Аԥсны АКХ Бзыԥтәи алхырҭатә ҭыԥ хадаҿы аиҭалхрақәа ррыцхә шьақәдырӷәӷәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукВыборы президента Абхазии. ЦИК
Выборы президента Абхазии. ЦИК - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аиҭалхрақәа Бзыԥтәи алхырҭатә ҭыԥ хада №10 аҿы имҩаԥгахоит Ҭемыр Беиеи Ҭамаз Леибеи адепутатрахь кандидатс иахьықәгылаз, рҩыџьагьы иазхоз абжьы ахьырмоуыз иахҟьаны.

АҞӘА, ԥхынгәы 16 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аиҭалхрақәа Бзыԥтәи алхырҭатә округ №10 аҿы имҩаԥгахоит цәыббра 13 рзы. Асеиԥш аӡбра рыдыркылеит Аԥсны Алхратә комиссиа хадаҿы ԥхынгәы 16 рзы.

Апарламент ахь аиҭалхрақәа мҩаԥган ԥхынгәы 12 рзы.

Аихшьаалақәа инарықәыршәаны: Гәдоуҭатәи алхырҭатә округ №18 аҟны депутатс далхуп Алхас Ҳагба, 50,56% абжьы иманы, Оҭҳаратәи алхырҭатә округ №14 аҟны Алмасхан Барцыц, 63,5% бжьы иманы, Кындаӷтәи алхырҭатә округ №31 аҟны Гарри Кокаиа, 70,3% бжьы иманы.

Иалырхыз адепутатцәа официалла ашәҟәы иҭагалан ԥхынгәы 16 рзы.

Аиҭалхрақәа азгәаҭоуп Бзыԥтәи алхырҭатә округ №10 аҿы, Ҭемыр Беиеи Ҭамаз Леибеи кандидатс иахьықәгылаз. Рҩыџьагьы иазхоз абжьы рмоуит.

Аԥсны АКХ ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа иажәақәа рыла, Бзыԥтәи аокруг аҿы 77 биуллитен ԥхасҭан.

Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысит ԥхынгәы 12 рзы иҭацәыз амандатқәа ԥшьба рахь - атәыла ахадас иалырхыз Аслан Бжьаниа, аԥыза-министрс иҟарҵаз Александр Анқәаб, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрс иҟарҵаз Дмитри Дбар, Гагра араион ахадас иҟарҵаз Иури Хагәышь рҭыԥқәа рахь.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0