активла иааиуеит ҳәа ҳазыԥшымызт. Асааҭ 8:00 инаркны ауаа рааишьа бзиоуп", - ҳәа азгәеиҭеит АКХ ахантәаҩы.

  • Бзыԥтәи алхратә ҭыԥ хадаҟны ауаа рааишьа иартәоит 10,77 %;
  • Оҭҳаратәи алхратә ҭыԥ хадаҟны - 13,19 %;
  • Гәдоуҭатәи алхратә ҭыԥ хадаҟны - 12,94 %;
  • Кындыӷтәи алхратә ҭыԥ хадаҟны - 25,21 %.

Гогьиа иажәақәа рыла, Кындыгҭәи алхратә ҭыԥ хадаҟны алхрақәа официалла ишьақәгылеит ҳәа иԥхьаӡоуп, избанзар алхыҩцәа зегь рахьтә 25% инеиҳаны рхы аладырхәхьеит.

Бзыԥтәи алхратә ҭыԥ хада № 10 ала Жәлар Реизара адепутатрахь кандидатцәас иқәгылоуп Ҭамаз Леибеи Ҭемыр Беиеи; Оҭҳаратәи алхратә ҭыԥ хада №14 ала Жәлар Реизара адепутатрахь кандидатцәас иқәгылоуп Робесҭан Габлиеи Алмасхан Барцыци; Гәдоуҭатәи алхратә ҭыԥ хада №18 ала - Асҭамыр Ахбеи Алхас Ҳагбеи; Кындыӷтәи алхратә ҭыԥ хада №31 ала - Аидар Кәыҵниа, Гарри Кокаиа, Џьансыхә Адлеиба.

Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысуеит ԥхынгәы 12 рзы иҭацәыз амандатқәа ԥшьба рахь - атәыла ахадас иалырхыз Аслан Бжьаниа, аԥыза-министрс иҟарҵаз Александр Анқәаб, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрс иҟарҵаз Дмитри Дбар, Гагра араион ахадас иҟарҵаз Иури Хагәышь рҭыԥқәа рахь.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0