Муҳаммад Кьылба Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ имаҵура аанижьит

© Sputnik / Томас ТхайцукМуҳаммад Кьылба Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ имаҵура аанижьит
Муҳаммад Кьылба Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ имаҵура аанижьит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба Муҳаммад Кьылба имаҵураҟынтәи ихы дақәиҭитәит хатәгәаԥхарала ииҩыз арзаҳал инақәыршәаны.

АҞӘА, ажьырныҳәа 16 – Sputnik. Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба Муҳаммад Кьылба Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ имаҵураҟынтәи ихы дақәиҭитәит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсныпресс.

Бганба "АА Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ изы" Аусԥҟа инапы аҵаиҩит. Уи излаҳәо ала, Кьылба ихы дақәиҭтәуп "хатәгәаԥхарала ииҩыз арзаҳал инақәыршәаны".

Кьылба Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩыс 2014 шықәса жьҭаарамзазы дҟаиҵеит ажьырныҳәа 12 рзы Аԥсны ахада имаҵура шьҭазҵаз Рауль Ҳаџьымба. 

Ҳаџьымба имаҵура шаанижьуазы арзаҳал иҩит ажьырныҳәа 9 рзы излагаз аҿагыларатә акциақәа рышьҭахь. Амитинг иалахәыз ахада Иусбарҭа ахыбра иажәлан, иааныркылеит, урҭ еимпырц ргәы иҭаӡамызт Ҳаџьымба инапынҵақәа шьҭеиҵаанӡа, алхра ҿыцқәа рымш шьақәдыргылаанӡа.

Ҳаџьымба Аԥсны ахадарахьы икандидатура ықәиргылаӡом, аӡбарҭа иаӡбаз дахашшааӡом - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьымба Аԥсны ахадарахьы икандидатура ықәиргылаӡом, аӡбарҭа иаӡбаз дахашшааӡом

Аҟәа ишьақәгылаз аҭагылазаашьазы Кьылба иҳәахьан Ҳаџьымба дҵа хадас иқәиргылаз ахада Иусбарҭеи аиҳабыреи рхыбрақәа рыҩнуҵҟеи рыкәшамыкәшеи иҟаз аҭагылазаашьа ашәарҭадара алыршара акәын.

"Зегь реиҳа ихадоу - ауаа акгьы рмыхьыр ауп, иахьабалак игылоу ҳауаажәлар роуп, уи ауп ҳзызхәыцша раԥхьа иргыланы. Амитинг иалагылаз рыжәлара ҟалоит ҳәа агәаанагара ыҟазар, уи ахыбра ианажәлаз ашьҭахь ҩсааҭк рыҩнуҵҟагьы еиҿаҳкаар ҟалон, аха ус иҟаҳамҵеит, аха наҟ-наҟтәи рхымҩаԥгашьеи аиҿцәажәарақәеи иаҳдырбап. Аультиматумқәа рыла азҵаарақәа рыӡбаӡом. Аиҿцәажәарақәа раан акы иазааибагозароуп", - иҳәахьан Кьылба, Sputnik аинтервиу анеиҭоз.

Муҳаммад Кьылба диит нанҳәа 27, 1958 шықәсазы Ҟарачы-Черқьесиа, Адыге-Хабль ақыҭаҟны.

1975 шықәсазы дҭалеит Орџьиникиӡетәи иреиҳаӡоу азеиԥшкомандатә училишье, далгеит 1979 шықәсазы.

Ахада Иусбарҭа ажәлара, аидысларақәа, аҳәамҭақәа: Аҟәатәи амитинг ахроника - Sputnik Аҧсны
Ахада Иусбарҭа ажәлара, аидысларақәа, аҳәамҭақәа: Аҟәатәи амитинг ахроника

1985-1988 шш. рзы Афганистантәи аибашьра далахәын, ианашьоуп "Аеҵәа Ҟаԥшь" аорден, СССРи Афганистани рмедалқәа хәба.

Аԥсуа жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра далахәын. Гагратәи ахырӷәӷәарҭа акомандаҟаҵаҩыс, Гәымсҭатәи афронт акомандаҟаҵаҩ ихаҭыԥуаҩыс, Аԥсны Арбџьармчқәа актәи рбригада акомандаҟаҵаҩыс, Гәымсҭатәи афронт акомандаҟаҵаҩыс, Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩыс дыҟан. "Аԥсны Афырхаҵа" ҳәа ахьӡ ихҵоуп. Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьармчқәа рполковник.

1995 шықәсазы Ҟарачы-Черқьесиа Жәлар Реизара - Апарламент адепутатс далхын, 1999 шықәсазы - аҩбатәи ааԥхьара адепутат, 2003-2004 шш. рзы Ҟарачы-Черқьесиа ахада иабжьгаҩыс дыҟан.

2004-2005 шш. рзы Аԥсны Атәылахьчара аминистрс дыҟан.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0