Аргылареи АКН рзы Аԥсны Аҳәынҭнапхгара аиҳабы ихаҭыԥуаҩ даҭоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукЭсфирь Майтоп
Эсфирь Майтоп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб Аминистрцәа Реилазаара аусдҵа инапы аҵаиҩит ԥхынгәы 13 рзы Аргылареи анхара-коммуналтә нхамҩеи рзы Аԥсны Аҳәынҭнапхгара аиҳабы ихаҭыԥуаҩ иаҭаразы.

АҞӘА, ԥхынгәы 14 - Sputnik. Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара аусдҵа инақәыршәаны, Аԥсны аргылареи анхара-коммуналтә нхамҩеи рзы Аԥсны Аҳәынҭнапхгара аиҳабы ихаҭыԥуаҩс дҟаҵоуп Еcфирь Маитоп. Абри атәы аанацҳауеит Аминистрцәа Реилазаара асаит.

Рашәара 19 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иусдҵала Аԥсны аргылареи анхамҩа-коммуналтә нхамҩеи рзы Аҳәынҭнапхгара аиҳабыс дҟаҵан – Дмитри Цымцба.

Аԥсны аргылареи анхамҩа-коммуналтә нхамҩеи рзы Аҳәынҭнапхгара ишьақәыргылоу аԥҟарала Аминистрцәа Реилазаарахь икылнагоит  аргылара, архитектура, ақалақьргылара рызҵаарақәа рзы анорматив-зинтә актқәа рыпроектқәа, имҩаԥнагоит архитектура-ргыларатә хылаԥшра, аобиектқәа ахархәарахь рыҭаразы рҭагылазаашьа ахылаԥшра.

Аусбарҭа имҩаԥнагоит аргылареи, архитектуреи, ақалақьргылареи аусхкқәа рыла агәаҭара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0