Аԥсны имҩаԥысраны иҟоуп акультуратә фестиваль "Ауаҩы игыларҭа"

Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи акультуратә фестиваль "Ауаҩы игыларҭа" аиҿкааҩцәа ақәгәыӷуеит афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны уснагӡатәқәа жәпакы мҩаԥгахап ҳәа.

АҞӘА, цәыббра 3 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Фазиль Искандер ихьӡ зху VI Жәларбжьаратәи акультуратә фестиваль Аԥсны иаатраны иҟоуп жьҭаара 7 рзы ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит Фазиль Искандер ихьӡ зху  Жәларбжьаратәи акультура афонд аофициалтә хаҭарнак Ельвира Арсалиаԥҳа.

"Фазиль Искандер ихьӡ зху  VI Жәларбжьаратәи акультура афестиваль Аԥсны иаатраны иахьыҟоу жәабжь бзиоуп. Иара жьҭаарамза алагамҭазы иаартхоит. Иахьа, адунеи атәылақәа  рҳәаақәа анадыркуа аамҭазы афестиваль аимадаратә цҳақәа хнаҵоит. Уи афестиваль иамиссиа хаданы ишьоуп. Агәахәара ду ҳнаҭоит абри аамҭа уадаҩ азы  инарҭбааӡаны акәымзаргьы, афестиваль аартра ахьҳалшо, аҳәынҭқарра уи адгылара ахьанаҭо. Акультура аминистр, ақалақь ахада ҳарԥылеит. Иҟоуп аплан, афонд адиректор Шьазина Агрԥҳаи афестиваль акуратор Алексеи Шервашиӡеи еиҿыркааз. Ҳгәыӷуеит акоронавирус иадҳәаланы ԥынгылак ҳаурым ҳәа, афестивальгьы иарбоу аҿҳәаразы  иаартхап ҳәа", - лҳәоит лара.

Традициак аҳасаб ала афестиваль аатуеит жьҭаара 7 азы Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр аҿы, ауаԥс режиссиор Аслан Галазов иусумҭа "Чик ихәыҷра" арбарала.

Ельвира Арсалиаԥҳа лажәақәа рыла афильм аинтерес зҵоу акультуратә ҵакы амоуп.

"Даара ҳаигәырӷьоит афильм Аурыс драматә театр аҿы иахьдырбахо. Ари  иаразы иԥхьарбарахоит. Афильм ашьҭахь арежиссиори ахәаԥшцәеи реиԥылара мҩаԥысуеит", - ҳәа лҳәеит Фазиль Искандер ихьӡ зху  Жәларбжьаратәи акультура афонд аофициалтә хаҭарнак Ельвира Арсалиаԥҳа.

Фазиль Искандер, 1980 шш. - Sputnik Аҧсны
Аԥсуаа мацара даҳтәымызт: Фазиль Искандер изкны

Аҩбатәи амш азы аҳҭнықалақь ахадара алахәны астол гьежь мҩаԥгахоит. Ахԥатәи амш азы – Аҟәатәи ақәыԥшцәа рыҩнаҿы имҩаԥгахоит аиндаҭлара "Аҳа иалху аӡыхаа".

"Ҳәарада уаанӡа афестиваль амҽхак аҽакала иҟан, аха иахьатәи аамҭа аҽакуп. Ауадаҩрақәа ацуп. Иара ус шакәугьы афестиваль амҩаԥысра ҳаигәырӷьоит", - ҳәа лҳәоит Ельвира Арсалиаԥҳа.

Арсалиаԥҳа илҳәеит  Искандер ирҿиамҭақәа рыларҵәареиԥш афестиваль ишахықәку иҿыцу акы ацәыргарагьы.

"Ҳара аиҿкааҩцәа афестиваль ицәырнагаз  алҵшәақәа гәахәарыла ҳрышьклаԥшуеит. Убас, Искандер Сакаев иусумҭа "Алахь ҟьаҟьа" РУСДРАМ аҿы ауаа рацәа аднаԥхьалоит, Аԥсуа драматә театр аҿы Мадина Аргәынԥҳа лықәыргыламҭа "Ажьақәеи арқьымаҭқәеи" агастрольтә ԥсҭазаара аиуит, Ибрагим Чкадуа итрилогиа акәзар, Нхыҵ Кавказ  идырбан", - ҳәа лҳәоит лара.

Искандер  - Sputnik Аҧсны
Искандер диижьҭеи 90 шықәса аҵра иазку афестиваль мҩаԥысуеит Аҟәа

Фазиль Искандер ихьӡ зху  I Жәларбжьаратәи акультура афестиваль Аԥсны иаартын Самсон Ҷанба ихьӡ зху адраматә театр аҿы 2015 шықәса рзы афильм "Ҳшыбзиоу ҳаиԥырҵып" (Владимир Мотыль) ала.
Фазиль Абдул-иԥа Искандер диит хәажәкыра 6, 1929 шықәса рзы, Аҟәа. 1954 шықәса рзы далгеит А.М. Горки ихьӡ зху Алитературатә институт. Ҩышықәса рышьҭахь дхынҳәуеит Аԥсныҟа, Аҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа аԥсуа ҟәша аредакторс. 1956 инаркны иҩымҭақәа ркьыԥхьуан ажурналқәа: "Смена", "Неделя", "Костер", "Сельская молодежь" уҳәа рыҟны. Раԥхьатәи иажәеинраалақәа реизга "Горные тропы" ҭыҵит 1957 шықәса рзы Аҟәа. 1966 шықәса рзы ажурнал "Новый мир" аҟны икьыԥхьын аповест "Созвездие Козлотура".

Искандер ирҿиамҭақәа ирылукаартә иҟоуп ароман "Сандро Чагьамтәи" (1973-1988, автобиографиатә ҩымҭа), аепос " Чик ихәыҷра", аповест "Ажьақәеи арқьымаҭқәеи", аессе-диалог "Урыстәыла иазхәыцуеи америкауаҩи", аповестқәа "Ауаҩи уи икәша-мыкәшеи", "Апоет", "Ауаҩы игыларҭа", "Софичка", ажәабжьқәа "Геракл ажәахатәи ифырхаҵара", "Алагамҭа" уҳәа егьырҭгьы.
Искандер иажәабжьқәеи иповестқәеи еиҭагоуп шамахамзар европатәи абызшәақәа зегь рахь.

Ажәабжьқәа зегьы
0