Уи харантәи даауеит: академик Валентин Кәаӷәаниа диҿцәажәоит Анатоли Лагәлаа

© Foto / предоставлено Валентином КогонияВалентин Когония
Валентин Когония - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апроект "Алашара ҳзырбо ауаа" иацҵауа, ашәҟәыҩҩы Анатоли Лагәлаа диҿцәажәеит аҵарауаҩ Валентин Кәаӷәаниа.

Ҳаԥсуа литература иахьа инарҵаулан издыруа аҵарауаа рыӡбахә анаҳҳәо, сара уи аганахьала, раԥхьа исыргыло дреиуоуп, академик Валентин Асҭамыр-иԥа Кәаӷәаниа. Уи ииашаҵәҟьан, хыхь-хыхьла акәымкәа, инҭырҳәцааны, наукала иҭызҵааз, дахьноугалакгьы ҳлитература аҿахәы зҳәо ҳҵарауаа бзиақәа дреиуоуп. Убри мацара акәымкәа, уи ипоезиеи, ирҵаҩратә ус хадақәеи, илитератураҭҵаареи инарываргылан (зны-зынла аԥыжәара анеиҭогьы ыҟоуп!) ирацәаӡаны ианиҵахьеит ҳфольклор, аус рыдиулахьеит, раԥхьажәақәа иҩхьеит, редакторра рзиухьеит уи иазку аҭҵаарадырратә ҭҵаамҭа дуқәа. Ус анакәха, ҳаиҿцәажәарагьы салагар сҭахуп афольклор ала.

– Валентин, уара угәаанагара шԥаҟоу, иахыҵуеи ҳфольклор, уи ақәра амоума?

– Анкьабынкьа аахыс, ауаҩы ари адунеи данықәла – иг иҿы иаҳәо, дхәыцуа даныҟала инаркны, – аматериалтә культура арҿиара инаваргыланы, даҿуп иааиԥмырҟьаӡакәа адоуҳатә культура аԥҵарагьы. Иахьеи-уахеитәи инхаранҵыратә, ихныҟәгаратә хабыхацрақәа, ари адгьыл дҭышәынтәаланы дықәӷьацаразы ихандеирақәа (абназара, ашәарыцара, адгьыл ақәаарыхра, аԥсра-абзара уҳәа) ирхылҟьаҿылҟьоуп ици-ишәи иҵганы аԥсҭазаара зиҭо, абиԥарақәа инеимда-ааимдо цкы-цкы ихарҭәаауа иаарго аҿаԥыцтә баҟақәа: ашәақәа, аҭәҳәақәа, аҳәамҭақәа, алакәқәа уҳәа. Ауаҩытәыҩса иҭоурых, ифилософиатә хаҿра, идунеи ҭбааҭыцә, ихәыцра ҵаулақәа, ихьаа-баақәа – афольклор аҟара инарҵауланы, ганрацәала изныԥшуа даҽа доуҳатә цәырҵрак аӡбахә аҳәара уадаҩуп. Афольклор ԥсыс иахоу ажәлар рыԥсҭазаароуп. Ажәакала, ауаҩытәыҩса иқәра – афольклоргьы иақәлоуп.

Валентин Коӷониа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Валентин Коӷониа: сыԥсҭазаараҿы Иуа Коӷониа идоуҳа иаӡбаз рацәоуп

– Раԥхьаӡатәи афольклортә нҵамҭақәа аԥсуаа ҳҿы ақьаад ахь ииазгада, рхы зкыда?

– Цыԥҵәахақәак раҳасабала акәзаргьы, раԥхьатәи аԥсуа фольклор аматериалқәа аниҵеит, анаҩсан акьыԥхьаҿ ицәырганы дрыхцәажәеит ХIХ ашәышықәса аҩбатәи азбжазы (1855 ш.) аамсҭа, афицар, раԥхьатәи аԥсуа ҵарауаҩ-етнограф ҳәа иԥхьаӡоу Салуман Ҭемрыҟәа-иԥа Ажәанба. Аԥсуа фольклортә текстқәа раԥхьатәи анҵаҩцәа рхыԥхьаӡараҿы анаҩсан рыӡбахә ҳәатәуп аурыс аинрал П.К. Услар, афицар Гьаргь Курцикиӡе, арҵаҩцәа А. Иоакимов, Н. Џьанашьиа, П. Ҷараиа уҳәа убас аӡәырҩы.

