Калам ԥынҵалеи баҳаҿылеи: Маркәылатәи анхарҭа аҭҵаара шымҩаԥысуа

© Sputnik / Томас ТхайцукМаркәылатәи ажәытә нхарҭаҟынтәи аԥшаарақәа
Маркәылатәи ажәытә нхарҭаҟынтәи аԥшаарақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Маркәылатәи ажәытә нхарҭа амаӡақәа ҭырҵаауеит Аԥсныи Урыстәылеи рҵарауаа. Ишәыдаагалоит археологиатә ԥшаарақәа шымҩаԥысуа зыблала избаз Sputnik акорреспондент Аинар Ҷыҭанаа иҟаиҵаз анҵамҭа.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

Ажәытра ацәынхақәа

Очамчыра араион Маркәыла ақыҭан 2013 шықәсазы иԥшаан антикатә аамҭа иаҵанакуа, абжьарашәышықәсагьы здызкыло ижәытәӡатәиу анхарҭа. Адырҩашықәса инаркны Урыстәылеи Аԥсныи рархеологцәа ари аҭыԥ аҭҵаара рнапы алакуп. Аҭҵаарақәа шхацыркыз ҳзеиҭаҳәо, ижәытәӡатәиу Маркәылатәи анхарҭаҿы иԥшааз аҭоурыхтә баҟақәа ҳлырбеит Урыстәыла аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа (РАН) Археологиа аинститут аклассикатә археологиа аҟәша аиҳабы, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Галина Требелева.

Очамчыратәи аԥшаах иану аҩыра абызшәа шьақәдыргылеит - Sputnik Аҧсны
Очамчыратәи аԥшаах иану аҩыра абызшәа шьақәдыргылеит

Ажәытә нхарҭа Маркәыла ақыҭан инхо Џьумбер Апакиа иҩны ашьҭахьҟа иԥшаан. Иара ахьықәгылоу адгьыл ҟәаԥаҿаԥароуп, раԥхьаӡа уахьхалоҵәҟьа иҟоуп ахыхьчаразы иргылаз аҭӡы. Археологцәа уи анырба, акәша-мыкәша адгьыл аҭҵаара рҽазыркын, ирыԥшааит ауахәама ацәынхақәа. Уи инацәыхарамкәа иара убас ирбеит даҽа ргыламҭакгьы.

Маркәылатәи анхарҭаҿы иҟоу "Алаҳаш абаа" захьӡу ахырӷәӷәарҭа аҭоурыхҭҵааҩцәа уажәаԥхьагьы аӡбахә рдыруан аҵарауаа Воронови Ҭраԥшьи ранҵамҭақәа рыла. Аха дара ари абаа 19-тәи ашәышықәса иаҵанакуеит ҳәа акәын ишадырбоз. Иара убас ари абаа ибзианы иахьеиқәхаз азгьы ихьшәоу аамҭа иаҵанакуеит ҳәа агәаанагара цәырнагон. Аха Галина Требелева лажәақәа рыла, 2018 шықәса раахыс имҩаԥырго аҭҵааратә усурақәа ирыбзоураны еилкаахеит "Алаҳаш абаа" зегьы ианреиҵаха 15-тәи ашәышықәса ишаҵанакуа. Иҵегьы ахыҵуазар ҟалоит ҳәа азгәалҭеит аҭоурыхҭҵааҩ. Ари аҩыза арыцхә ашьақәыргыларазы археологцәа абааҿы иҟаз амцакра иацәынхаз ашьҭамҭақәагьы кыр ирыцхрааит.

© Sputnik / Томас ТхайцукМаркәылатәи ажәытә нхарҭа аҭыӡқәа
Калам ԥынҵалеи баҳаҿылеи: Маркәылатәи анхарҭа аҭҵаара шымҩаԥысуа - Sputnik Аҧсны
Маркәылатәи ажәытә нхарҭа аҭыӡқәа

"Алаҳаш абаа" Аԥсны иԥшаау егьырҭ ахырӷәӷәарҭақәа рҟны шамахамзар иуԥымло адәахьтәи архиашьа амоуп. Ҷыдарас аҭоурыхҭҵааҩцәа иалыркаауеит абаа адәахьала иамоу, антикатә аамҭа иаҵанакуа акәакьҭатә ҭаԥҟарсҭақәа. Иҟоу агәаанагарала, иара ахыхьчаразы акәын изыргылаз аҟнытә, аҩныҵҟа иԥшааз артефактқәа рхыԥхьаӡара рацәаӡам. Иаҳҳәап анышә зхылахьаз абаа адашьмаҿы иԥшаан ахәышҭаара ҭыԥ, аӡымаҭәақәа ҩба, иара убас аурымқәа раамҭа иаҵанакуа асаркьа ҵаӷа.

