Sputnik апресс-центр аҿы "Аԥсны Агәыҳалалра ацҳаражәҳәаҩцәа" рыпресс-конференциа ҟалоит

© Sputnik / Томас ТхайцукПресс-центр
Пресс-центр - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥхынгәы 17, асааҭ 12:00 рзы Sputnik Аԥсны амультимедиатә пресс-центр аҿы имҩаԥгахоит Агәыҳалалратә еиҿкаара "Аԥсны Агәыҳалалра ацҳаражәҳәаҩцәа" рыпресс-конференциа. Апресс-конференциаҟны аиҿкаара аилазаара ҿыц аӡбахә ӡыргахоит.

Апресс-конференциа алахәылацәа:

• Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр актиор - Кьасоу Ҳагба;

• Алитературатә журнал "Алашара" аредактор хада - Анатоли Лагәлаа;

• Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Иусбарҭа аусзуҩ - Артур Чакриан;

• Асоциалтә платформа "Аԥсны аԥеиԥш" ацхантәаҩы - Милана Ҳашԥҳа.

Амассатә-информациатә хархәагақәа рхаҭарнакцәа ааҳаԥхьоит апресс–конференциахь (аҭыӡҭыԥ: ақ. Аҟәа, Пушкин имҩ. 16, абизнес-центр "Гәдоу Плаза", 5-тәи аихагыла).

Аккредитациа ҟалоит абри аҭел ала: +7(940) 997-70-22, Рубен Миграниан.

Азыҳәа анашьҭразы аелектронтә ҭыӡҭыԥ: r.migranyan@sputniknews.com

Ажәабжьқәа зегьы
0