– Иабанӡеизааигәоу, "иабанӡеишьцәоу" ҳфольклори ҳлитературеи?

– Аханатә аахысгьы афольклори алитературеи, амреи амзеи реиԥш, "еидҽырбалоит", ихеибарҭәаауеит. Гәаҭалеи хаҿралеи – урҭ аӡә роуп, аҵхи амши еимаркуа ауаатәыҩса рдунеи џьашьахә дыршаҳәшаҳәуеит. Сара агәра ганы сызлаҟоу ала, ажәлар иаԥырҵаз афольклортә баҟақәа (иаҳҳәап, аԥсуаа ҳбиблиа ҳәа иаҳԥхьаӡаша Нарҭаа ирызку аепос, амифологиатә ҳәамҭақәа, ашәақәа…) ирыцназго, ирымазкуа асахьаркыратә рҿиамҭақәа, иагьа баҩхатәрала инагоу шәҟәыҩҩзаргьы, – изымҩыц, изыҩрангьы дыҟаӡам. Соуп зҳәо ашәҟәыҩҩы изаԥҵару, иаҳҳәап, Ӡызлан ассир лхаҿсахьа, уи илызку асиужет? Изаԥҵару Нарҭаа раҳәшьаԥа Бжеиқәа-Бжашла џьашьахә идҳәалоу аҳәамҭа? Сгәаанагарала, мап. Амала угәы еихьызшьуа – иахьатәи ҳаԥхьаҩ урҭ иахьынӡахәҭоу идгалам… Иҵуазеи иҭымҵижьҭеи Нарҭаа рҳәамҭақәа, ахәыҷқәа ирызку аԥсуа лакәқәа, афольклор егьырҭ ажанрқәа иахәҭоу сахьала иҩычаны. Иаахтны иаҳҳәарами, ҳаԥхьаҩцәа, еиҳарак зықәра маҷу, ахыбаауп ҳажәлар рдоуҳатә мал ахьырҵәаҵәа…

© Foto / предоставлено Валентином Когония Агәҭаны игылоу: Валентин Кәаӷәаниа
Уи харантәи даауеит: академик Валентин Кәаӷәаниа диҿцәажәоит Анатоли Лагәлаа - Sputnik Аҧсны
Агәҭаны игылоу: Валентин Кәаӷәаниа

– Уара угәаанагарала, ҳлитератураҿы иарбан романқәоу ҳфольклор рацәаӡаны изныԥшуа?

– Ҳлитература аҭоурых аҿы аԥхьанатә аахыс жәлар ражәарҿиара иааннакыло аҭыԥ ҷыдоуп. Афольклор уамакала иазҿлымҳан, уимоу, уи аизгареи акьыԥхьреи рҿы рааԥсара ду адырҵеит Дырмит Гәлиа, Баграт Шьынқәба, Мушьни Миқаиа… Иҭрыжьыз афольклортә еизгақәа ҳфольклорҭҵаара аҭоурых аҟны хра злоу ракәны иҟоуп. Зыӡбахә сҳәаз ашәҟәыҩҩцәа афольлор ашьаҭала иаԥырҵеит аҩымҭақәа жәпакы. Хыла ароман ажанр ҳалацәажәозар, ажәлар рҿаԥыцтә ажәарҿиара иаҳа ирныԥшзар ҳәа сыҟоуп анаҩстәи арҿиамҭақәа: "Камаҷыҷ" (Д. Гәлиа), "Ацынҵәарах", "Ахаҳә еиҩса" (Б. Шьынқәба), "Ахҟа", "Ашацәа ртәарҭа" (М. Миқаиа).

© Foto / предоставлено Валентином Когония Арымарахьала ар́ыӷьарахь: Адгәыр Какоба, Валентин Кәаӷәаниа, Марина Барцыц, Цира Габниа, Зураб Џьапуа
Уи харантәи даауеит: академик Валентин Кәаӷәаниа диҿцәажәоит Анатоли Лагәлаа - Sputnik Аҧсны
Арымарахьала ар́ыӷьарахь: Адгәыр Какоба, Валентин Кәаӷәаниа, Марина Барцыц, Цира Габниа, Зураб Џьапуа

– Изаԥҵарызма апоет Мушьни Миқаиа ароман "Ахҟа" убриаҟара афольклор дазааигәамызҭгьы, "ицымизҭгьы"?