© Sputnik / Томас ТхайцукМаркәылатәи ажәытә нхарҭаҟынтәи аԥшаахқәа
Калам ԥынҵалеи баҳаҿылеи: Маркәылатәи анхарҭа аҭҵаара шымҩаԥысуа - Sputnik Аҧсны
Маркәылатәи ажәытә нхарҭаҟынтәи аԥшаахқәа

Галина Требелева иазгәалҭеит зинда анхарҭаҿы аԥшаарақәа мҩаԥызго ацәгьоуцәа археологцәа рыҭҵаарақәа кыр ишырԥырхагахаз. Дара хәы змаӡам аԥшаамҭақәа ахьырӡо адагьы, адгьыл еиқәҵарақәа еиларгоит. Џьумбер Апакиа ибзоурала урҭ ирымхыз аԥшаамҭақәа иреиуоуп ҵабалтәи аҳәа, акәакьҭатә ҵәымӷқәа уҳәа. Иара убас иԥшаан амаҟа арххагақәагьы. Галина лажәақәа рыла, арххага аиха иалхын аҟнытә еиҳа ихьшәоу аамҭа иаҵанакуеит, еиҳа ижәытәу аамҭа иаҵанакуа аџьаз ауп излыху. Аԥшаамҭақәа ажьакца рхылахьеит, иԥыҽҽуп, аха аус рыдуларазы иаарласны Урыстәылаҟа ареставраторцәа ирзышьҭхоит. Требелева иара убас иҳаиллыркааит аԥшаамҭақәа зеибгам. Лара лажәақәа рыла, ажәытәан ауаа аныржуаз амаҭәарқәа ԥыҽҽны иахьрыцҭарҵоз ауп уи змааноу.

© Sputnik / Томас ТхайцукАҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Галина Требелева Маркәылатәи ажәытә нхарҭаҟны
Калам ԥынҵалеи баҳаҿылеи: Маркәылатәи анхарҭа аҭҵаара шымҩаԥысуа - Sputnik Аҧсны
Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Галина Требелева Маркәылатәи ажәытә нхарҭаҟны

Иара убас Маркәылатәи анхарҭа аҭҵаараан археологцәа ирыԥшааит аԥшьаҭыԥ ацәынхақәа. Дара уи ақәра ҳара ҳера V-VI ашәышықәсақәа еиҵам ҳәа ирыԥхьаӡоит. Археологцәа ргәаанагарала аԥшьаҭыԥ аус ауан XIV-XV ашәышықәсақәа рҟынӡа.

Инхоз тәымуаамызт

Анхарҭаҿи аԥшьаҭыԥ аҟни адагьы, археологцәа анаара зегьы шҭырҵаауаз, абырзентә аамҭа иаҵанакуаз акерамика еиқәаҵәа рымԥыхьашәеит. Ҳара ҳера ҟалаанӡа II-IV ашәышықәсақәа ирыҵанакуа ари аԥшаамҭа аҩыза Маркәылатәи анхарҭаҿы археологцәа ирымбаӡацызт. Иара убас Мықә аӡиас азааигәарахьшәа адәҳәыԥш аҟны ирыԥшааз аԥхәыс лыжырҭа ҳара ҳера III-IV ашәышықәсақәа ирыҵанакуеит. Даҽа ргыламҭак аарԥшразы археологцәа аусура иаҿуп. Иахьазы хы-ҭӡык аарԥшра рылшахьеит, аԥшьбатәи аҭӡгьы лассы адәахьы ирызцәыргап ҳәа агәыӷра рымоуп.

© Sputnik / Томас ТхайцукМаркәылатәи ажәытә нхарҭа ҭырҵаауеит Аԥсныи Урыстәылеи рархеологцәа
Калам ԥынҵалеи баҳаҿылеи: Маркәылатәи анхарҭа аҭҵаара шымҩаԥысуа - Sputnik Аҧсны
Маркәылатәи ажәытә нхарҭа ҭырҵаауеит Аԥсныи Урыстәылеи рархеологцәа

Галина Требелева иҳаиллыркааит Маркәылатәи анхарҭа аурымқәа рхаан ауп изҵазкуа ҳәа зырыԥхьаӡо. Лара лажәақәа рыла, антикатә аамҭазы ауааԥсыра амшын аҿықә иахысны ицаӡомызт, мшынла еиҭанеиааиуан. Абырзенцәеи аурымцәеи ракәзар, арахь иаауан ахәаахәҭразы, аха инхаӡомызт. Абри ала, 20 километра амшын иацәыхараны анхара зылшоз аҭыԥантәи ауааԥсыра ракәын.

Урыстәылатәи археологцәа Маркәылатәи анхарҭаҿы аус рыциуеит аԥсуа археолог Зураб Хонӡиа. Иара 2014 шықәса раахыс ари аҭыԥ аҟны имҩаԥысуа археологиатә ҭҵаарақәа есышықәса иҽрылаирхәуеит.

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсуа археолог Зураб Хонӡиа
Калам ԥынҵалеи баҳаҿылеи: Маркәылатәи анхарҭа аҭҵаара шымҩаԥысуа - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа археолог Зураб Хонӡиа

"Ҳара имҩаԥаҳго аԥшааратә усуракәа рыдагьы, урҭ рылҵшәақәа рыла иҳаҩуеит аҭҵаарадырратә статиақәа. Урҭ аҩымҭақәа Аԥсны аҩныҵҟа адагьы, анҭыҵтәи аҭҵаарадырратә еилазаарақәа ирыдгалахоит. Анҵара, ҳәарада, ихымԥадатәиуп, избан акәзар ҳара ҳашьҭахь аҭҵааратә ус иацызҵо ауаа изхыԥшылаша аматериал анроулакь, русура кыр иарманшәалоит", - иазгәеиҭеит Хонӡиа.

Маркәылатәи анхарҭа аурыс археологцәеи аԥсуа археологцәеи еицҭырҵаауеит 2014 шықәса раахыс. Урҭ сынтәатәи русура хыркәшахоит нанҳәа 20 рзы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0