Искандер диижьҭеи 90 шықәса аҵра иазку афестиваль мҩаԥысуеит Аҟәа

© Sputnik / Владимир Астапкович / Амедиаҵәахырҭахь аиасраИскандер
Искандер  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Фазиль Искандер ихьӡ зху V Жәларбжьаратәи акультура афестиваль "Ауаҩы игыларҭа" мҩаԥысуеит Аҟәа, абҵара 25 -26 рзы.

АҞӘА, абҵара 25 – Sputnik. Фазиль Искандер игәалашәара иазку V Жәларбжьаратәи акультура афестиваль "Ауаҩы игыларҭа" мҩаԥгахоит Аҟәа, абҵара 25 -26 рзы.

Афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны РУСДРАМ аҿы имҩаԥысуеит Ибрагим Чкадуа идокументалтә трилогиа "Мышктәи аԥсҭазаара ма Фазиль Искандер" ахԥатәи ахәҭа аԥхьарбара.

Фазиль Искандер, 1980 шш. - Sputnik Аҧсны
Аԥсуаа мацара даҳтәымызт: Фазиль Искандер изкны

V Жәларбжьаратәи акультура афестиваль "Ауаҩы игыларҭа"апрограмма:

Абҵара 25 асааҭ 15:00 рзы Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ацәыргақәҵатә зал аҿы иаадыртуеит афотоцәыргақәҵа "Фазили уи икәшамыкәшеи", арежиссиор Ибрагим Ҷкадуа;

Абҵара 25 асааҭ 19:00 рзы Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр аҿы – адокументалтә трилогиа "Мышктәи аԥсҭазаара ма Фазиль Искандер" аҵыхәтәантәи ахәҭа аԥхьарбара;

Абҵара 26 асааҭ 12:00 рзы амшын аԥшаҳәаҿы афестиваль алахәылацәа аевкалиптҵлақәа еиҭарҳауеит.

Абҵара 26 асааҭ 16:00 рзы Аҟәатәи Ақәыԥшцәа рыҩны аҟны Фазиль Искандер иҩымҭақәа рҟынтәи ахәыҷтәы сахьа аконкурс "Аҳатәы шәырӡ";

Фазиль Абдул-иԥа Искандер диит хәажәкыра 6, 1929 шықәса рзы, Аҟәа. 1954 шықәса рзы далгеит А.М. Горки ихьӡ зху Алитературатә институт. Ҩы-шықәса рышьҭахь дхынҳәуеит Аԥсныҟа, Аҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа аԥсуа ҟәша аредакторс. 1956 инаркны иҩымҭақәа ркьыԥхьуан ажурналқәа: "Смена", "Неделя", "Костер", "Сельская молодежь" уҳәа рыҟны. Раԥхьатәи иажәеинраалақәа реизга "Горные тропы" ҭыҵит 1957 шықәса рзы Аҟәа. 1966 шықәса рзы ажурнал "Новый мир" аҟны икьыԥхьын аповест "Созвездие Козлотура".

Искандер ирҿиамҭақәа ирылукаартә иҟоуп "Сандро из Чегема" (1973-1988, автобиографиатә ҩымҭа). Искандер иажәабжьқәеи иповестқәеи еиҭагоуп шамахамзар европатәи абызшәақәа зегьы рахь.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0