– Ҵабыргыҵәҟьаны, Мушьни Миқаиа афольклор иалааӡаз, уи злысны иҟаз ашәҟәыҩҩцәа дреиуан. Иара иаԥсшәа ҷыда, ирҵысуаз ахацлымҳәа Баграт Шьынқәба дугьы даршанхон. Иара ипоезиатә, ипрозатә рҿиамҭақәа, убрахь иналаҵаны зыӡбахә ҳҳәаз ироманқәа "Ахҟа", "Ашацәа ртәарҭа" иргәылоуп, ақырбыҷ иаҩызаха, афольклор еиуеиԥшым ажанрқәа ирыҵаркуа арҿиамҭақәа (аҳәамҭақәа, алакәқәа, ажәаԥҟақәеи, ацуфарақәеи, аныҳәарақәеи…), хәызмам аԥсуа етнографиатә материалқәа. Мушьни Миқаиа ирҿиараҿы, ихатә сахьаркыратә хәыцшьеи афольклортә материали, жьи-цәеи реиԥш еиласоуп, иҭибагоит.

© Foto / предоставлено Валентином Когония Агәҭаны итәоу: Валентин Кәаӷәаниа
Уи харантәи даауеит: академик Валентин Кәаӷәаниа диҿцәажәоит Анатоли Лагәлаа - Sputnik Аҧсны
Агәҭаны итәоу: Валентин Кәаӷәаниа

– Баграт Шьынқәба илакәтә поема "Иаирума" абанӡазааигәоу афольклор, жәлар рҳәамҭа? Уи бзиан иахьидыруаз даара имыхәаӡеи ԥсра зқәым апоема аԥҵараҿы?

– Аҿаԥыцтә рҿиамҭақәа реизгара аҵыхәала сахьымнеиц ԥсыуа қыҭак ыҟамзар ҟалап. Сахьнеилакгьы, Баграт Шьынқәба "ишьҭақәа збон" – абра даахьан, саб диҿцәажәахьан ҳәа иӡбахә аацәырыргон… Уи дфольклордырҩы дуун, ҟаимаҭла иныруан афолькортә рҿиамҭа, иаҳауан уи "агәеисыбжь". Аҿаԥыцтә рҿиамҭа ҟазарыла ахархәараҿы Баграт Шьынқәба имазкуа даҽа рҿиаҩык иӡбахә аҳәара сцәыуадаҩуп. Хыла ахәыҷтәы классикатә ҩымҭа "Иаирума" аӡбахә ҳҳәозар, хымԥада, уи ажәлар ргени иаԥнаҵаз, ритмика лыԥшаахла еибарку, аллитерациала ихырку анаҩстәи ацәаҳәақәа ирхылҵит:

Иаирума, шугьарума,

Иару-мару, шугьарума,

Иарманыҟәа ҟәарҽарума…

Абарҭ ацәаҳәақәа апоет апоезиатә шәындыҟәра изаазыртыз цаԥхахеит. Арҿиара иадҳәалоу егьырҭ азҵаатәқәа зегьы (асиужет, акомпозициа, асахьаркыратә цхыррагӡақәа уҳәа) аӡбит автор ибаҩхатәра ду.

– Литераторк иаҳасабала, иаҳзеиқәуԥхьаӡар ҳҭахуп хәҩык аԥсуа поетцәа, уара реиҳа зпоезиа узааигәоу, иахьеи-уахеи иуцу.

– Ҳажәлар ргәаҿы инеиз, гәаԥхарҭахәыс икны лассы-лассы изызхьаԥшуа апоезиатә цәаҳәақәа – саргьы исзааигәоуп, сыԥсҭазаараҿы гәеиҵыхганы исыцуп. Ус еиԥш иҟоу арҿиамҭақәа аԥызҵаз иреиуоуп ҳәа исыԥхьаӡоит зегь раԥхьаӡагьы: Дырмит Гәлиа, Иуа Коӷониа, Баграт Шьынқәба, Таиф Аџьба, Рушьбеи Смыр.

– Ҳаԥсуа литература иаԥхьоума иахьа аҿар, иабанӡардыруеи уи, ҩынҩажәа шықәса раԥхьа иҟаз аԥсуа ҿари, иахьатәи аԥсуа ҿари рлитературатә дыррақәа узеидкылома?

