Павел Демидов иԥсыбаҩ Арбаикатәи аҳаԥы абжаранӡа ихаргалеит

© Sputnik / Ирина Сигова архив
архив - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Цәыббра 1 ашьыжь, Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра авертолиот Ми-2 х-реиск мҩаԥнагеит аиқәырхаҩцәа аӡыржәтә рызнагаразы.

АҞӘА, цәыббра 1 - Sputnik. Иҭахаз аспелиолог Павел Демидов иԥсыбаҩ Арбаикатәи аҳаԥы абжаранӡа иҭыргеит ҳәа аанацҳауеит "Спелеологи вконтакте".

Заанаҵтәи азыԥхьагәаҭарақәа рыла аԥсыбаҩ ҭыргараны иҟоуп цәыббра 1 аҩныҵҟала.

Аурыс спелеолог, акоманда "Перово-Спелео" алахәыла Павел Демидов дҭахеит Арбаикатәи акомплекс аҿы иҟоу макьана иҭҵаам ҳаԥык ахь данлыбаауаз.

Нанҳәа 23 рзы Демидов уи аҳаԥахьы ддәықәлеит иколлега Андреи Шумеико дицны. 305 метра аҵаулараҿы дшыҟаз ахаҳә гәалқәа иқәҳаит. Демидов урҭ рыҵыҵра илымшеит, Шумеико иакәзар иԥсы еиқәхеит.

Российские спелеологи  - Sputnik Аҧсны
Демидов иԥсыбаҩ Арбаика аҳаԥы аҭыгаразы аҩбатәи аетап иалагеит

Андреи Шумеико еиҭеиҳәеит Демидов дахьҭахаз аҳаԥы ҵыԥх, 200 метра рҟынӡа аҵаулараҟынӡа ишаадыртыз. Аспелеолог иажәақәа рыла, абри аҳаԥы Аԥсны мацара акәымкәа, адунеи аҿы зегь реиҳа иҵаулоу акәхар ауеит.

Нанҳәа 26 рзы Демидов иԥсыбаҩ аҳаԥы иҭыгара аоперациа иалагеит. Уи аоперациа иаразнак рҽаладырхәит Аԥсны АҶА аиқәырхаҩцәа, аоперациа хылаԥшра аиҭоит аминистр Лев Кәыҵниа.

Нанҳәа 29 рзы Павел Демидов иԥсыбаҩ ахаҳәқәа ирыҵырхит, сакасала аҳаԥы аҭыгаразы азыҟаҵарақәа ирылагеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0