Нанҳәа 12 аҽны Аҟәа ахәҭак ӡыда иаанхоит

© AFP 2023 / Fred TANNEAUКран
Кран - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
АУН "Аӡыканал" аремонттә усурақәа мҩаԥнагараны иҟоуп Аҟәа, Арӡынбеи Ажәанбеи рымҩақәа рҟны, нанҳәа 12 аҽны.

АҞӘА, нанҳәа 11 - Sputnik. Нанҳәа 12, ахашаҽны асааҭ 00:00 инаркны 22:00 сааҭ рҟынӡа Аҟәа ахәҭак  ӡыда иаанхоит, ҳәа аанацҳауеит АУН "Аӡыканал".

Аӡы ҟалаӡом:

  • Ажәытә ҳабла
  • Колос
  • авокзал
  • ақалақь агәы
  • ВИЕМ
  • Адыгеиаа рымҩа

Уаанӡа АУН "Аӡыканал" аҟны Sputnik ишазеиҭарҳәахьоу ала, аӡы лассы-лассы аанкылара азҵаара аӡбаразы комплексла аӡымҩангагақәа ԥсахтәуп. Арахь иаҵанакуеит аӡыҭгагақәа, аӡеизакырҭақәа, аӡеихшарҭақәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0