Тҟәарчал ГРЕС аҟны иаалырҟьаны афымцацәара ҟалеит

© Sputnik / Сергей Аверин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЭлектрики восстанавливают линию
Электрики восстанавливают линию - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нанҳәа 13 рзгьы аҭыԥ аман Тҟәарчал ГРЕС авариатә фымцацәара. Афымца аиҭашьақәыргылара иалахәын "Амшынеиқәафымцамч" авариаԥыхратә маҵзурақәа. Сааҭыбжак аҩныҵҟала иалыршан афымцалашара аиура аиҭашьақәыргылара.

АҞӘА, нанҳәа 14 - Sputnik. Тҟәарчал ГРЕС аҟны иаалырҟьаны афымцацәара ҟалеит ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч".

Иазгәаҭоуп уи мзызс иаиур алшон ҳәа Тамшьа ақыҭаҿ аҭыԥ змаз афымцацәаҳәаеиқәылара.

Аҭыԥ ахь инеиит"Амшынеиқәафымцамч" аҟазауаа.

Иара убасгьы нанҳәа 13 рзгьы аҭыԥ аман Тҟәарчал ГРЕС авариатә фымцацәара. Афымца аиҭашьақәыргылара иалахәын "Амшынеиқәафымцамч" авариаԥыхратә маҵзурақәа. Сааҭыбжак аҩныҵҟала иалыршан афымцалашара аиура аиҭашьақәыргылара.

Ажәабжьқәа зегьы
0