Урыстәыла Аԥсни иареи рҳәаа аанартуеит нанҳәа 1 инаркны

© Sputnik / Алексей Никольский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПограничный пост Псоу на въезде в Республику Абхазия.
Пограничный пост Псоу на въезде в Республику Абхазия. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылеи Аԥсни рҳәаа аартразы аӡбамҭа аднакылеит Урыстәыла акоронавирус аҽацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

АҞӘА, ԥхынгәы 31 - Sputnik. Урыстәыла Аԥсни иареи рҳәаа аанартуеит нанҳәа 1 инаркны ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Урыстәыла акоронавирус аҽацәыхьчаразы аоперативтә штаб аҳәамҭа шьаҭас иҟаҵаны.

Урыстәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Татиана Голикова аштаб аилатәара мҩаԥылгеит ахәашаҽны.

Роспотребнадзор  - Sputnik Аҧсны
Аԥсны аҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп: Роспотребнадзораа иҟарҵаз ахәшьара

"Аилатәара иалҵшәаны иӡбан 2020 шықәса, нанҳәа 1 инарнкы Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рҳәаа аартызарц. Ари аҩыза аӡбамҭа адкылара шьаҭас иамоуп Роспотребнадзори Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрреи Аԥсны иҟоу асанитартә-епидемиологиатә ҭагылазаашьа иарҭаз ахәшьара бзиеи, Аԥснытәи аинфраструктурақәа аԥсшьаҩцәа рыдкылара ишазыхиоу азы агәаанагареи", - рҳәеит аоперштаб аҟны.

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аҵыхәтәантәи иқәҵара инақәыршәаны, аԥсуа-аурыс ҳәаа ахысра иацу аԥкрақәа нанҳәа 4-нӡа рыҿҳәара иацҵан.

Иацы Бжьаниа усуратә ныҟәарала Москваҟа дцеит, иаҭаара ахықәкы атәы ажурналистцәа ирзеиҭаҳәамызт.

Ԥхынгәы 27 рзы Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрраҿы имҩаԥысит Роспотребнадзор аспециалистцәа злахәыз аилацәажәара, урҭ атуристтә обиектқәеи атәылаҿы акоронавирустә чымазцәа аус рыдызуло амедусбарҭақәеи ргәаҭара хәшьарас иарҭо аилкааразы.

Роспотребнадзор аекспертцәа Аԥсны иҟоу аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп ҳәа иршьеит, Ареспубликатә лабораториа акәзар, аусура адунеитә стандартқәа ирықәшәоит рҳәеит.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0