Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрраҿы аилатәара мҩаԥган

© SputnikМинистерстве здравоохранения Абзазии
Министерстве здравоохранения Абзазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрраҿы амедицинатә усзуҩцәеи аоператив штаб алахәылацәеи изаамҭанытәим реилатәара мҩаԥган аҳәаа аартра ашьҭахь иҟоу аепидемиологиатә ҭагылазаашьа инамаданы.

АҞӘА, нанҳәа 3 - Sputnik. Аҭыԥантәи ауааԥсыра рыбжьара акоронавирус алаҵәареи аҳәаа аартреи ирыхҟьаны аԥснытәи амедицина еихәлахар алшоит ҳәа иҳәеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Алхас Конџьариа аилатәараҿы.

Тамаз Цахнакия - Sputnik Аҧсны
Агәабзиарахьчара аминистр иҳәеит COVID-19 здырбало атуристцәа шырхәышәтәло

"Аҳәаа аадыртаанӡагьы авирус амҽхак арҭбааит. Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа аҭәра иалагоит. Есыҽны 8 - 10 пациент ааҳарԥшуеит. Уажәнатә еилаҳкаауеит аҭагылазаашьа ауадаҩхара шазыԥшу. Иҟоу ҳуааԥсыра арахь иаауа рхыԥхьаӡарагьы ацаҳҵар, аӡәгьы ҳзимыцхраауа ҳаихәлахоит", - иҳәоит аминистр ихаҭыԥуаҩ.

Конџьариа инаҵшьны иазгәеиҭеит уаанӡа Акоординациатә штаб аҳәаа аамҭа-аамҭала иаарттәуп, убри аан атәылахь иҭало ковид-паспорт ма аршаҳаҭга рымазароуп ҳәа.

"Ҳгәы ҳҽанӡамкәоуп аҳәаа аамҭакала анахьгьы арахьгьы ишаартхаз. Иахьазы изҭаху аҳәаа дахысыр ауиет", - иҳәеит иара.

Аоперштаб алахәыла, Апарламент адепутат Алхас Џьынџьал иҳәеит аҳәааҿы аԥкырақәа алагалатәуп ҳәа.

Агәабзиарахьчара аминистрра аштатнҭыҵтә терапевт Анжела Арчелиаԥҳа иазгәалҭеит аҽыԥхьакра арежим мҩаԥызго апациентцәа рыхәышәтәра аус адулатәуп ҳәа.

"Аҽыԥхьакра арежим мҩаԥызго апациентцәа ахылаԥшра ҷыда рҭахуп, урҭ реиҭашәара иашьклаԥшлатәуп", - лҳәеит лара.

Амедицинатә усзуҩцәа COVID-19 змоу рхыԥхьаӡара иазҳар, иҟаҵатәу ҳәа ԥхьаҟатәи русура атәы иалацәажәеит.

Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа аадыртит нанҳәа 1 азы ԥкырада.

Аԥсны акоронавирус змоу рхыԥхьаӡара 98-ҩык инеихьеит. Урҭ рҟынтәи 37-ҩык ргәы бзиахеит, хҩык рыԥсҭазаара иалҵит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0