Сергеи Шамба Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩс дҟаҵоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукСергей Шамба
Сергей Шамба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ инапынҵақәа назыгӡо ҳәа 2020 шықәса ажьырныҳәамза аахыс дыҟан Беслан Кәыҵниа, ԥхынгәымза 22 рзы иара имаҵураҟынтә ихы дақәиҭтәны Аҳәынҭқарратә дачақәа русбарҭа аиҳабыс дҟаҵан.

АҞӘА, ԥхынгәы 28 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа инапы аҵаиҩит Сергеи Шамба Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩс иҟаҵаразы адҵа ҳәа адырра ҟаҵоуп ахада исаит аҟны.

Муҳаммад Кьылба Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ имаҵура аанижьит - Sputnik Аҧсны
Муҳаммад Кьылба Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ имаҵура аанижьит

2014 шықәса жьҭаарамза аахыс ари амаҵура ааникылон Муҳамед Кьылба. Ҳазҭоу ашықәс ажьырныҳәа 16 рзы иара имаҵураҟынтә ихы дақәиҭтәын.

Сергеи Шамба диит хәажәкыра 15, 1951 шықәсазы Гәдоуҭа.

1997-2010 шықәсқәа рзы Аԥсны Адәнаҟатәи аусқәа рминистрс дыҟан.

2010 шықәса жәабранмза инаркны 2011 шықәса цәыббрамзанӡа Аԥсны аԥыза-министрс дыҟан.

2004 шықәсеи 2011 шықәсеи рзы Аԥсны ахада иалхрақәа раан икандидатура ықәиргылон.  

2014 шықәса ԥхынҷкәынмза инаркны Апарламент адепутатс дыҟан.

2016 шықәса ажьырныҳәамза инаркны ареспубликатә политикатә партиа "Аԥсны акзаара" аиҳабыс дыҟоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0