– Иахьатәи аҿар аинформациа ӷәӷәа рымоуп, ирзымдыруа ҳәа иҟои?! Амала аԥхьара иахьынӡазҿлымҳау атәы аҳәара сцәыхьанҭоуп, иаԥхьом ҳәа сызҳәом – агәнаҳа сзаҵалом. Ҳара ҳхаан акәзар (Аинтернет, акомпиутер аныҟамыз), аԥхьара хҭакны ирыман аҿар, аԥсуа литература цәгьа иазҿлымҳан, ршьа-рда иҭысны ицон. Аԥсшәа аӡыхтарҭа – афольклортә рҿиамҭақәа, аԥсуа литература – амилаҭ рыԥсы злаҭоу адацқәа роуп. Урҭ раҟара ҳзырбеио арбану?! Аԥсуа литература еснагь даман, иахьагьы дамазароуп аԥхьаҩ бзиа; ахала ахы иазынхар, уаӷеимшхара, – уи даара ишәарҭоуп…

© Foto / предоставлено Валентином Когония Валентин Кәаӷәаниеи ажурнал "Алашара" аусзуҩцәеи
Уи харантәи даауеит: академик Валентин Кәаӷәаниа диҿцәажәоит Анатоли Лагәлаа - Sputnik Аҧсны
Валентин Кәаӷәаниеи ажурнал "Алашара" аусзуҩцәеи

– Валентин, уара уҵарауаҩуп, упоетуп, урҵаҩуп, ишԥаубо ҳаԥсуа бызшәа аԥеиԥш?

– Абри азҵаара хыхь-гәыхьс измоу среиуоуп саргьы. Иахьа игәыгәҭаҳажьызшәа збоит ҳабацәа иҳамардаз амал ду – ҳхатәы бызшәа… Абри азҵаара цәырҵцыԥхьаӡа Дырмит Гәлиа схаҿы дааиуеит, уи изкны 19 шықәса ирҭагылаз Миха Лакрба ицәаҳәақәа аасгәалашәоит "Ушнеиуа унеи, уус гәырҩагаз, / Уаҟәымҵын, уашьҭаз инагӡа, / Иуцәыхьанҭоугьы – мчыла уаҵаз, / Узхьымӡо цасҳәа уҽахьыгӡа!..". Дырмит Гәлиа агәеицамк ианиааз, аԥсшәа ҵараҵаганы, сахьаркыратә жәарҿиаганы изыҟаҵап ҳәа агәра зымгоз шьардаҩын. Аха иара уи илиршеит… Иахьагьы, иаартны акәымзаргьы – гәынхәҵысҭала, аԥсшәа ԥеиԥш амамшәа ихәыцуа ҟалеит. Уи аҩыза ацәалашәара ашәарҭара ду ацуп. Аԥсшәа ҟалароуп ҳҳәынҭқарра амахәҭақәа зегьы рҟны – ҵаҟа инаркны хыхь ахаҩаӡараҟынӡа – аԥыжәара змоу усуратә бызшәаны. Мап анакәха, сиқәшаҳаҭуп Расул Гамзатов: "И если завтра мой язык исчезнет, То я готов сегодня умереть".

© Foto / предоставлено Валентином Когония Валентин Кәаӷәаниа арыӷьарахьала
Уи харантәи даауеит: академик Валентин Кәаӷәаниа диҿцәажәоит Анатоли Лагәлаа - Sputnik Аҧсны
Валентин Кәаӷәаниа арыӷьарахьала

– Иахьатәи ҳаиҿцәажәаразы иҭабуп ҳәа уаҳәо, иуаҳҭоит даҽа зҵаарак. Сара ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәеи ҳҵарауааи ирацәаны рыҩнаҭақәа рҿы снеихьеит. Исҳәар ҟалоит, урҭ рҟынтә абжеиҳараҩык, дара ирыхшази, рмоҭацәеи аԥсшәазы даара ихьысҳауп ҳәа. Ишԥаҟоу Валентин Кәаӷәаниа иҩнаҭаҿы, ихәыҷқәа аҿҿаҳәа ицәажәоума аԥсышәала?!

– Аԥсуа изы аԥсшәа азымдырра – уи рыцҳароуп. Дарбан ԥсыуа интеллигентзаалакгьы, сара исызиаҭәашьом ихәыҷқәеи иареи "аҭырџьман" данрыбжьагылоу – ахатәы бызшәа иазрыцҳаны, даҽа бызшәак ада ԥсыхәа рымамкәа ианыҟоу. Еҳ, анаџьалбеит, иухьзеи абааԥсы, узыниазеи гәаҟрас, иазлаулшозеи – уцәа иалҵыз ухәыҷқәа адунеи иақәлоу убызшәа ссир иахыубаартәеиԥш?!

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0