Sputnik амчыбжь: ахадеи аиҳабыреи реилатәара, Михаил Бабич иаара

Анапаҵаҩра
Иҳаҩсыз амчыбжь азы Аслан Бжьаниа аиҳабыра рхаҭарнакцәа алархәны аилатәара мҩаԥигеит, уа агәабзиарахьчара, атурсезон, Аинвестпрограмма анагӡашьа уҳәа ирылацәажәон, иара убас Аԥсныҟа усуратә ныҟәарала Михаил Бабич дааит, уи адагьы аҵарашықәс ианалаго арыцхә еилкаахеит.

Абарҭи нанҳәа 17-23 ирыбжьаркыз аамҭазы аҭыԥ змаз егьырҭ ахҭыс хадақәеи аинформациатә агентра Sputnik Аԥсны есымчыбжьатәи ахҳәааҟны.

Сариа Кәарцхьиаԥҳа, Sputnik

Нанҳәа 19 рзы Аҟәа имҩаԥысит Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара ахаҭарнакцәеи Аслан Бжьаниеи реилатәара. Атәыла ахада агәабзиарахьчара, атуризм, Аинвестпрограмма анагӡашьа уҳәа азҵаарақәа дрылацәажәеит.

Агәабзиарахьчара:

  • Ҵахнакьиа: Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра алаҵа "Спутник V" аагара иазхәыцуеит
  • Аԥсны 200-ҩык инареиҳаны COVID-19 рыхьхьеит.
  • Акоронавирус аҿагылара рнапы алакуп 125-ҩык аҳақьымцәа, аха иазхом аспециалистцәа - апульмонологцәа, ареаниматологцәа, аинфекционистцәа, акардиологцәа, атерапевтцәа.
  • Гәдоуҭатәи COVID-центр 300-ҩык рҟынӡа ачымазцәа аднакылар алшоит.
  • Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы ишьақәдыргылараны иҟоуп акомпиутертә томограф.
  • Аԥсны 5900 експресс-тест ыҟоуп.
  • Аԥсны иазхәыцуеит Урыстәыла иаԥырҵаз акоронавирус иаҿагылоу алаҵа ҳтәылахь аагара азҵаара.

Акоронавирус иадҳәалоу аҵыхәтәантәи ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Атурсезон:

  • Гагра араион аԥсшьарҭаҩнқәа 90% рыла ихарҭәаауп, Аԥсны агәҭантәи ахәҭа акәзар - 35% рыла.
  • Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк иаҭааз рхыԥхьаӡара ҵыԥхтәи ашықәс абыржәааны аасҭа 1,7% рыла еиҵахеит. Аха нанҳәа анҵәамҭазы аҭагылазаашьа аҽаԥсахуеит. Убас, ҵыԥхтәи арбагақәа зегьы ааидкыланы раасҭа сынтәатәи адинамика еиҳахоит ҳәа азԥхьагәарҭоит Атуризм азы аминистрраҟны.
  • Афонҿыцтәи аҳаԥы аҭааҩцәа рхыԥхьаӡара акәзар, ҵыԥх абри аамҭа иаҿырԥшны арбагақәа 47% рыла еиҵахеит. Уи мзыз хадас еиҳараӡак иаиуз аҳаԥы аквотақәа рыла аҭаара ахьаҭаху азоуп.
  • Аԥыза-министр Александр Анқәаб аилатәара иалахәыз азхьаирԥшит абнатә ԥстәқәа атурсезон аан аԥара рыларҳара азҵаара, "урҭ ауаа рнапаҿы иақәнагам аҭагылазаашьа иахьҭагылоу" гәаҭатәуп иҳәеит. Иара ажәалагала ҟаиҵеит ари азҵаара аӡбаразы аекологиатә прокуратурагьы адԥхьалатәуп ҳәа.
  • 2020 шықәса рашәара 1 инаркны нанҳәа 17 рҟынӡа иҭаҩуп 208 цәгьоура, урҭ рахьтә иаарԥшуп 178, уи 85,5% артәоит, иаарԥшымкәа иаанхеит 30, 2019 шықәсазы 160 зинеилагара ыҟан, урҭ рахьтә иаарԥшын 124, уи аиртәоит 77,5%.
  • Нанҳәа 1 инаркны аԥсшьаҩцәа рганахьала 12 цәгьоура ҟарҵеит, уи ацәгьоурақәа зегьы рзеиԥш хыԥхьаӡараҟынтәи 27,9% дыртәоит, урҭ рахьтә иаарԥшуп 5.
  • Урыстәылатәи Афедерациаҟынтәи иааны зыԥсы зшьо ауаа ртранспорттә хархәагақәа иахәҭаӡамкәа раанкылара ахҭыс иазку Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр идҵа анагӡаразы хҩык аусзуҩцәа русура иамхуп, 15-ҩык алеишәатә ԥарахьырхәра рықәҵоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Аинвестпрограмма:

  • Аинвестпрограмма анагӡаразы азинмчы змоу Аԥсны аусбарҭақәа аргыларақәа рхарџьынҵатә хәыԥсақәа ахьынӡаиашоу агәаҭаразы аныҟәарақәа мҩаԥыргеит, акапиталтә ремонт аиҭашьақәыргыларақәа рымҩаԥысшьа ҭырҵааит.
  • 2020-2022 шықәсқәа рызтәи Аинвестпрограмма аобиектқәа 2020 шықәсазы рфинансркра амҩаԥгара алзыршо 35 експерттә лкаақәа ҟаҵоуп.
  • Иахьатәи аамҭазы аҳәынҭқарратә еиқәшаҳаҭрақәа 35 рыбжьаҵоуп, урҭ рзеиԥш хәыԥса 888 миллион мааҭ ыҟоуп.
  • Аԥсны аиҳабыра Аинвестпрограмма анагӡаразы анардадаҩцәа ралԥшаашьа аԥҟара шьақәнаргылеит. Уи инақәыршәаны иаҭахуп: адокументациаҟны иазԥхьагәаҭоу аусурақәа рынагӡараҟны аԥышәа бзиеи урҭ рынагӡара зылшо аҟазауаа рыҟазаареи.
  • Ахада Аслан Бжьаниа инаҵшьны иазгәеиҭеит Урыстәылантәи афинанстә цхыраара ишахәҭоу аныхразы уи ҭакԥхықәрала ишазнеитәу, ажәалагалагьы ҟаиҵеит Аинвестпрограмма аобиектқәа рпроектқәа реиқәыршәараан агхақәа ҟазҵо ахьырхәлазарц.

Михаил Бабич усуратә ныҟәарала иаара

Нанҳәа 20 рзы Аҟәа имҩаԥысит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Михаил Бабичи реиԥылара.

Аслан Бжания встретился с первым замминистра экономразвития России - Sputnik Аҧсны
Аимпульс ҿыц: Аслан Бжьаниа дидикылеит Михаил Бабич

Бжьаниа агәыӷра ааирԥшит Михаил Бабич иаара уаанӡа изныкымкәа алацәажәара заухьаз азҵаарақәа аимпульс ҿыц рынаҭап ҳәа.

Михаил Бабич иазгәеиҭеит макьана иҵегь еиқәыршәатәу аобиектқәа шыҟоу – ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи.

Мшыбзиа, ашкол!

Аԥсны аҵарашықәс ҿыц цәыббра 1 азы иаладыргарц ргәы иҭоуп, аепидемиологиатә ҭагылазаашьа маншәалахар.

Асанепидемстанциа абжьгарақәа рыла:

  • Аклассқәа рҟны 18-20-ҩык иреиҳаны аҵаҩцәа рыдрымкылароуп.
  • Арҵаҩратә еилазаара рыбжьара зықәра 65 шықәса еиҳам роуп аус зур зылшо. Аха акадрқәа азымхоны иҟалозар, иаҭаху ахыхьчагатә маҭәарқәа рхы иархәаны аус руроуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

День знаний в 2-ой средней школе - Sputnik Аҧсны
Аҵара аминистр идҵа: аԥсуа хәыҷқәа аԥсуа школқәа рахь мацара ирыдыркылароуп

Аиҭалхрақәа

Аԥсны Алхратә комиссиа хада Бзыԥтәи алхратә ҭыԥ хада №10 аҟны адепатутрахь кандидатцәас иҭанаҩит Ҭамази Леибеи Ҭемыр Беиеи АКХ аилатәараҟны аԥшьаша, нанҳәа 20 рзы.

Ԥхынгәы 12 рзы имҩаԥысыз аиҭалхрақәа раан урҭ рыҩџьагь рахьтә аӡәгьы алхыҩцәа рыбжьқәа реиҳарак рмоуит. Убри инамаданы Алхратә комиссиа хада ари алхратә ҭыԥ хада ала аиҭалхрақәа ҩаԥхьа шымҩаԥнаго рыланаҳәеит.

Абокс амчыбжь

Нанҳәа 22 рзы аԥсуа боксиорцәа Харитон Агрбеи Баҭал Ҷежьиеи Казан имҩаԥысуаз абокс ахәылԥаз "Столото. Вечер бокса WBC" аҟны иқәԥон, Игор Адлеиба иакәзар - Екатеринбургтәи аицлабра RCC Boxing Promotions аҟны.

Харитон Агрба, аӡбаҩцәа еицҿакны ишырыӡбаз ала, дииааит Сослан Тедеев ашоу "Столото. Вечер бокса WBC" аҟны, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Аспорт азы аҳәынҭқарратә еилакы. 

Баҭал Ҷежьиа, аӡбаҩцәа изларӡбаз ала, аурыс спортсмен Сергеи Кожухар иҟны даҵахеит атитул WBC Youth азы реиндаҭлараҿы.

Игор Адлеиба Екатеринбург имҩаԥысуаз аицлабра RCC Boxing Promotions аҟны Кантемир Калажокови иареи еиҭахарала еилгеит. Аԥсуа боксиор ахԥатәи араунд аан ааха иоуит, аха уи азы аиқәԥара аанкыламызт.

Ажәабжьқәа зегьы
0