Гәдоуҭа амарихуана здырбалаз ахаҵа даанкылоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАрхивное фото служебного автомобиля МВД Абхазии
Архивное фото служебного автомобиля МВД Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Анаркотикатә маҭәашьар закәаншьаҭада аахәареи ҭирада аҵәахреи рзы Аԥсны АЗ инақәыршәаны, шықәсык инаркны хышықәсанӡа бахҭала ахгара уқәырҵоит.

АҞӘА, ԥхынгәы 14 - Sputnik. Гәдоуҭа араион Аҩныҵҟатәи аусқәа рыҟәша аусзуҩцәа аоперативтә уснагӡатәқәа раан дааныркылеит ахаҵа. Уи игәаҭараан идбалан марихуана ҳәа изышьҭоу анаркотикатә маҭәашьар.

"Атәылауаҩ Ҭемыр Ҳагба анаркотикқәа ицәа иалазаара агәаҭаразы хымԥадатәи амедицинатә гәаҭара иахысраан абиоматериал аҭара мап ацәикит, Административтә зинеилагарақәа реидкыла ахәҭаҷ 45 еилаганы. Гуәдоуҭа араион аӡбарҭа административтә хара идҵаны - 42 000 мааҭ иқәырҵеит", - аҳәоит Аԥсны ААР асаит аҟны.

Ҳагба ихарарҵоит Аԥсны АЗ ахәҭаҷ 223 ахәҭа акы аҟны иарбоу ахара (анаркотикатә маҭәашьарқәеи, аԥсихотроптә маҭәашьарқәеи урҭ ирываҟәыло ахәшәқәеи закәаншьаҭада раахәареи, рыҵәахреи, рымҩаԥгареи, аус рыдулареи).

Ахаҵа атәыла далҵны дшымцо азы анапынҵа инапы иаҵарыҩны доушьҭын.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0